Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аԥсны еицырдыруа ахьыӡқәа: раԥхьатәи аԥсуа драматург Самсон Ҷанба иҭоурых иазкны

© Sputnik / Томас ТхайцукНодар Чанба
Нодар Чанба - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.06.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны раԥхьаӡатәи апрофессианалтә театр аԥҵараҿы злагала рацәоу Самсон Ҷанба диижьҭеи 135 шықәса ҵит. Жәлар рартист Нодар Ҷанба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит раԥхьатәи аԥсуа адраматург иҭоурых.
Аԥсны еицырдыруа ахьыӡқәа: раԥхьатәи аԥсуа драматург Самсон Ҷанба иҭоурых иазкны

Самсон Ҷанба – ауаажәларратә усзуҩы, ашәҟәыҩҩы, аҧсуа драматургиа ашьаҭыркҩы. Дыҩуан иара ҧсышәалагьы урысшәалагьы. Иҩымҭақәа цәырҵуа иалагеит агазеҭ "Аҧсны" адаҟьақәа рҿы 1919 шықәса рзы. Еиуеиҧшым ашықәсқәа рзы С. Ҷанба аус иуан: Аҧсны ацентртә нагӡаратә комитет (ЦИК) ахантәаҩыс (1923 - 1930), аҵаралашара жәлар ркомиссарс (1921 - 1925), Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩыс (1934 - 1937), агазеҭ "Аҧсны ҟаҧшь" редакторс. Ҷанба инапы иҵижьыз иреиуоуп: аромантикатә поема “Ашьха ҭыҧҳа”(1919), раҧхьатәи аҧсуа драма “Амҳаџьырқәа”(1920), “Аҧсны Ҳаным”(1923), “Ажәытәра иагаз” (1929) уҳәа убас егьырҭгьы. Идраматә ҩымҭақәа аҧсуа милаҭтә драматургиаҿ иауасхырны иҟалеит. Иповест “Сеидыҟ”(1934) – аҧсуа прозаҿы акыр зҵазкуа раҧхьатәи рҿиамҭаны иҧхьаӡоуп. С. Ҷанба иара убас еиқәиршәеит “Аҧсны агеографиа” (Аҟәа, 1925). Далахәын 1929ш. рзы иаҧҵаз раҧхьатәи апрофессионалтә аҧсуа театр аиҿкаара.

Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0