Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Езыгәба Гәылрыԥшь хылаԥшрада арахә рырҳәразы: зыӡбара мариамхаз зҵаароуп

© Foto / предоставил Алиас ЕзыгубаАлиас Езыгуба
Алиас Езыгуба - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.06.2021
Анапаҵаҩра
Ареспубликатә мҩаду хылаԥшрады иану арахәи, Гәылрыԥшь аҳаблақәа рҟны рырҳәра иаҿагылоз ақәҵара ианагӡашьоуи ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит араионтә еизара адепутат Алиас Езыгәба.
Езыгәба Гәылрыԥшь хылаԥшрада арахә рырҳәразы: зыӡбара мариам зҵаароуп

Гәылрыԥшь араионтә еизара ҵыԥхтәи рықәҵара инақәыршәаны азин ыҟам Агәыӡера, Гәылрыԥшь аҳаблақәа, иара убасгьы ареспубликатә мҩаду аҿықәқәа рҿы арахә рырҳәра. Ақәҵара аилагараан иазгәаҭан арахә ахкаара рҭацалара, аԥшәмацәа ахараԥса рықәҵара.

"Ԥасатәи аизара иаднакылеит ари ақәҵара. 2011 шықәсазы Гәылрыԥшь араион ахадара аизарахь ашәҟәы нарышьҭит ари азҵааразы, насгьы ирыдыркылеит ақәҵара. Уи ишаҳәоз ала Гәылрыԥшь араион аҟны арахә рырҳәра мап ацәкызар акәын Кьалашәыри Кәыдри аӡиасқәа рыбжьара. Ақәҵара раԥхьа еилазгоз 2 500 мааҭ ахараԥса рықәын, аҩынтәраан еилазгоз ҩынтә еиҳаны ирықәырҵон, акырынтә еилазгоз рырахә ҭаркуан. 2020 шықәсазы ари ақәҵара дырҿыцит, избанзар арахә зааӡоз аиҳараҩык тәанчара ицаз роуп, рфинанстә ҭагылазаашьа инақәыршәаны ахараԥса рызшәомызт. Уи инақәыршәаны ахараԥса дырмаҷит, азҵаара ахылаԥшра Гәылрыԥшь аизара акомиссиа ашҟа ирырҭеит, анагӡара администрациеи амилициа аусзуҩцәеи . Еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны ақәҵара аус азымуит иахьа уажәраанӡагьы", - иҳәеит Езыгәба.

Убри аан иазгәеиҭеит азҵаара аӡбара аҭахны ишыҟоу.

Шәазыӡырҩы аудио.

Ажәабжьқәа зегьы
0