Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Аҩӡбеи Ҷкотуеи ахәыҷы иааӡара иазкны

© SputnikМикрофон
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.05.2021
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратә усзуҩы Октаи Ҷкотуа, аетнолог Виктор Аҩӡба арадио Sputnik аефир аҿы иахьатәи аамҭазы ахәыҷы иааӡара иадҳәалоу апроблемақәа рзы ргәаанагара рҳәеит.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Аҩӡбеи Ҷкотуеи ахәыҷы иааӡара иазкны

"Ԥсыуала дааӡоуп анырҳәоз, уи еиуеиԥшым ахәҭақәа рыла ишьақәгылоз ааӡаран. Ари аус иарбан ҭаацәаразаалакгьы аҿы аамҭа рацәа ақәдырӡуан. Аԥсуаҵас дааӡаӡам ззырҳәоз ҳара ҳдунеихәаԥшьышьа, ҳҵас иақәымшәо еилкаарала зхы мҩаԥызго иакәын. Ааӡара аԥхьа ахы ахьакуа аҭаацәа рҿоуп. Аха ари аус аҿы зегьы еиԥшны ирықәҿиом. Ахәыҷқәа аҭаацәа рҿы ирмоуз ааӡара иахҟьаны анаҩс дара рхы иаҭәаршьоит ишакәым ахымҩаԥгашьа. Иахьа атехнологиатә ҿыцрақәа ирыхҟьаны ахәыҷқәа рхы иақәиҭцәахеит, ахылаԥшра рмоуашәа иҟалеит", - ҳәа азгәеиҭеит Аҩӡба.

Ауаажәларратә усзуҩ Октаи Ҷкотуа игәаанагарала, ахәыҷы иааӡараҿы иахьа атехнологиақәа амч ду рымоуп.

"Ауаҩы иааӡара игенетикатә код ала иалагоит. Нас аҭаацәа, анаҩс адәы, ауааԥсыра, аҳәынҭқарра. Иахьа урҭ ирыцлеит атехнологиақәа. Уи егьырҭ зегьы раасҭа амч аманы иҟалеит. Иара дыргәылоуп асоциатә ҳақәа. Урҭ роуп дзааӡогьы. Ҳапроблемақәагьы уи ауп изыдҳәалоу", - ҳәа азгәеиҭеит Ҷкотуа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0