Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Берзениа Ӷәымрышь амҩеи афымца ахаҭабзиареи ирызкны

© Sputnik / Томас ТхайцукБеслан Берзения
Беслан Берзения - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.06.2021
Анапаҵаҩра
Тҟәарчал араион Ӷәымрышь ақыҭаҟны амҩа аиҭашьақәыргылареи, афымца ахаҭабзиара аиӷьтәреи рзы имҩаԥырго аусурақәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ақыҭа ахада Беслан Берзениа.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Берзениа Ӷәымрышь амҩеи афымца ахаҭабзиареи ртәы

"Ақыҭамҩаҟны аҭыжаарақәа рырҽеиразы араион ахада абылтәы наишьҭын 10-15 машьына ахаҳә ҭарԥсеит. Убасгьы араион ахадареи "Амшынеиқәафымцамч" Тҟәарчалтәи аҟәша аиҳабы Вахтанг Харчлааи ацхыраара ҟарцеит афымцамч азҵаараҟны. Атрансформаторқәа ҩба аарышьҭын, акы ықәҳаргылеит, егьи азы адаҷ иазыԥшуп иаҿаркырц азы. Амҩа иҭаԥсоу абӷанҷ азхом, араион ахада Исидор Дочиа ажәа ҳаиҭеит иаарласны амҩатә ҭыжаарақәа рзы ҩ-машьынак акаҭран шаарышьҭуа. Амшқәа анбзиахо иазыԥшызар акәхап, ҳаргьы ҳаԥшуп. Анхацәа ианрыласҳәа еигәырӷьеит, аҭыжаарақәа рҟны акаҭран напыла иҟаҳҵоит, убасгьы уи зыриашо амашьына Актәи Гали ҳареи ак ҳамоуп, ҳаицхырааны иҟаҳҵоит. Афымцалашара аҭагылазаашьа аӡын даара иуадаҩын, 13 ҭӡы ауанҭагьы рзаҿакуамызт", - азгәеиҭеит Берзениа.

Шәазыӡырҩы аудио.

Ажәабжьқәа зегьы
0