Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аршба Аԥсны аганахьала Америка иҟанаҵаз ақәыӷәӷәаразы: ҳахьцалакгьы шьаԥҿаршә ҳарҭоит

© Sputnik / Марианна Кубрава Валерий Аршба
Валерий Аршба - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.06.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны амилаҭтә Аолимпиатә хеилак апрезидент Валери Аршба арадио Sputnik аефир аҿы Хабиб Нурмагомедов Аԥсныҟа имаара зыхҟьаз ақәыӷәӷәара ахҳәаа ҟаиҵеит.
Аршба Аԥсны аганахьала Америка иҟанаҵаз ақәыӷәӷәаразы: ҳахьцалакгьы шьаԥҿаршә ҳарҭоит

Хабиб Нурмагомедов Аԥсны изыԥшын рашәара 1 Жәларбжьаратәи ахәыҷқәа рыхьчара амш азы Аҟәа астадион "Динамо" аҟны аҟазаратә-класс мҩаԥигоит ҳәа. Иазгәаҭан иара арахь даауеит ҳәа атәы шеибырҳәаз Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи иареи ҭелла реицәажәараан.

Еицырдыруа аспортсмен арахь дааӡом Еиду Америкатәи аштатқәеи Қырҭтәылеи иганахьала иаадырԥшыз ақәыӷәӷәара иахҟьаны. Урҭ мақарит Нурмагомедов имоу америкатәи авиза шаԥырхуа, UFC аҟны испорттә ус ишаԥырхагахо, Еиду Америкатә аштатқәа рҿы иконтрактқәа шԥыржәо, абарҭқәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы.

"Ақырҭуа политикцәа ирыхҟьаны аспортсмен Аԥсныҟа иаара алмыршахеит. Аолимпиатә комитет алахәылацәа зегьы иақәыӡбеит ари ахҭыс. Ақырҭуа аолимпиатә комитет ахь ашәҟәы ҳаҩит иаҳҟәаҵырц, избанзар, аспорт аганахьала ҳахьцалакгьы шьаԥҿаршә ҳарҭоит", - еиҭеиҳәеит Аршба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0