Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Џьениа афотоеицлабра "Абхазия в фокусе" азы: хҭыс бзианы иҟалеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВиталий Джения
Виталий Джения - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.05.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа рхеилак ахантәаҩы, афотоеицлабра "Абхазия в фокусе" аӡбаҩ Витали Џьениа арадио Sputnik аефир аҿы аицлабра аҵакы далацәажәеит, иҳәеит ацәыргақәҵахь инагаз аусумҭақәа шалырԥшаауаз.
Џьениа афотоеицлабра "Абхазия в фокусе" азы: хҭыс бзианы иҟалеит

Иахьа Аҟәа Ацәыргақәҵатә зал хадаҟны иаатуеит жәларбжьаратәи афотоконкурс "Абхазия в фокусе" аҟны инагаз иреиӷьӡо аусумҭақәа рцәыргақәҵа.

"Даара иссирыз аусумҭақәа ыҟан, уаҩы игәы иаахәаратәы. Рыла иааҵашәо зегьы ҭырхуа акәымкәа, иазхәыцны. Ауаҩы иибо заку еилкааны афото анҭихуа, иара иԥсабара, аҩныҵҟатәи идоуҳатә культура инаҭо рацәоуп. Асиужетқәа рыԥшаауан - аԥсабара абзиабара, Аԥсны ҳадгьыл иамоу абеиара рацәаны иаазырԥшыз ыҟан, убри аҟнытә уи хҭыс бзианы иҟалеит. Алҵшәа бзиа ҳаԥхьаҟа иаиуроуп. Ас еиԥш ацәыргақәҵа ҳаԥсабара аԥшӡара узырбо, иаауа асасцәа рыдагьы ара инхогьы ирымбац, иаҳа гәыбылрак рнаҭоит, аԥсабара пату ақәырҵартә еиԥш аҭагылазаашьа рнаҭоит", - еиҭеиҳәеит Џьениа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0