Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Барцыц араионқәа рекономика-географиатә хҳәаа аус азы: ихадароу зҵаароуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЛевард Барциц
Левард Барциц - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.05.2021
Анапаҵаҩра
Аекомикеи азини ринститут аҭҵаарадырратә усзуҩ Леуард Барцыц арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсны араионқәа рекономика-географиатә хҳәаа иаҵанакуа, уи аус аҭҵаара феидас иалоу атәы.

Мышқәак раԥхьа Гал араион ахадараҿы имҩаԥысит араион ахадареи Аԥсны Аекономикеи азини ринститут ахаҭарнакцәеи реиԥылара. Аҵарауаа хықәкыс ирымоуп Гал араион аҟны аекономика-географиатә хҳәаа азырхиара. Изызкуи ари аус, знапы алакыда, араионқәа зегьы аиԥш зеиԥшу акартографиа рымазароума? Абри атәы арадио Sputnik аефир аҟны иалацәажәеит Аекономикеи азини ринститут аҭҵаарадырратә усзуҩ Леуард Барцыци Очамчыра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Артемон Габелаиеи.

 

Барцыц араионқәа рекономика-географиатә хҳәаа аус азы: ихадароу зҵаароуп

"Иахьа аекономика, аҳәынҭқарра ҳанрылацәажәо иҟоуп хԥа-ԥшьба зҵаара, убарҭ ирхадоуп Аԥсны аҳәаа аҩнуҵаҟа иҟоу араионқәа, ақыҭақәа, аҳаблақәа рҳәаақәа, насгьы Валери Кәарҷиеи Таҷ Гыцбеи ҳтопонимика иадҳәаланы иҟарҵаз русумҭақәа ахсаалақәа рҟны иарбаны, ишахәҭоу еиԥш ԥсышәала ҳалацәажәо, иҭҵааны ҳганаҟны иҟоу аҳәынҭқаррақәа ирыдаагалартә. Ҳҳәаақәа ҟамлакәа, Аԥсны аҩнуҵаҟа аекономика алацәажәара акыр иуадаҩуп. 30 шықәса иреиҳауп, Аԥсны агеографиа аганахьала инҭкааны иарбан усзаалак инагӡаны иҭҵаауп, ишьақәыргылоуп ҳәа ҳҳәартә иҟам. Абри 1997 шықәсазы иҟаҳҵаз ахсаала анаҩс аҭҵаарақәа даара имаҷуп. Гал араион ала ҳалагеит, избанзар егьырҭ раасҭа имаҷны иҭҵаауп, аҭагылазаашьа иаҳа иуадаҩуп. Иахьазы ҩышә иреиҳаны аҭыԥхьыӡқәа еиҭашьақәыргыланы ахсаалаҟны иарбатәуп", - иҳәеит Барцыц.

 

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара аудиофаил аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0