Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Дочиа Тҟәарчал аԥшасраан зхыб ахнахыз аҩнқәа рҭагылазаашьа иазкны

© Sputnik / Томас ТхайцукИсидор Дочия
Исидор Дочия - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.06.2021
Анапаҵаҩра
Тҟәарчал араион ахада Исидор Дочиа арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит амшцәгьақәеи аԥшасрақәеи раан аԥхасҭа зауз ахыбқәа реиҭашьақәыргылара аус ахьынӡанагоу атәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Дочиа Тҟәарчал аԥшасраан зхыб ахнахыз аҩнқәа рҭагылазаашьа иазкны

"Ашықәси ашықәси рыбжьара ас еиԥш аԥшасра иахҟьаны аҩнқәа рхыбқәа ахнашәоит. Анцәа иџьшьаны, ауаа ааха рмоуит, иаҳа иахьныҟәо, рыԥсы ахьыршьо Ахақәиҭра амҩаду аҟны ауп аҩны ахыб ахьахнашәаз. Тҟәарчал амшцәгьақәа ирыхҟьаны иахьа аҩны ахыб абжеиҳарак рхиоуп ахыбразы, егьи ихнашәаз, инхаз ықәуп макьана. Амшқәа иҳарҭар, ҳазҭоу амчыбжь нҵәаанӡа маҷ-маҷ хәҭа-хәҭала аҩны хыбхоит. Егьи амҩаду аҟны игылоу аҩны ажәытә шифер акәын иақәыз, уи асмета аҟаҵара ҳаҿуп, иара зегьы иреиҳау ҩнуп ақалақь аҟны - 80 метра инацны иҟоуп. Убри аҟынтә иагьыхьанҭоуп аҟаҵара, жәба-жәаба миллион мааҭ рҟынӡа агар алшоит. Уи аҩны ҵыԥхгьы аԥшасраан маҷк ааха аиухьан, усҟан ақалақь амчала иӡбан азҵаара. Аԥыза-министр иҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп игәцаракны ари азҵаара ахаҵгылара ахьеиҭаз", - иҳәеит Дочиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара аудиофаил аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0