Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Шәлымба еиҭеиҳәеит Ԥсҳәыҟа апассаџьыртә транспорт адәықәҵара азҵаара аус шадыруло

© Sputnik / Томас ТхайцукЛеонид Шулумба
Леонид Шулумба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.05.2021
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи автобустә парк аиҳабы Леонид Шәлымба арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит Ԥсҳәыҟа апассаџьыртә транспорт ҩаԥхьа абжьаҵаразы Аҟәа араион ахадара азҵаара аус шадыруло, дырзааҭгылеит иҟоу ауадаҩрақәа ртәы.
Шәлымба еиҭеиҳәеит Ԥсҳәыҟа апассаџьыртә транспорт адәықәҵара азҵаара аус шадыруло

"Шәара шәеиԥш саргьы даара сгәы иахәеит уахь (Ԥсҳәыҟа - аред.) атранспорт андәықәаҳҵа. Уи атранспорт Аҟәа араион ахадара амчала иаахәан, дара рбаланс аҟны иҟоуп. Ҳара ацхыраара ҟаҳҵеит уи ныҟәызцо иганахьала, атехникатә ҭагылазаашьа аганахьала ишахәҭоу ҳацныҟәеит, аха Ԥсҳәыҟа амҩа даара иҷыдоуп, ишәарҭоуп, уи амҩангага хәыҷык иманшәалам. Ауаа ашәарҭара иҭанаргыло анаҳба, ҳаилацәажәан, ҳаҟәыҵит (ауаа рымҩангара - аред.), избанзар амашьына хышәҭыр ҟалон. Абри атранспорт аныргоз, хәыҷык азҿлымҳара аҭахын, ирызгәамҭаӡеит иамоу гхақәак. Амашьынаныҟәцаҩ уи нап адикылеит, аха уи иагқәоу имч ақәхом. Уажәы Аҟәа араион ахадара рымчала атранспорт аиқәыршәара иаҿуп, ҳгәыӷуеит хара имгакәа еиқәдыршәоит ҳәа. Ишеиқәдыршәалак еиԥш, идәықәаҳҵоит, аха уи атранспорт акзаҵәык ала ауаа рымҩангара узышьақәыргылом, излауԥсахуагьы ак умазароуп. Ари техникоуп, акы амыхькәа иҟалом, инеивыга-ааивыго идәықәуҵароуп, излаупсахуа умазароуп", - иҳәеит Шәлымба.

Раԥхьатәи апассаџьыртә реис Аҟәа-Псҳәы бжьаҵан ԥхынгәы 7, 2020 шықәсазы.

Автомашьына ГАЗ Аҟәа ахадара рымчала иаахәан миллион мааҭк ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0