Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Габуниа ашәҟәы "Жәандәрыԥшьаа" азы: аҩбатәи ахәҭа ҭҳажьуазаргьы, аматериал ҳамоуп

© Foto / предоставлено Джумой Габуния Джума Габуния
Джума Габуния - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.05.2021
Анапаҵаҩра
"Жәандәрыԥшьаа" - абас ахьӡуп Жәандәрыԥшь иалҵыз еиуеиԥшым аамҭақәа рзы зҽалызкааз аҵеицәа ртәы зҳәо ааигәа иҭыжьыз ашәҟәы. Уи авторцәа руаӡәк Жәандәрыԥшьтәи абжьаратә школ адиректор Џьума Габуниа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ашәҟәы аҭыжьра шыҟалаз, ианылаз атәы.
Габуниа ашәҟәы "Жәандәрыԥшьаа" азы: аҩбатәи ахәҭа ҭҳажьуазаргьы аматериал ҳамоуп

Ашәҟәы "Жәандәрыԥшьаа" авторцәас иамоуп Жәандәрыԥшьтәи абжьаратә школ адиректор Џьума Габуниеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аҳәынҭқарратә музеи афонд аиҳабы, ажурналист Гәыгәыца Џьыкырԥҳаи. Ашәҟәы 1000 цыра ҭыжьуп.

"Ашәҟәы хәҭа-хәҭала иаҳшеит. "Аԥсуаа рышәҩык" иалаз Жәандәрыԥшьаа 12-ҩыки "Кьараз" иалаз 67-ҩыки хәҭак аҟны иаҳарбеит, аҩбатәи аҟны - 1936 инаркны 1940 шықәсанӡа харада ахара здырҵаз Жәандәрыԥшьаа 21-ҩык иалкааны иҟаҳҵеит, ахԥатәи ахәҭаҟны – Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан иҭахаз 85-ҩыки аибашьра иалҵны иааз 71-ҩыки аҳарбеит, ашәҟәы аԥшьбатәи ахәҭаҟны 1992-1993 шықәсқәа раан иҭахаз 31-ҩык рнысымҩа аҳарбеит. Ахәбатәи ахәҭанҟы "Жәандәрыԥшьаа ргәадура" ҳәа абыргцәа бзиақәа иҟаз аҵарауаа, аҟазара, акультура, аҳәынҭқарратә ус знапы алакыз зегьы аԥхьаҩ иҟынӡа инаҳгартә ианаҳҵеит", - иҳәеит Габуниа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара аудиофаил аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0