Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ануеи Габелиеи аҳцәа рчымазара иазкны

© SputnikКонстантин Ануа и Беслан Габелия
Константин Ануа и Беслан Габелия - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.07.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа ҳҿы ана-ара иуаҳауеит "аҳцәа иҭоуп" ҳәа ззырҳәо ачымазара аӡбахә. Уи изакәытә чмазароу атәы алацәажәаразы арадио Sputnik аефир аҿы ргәаанагарақәа еибырҳәеит аҳақьым-апсихиатор Константин Ануеи иара убас уи ачымазара зхызгахьоу, аҳцәа зҭаахьоу Беслан Габелиеи.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ануеи Габелиеи аҳцәа рчымазара иазкны

"Сара уи ачымазара даара ицәгьаны исхызгеит. Аԥхьа ианысзымдыруаз, Аԥсны ҳақьымк дыҟазар даанҳмыжьит, анаҩс Краснодартәи атәылаҿацә ахь ҳагеит, аха аҵыхәтәаны, ҳгәылара иара зхызгахьоу аԥҳәыс "абри аҳцәа иҭаазар ҟалап" анылҳәа, ҳадҵаалеит. Ус иагьыҟан. Сара амра сызцәгылаӡомызт, сцәа схысхуан, ишу сзыфаӡомызт, аидара сзышьҭыхӡомызт, аҵаара змоу сзыфаӡомызт. Ижәны иҟоу аӡәы ҳашҭа дҭалар, сыштәо аҵәыуара салагон, исыхьыз сзымдыруа. Аҭаацәараҿы аимак-аиҿак аныҟалоз, ма саб иаӷьны данцәажәоз, ижәны данааиуаз, сыштәаз иаразнак аӡәы ҟамчыла сипҟазшәа сцәа-сжьы иҟаԥшьӡа аӷазқәа анылон, аҭӡамц скыдлан сцо аҟынӡа снанагон. Иҟан амшқәагьы, аҩны ашә еимԥааны абнахь сыбналан санцоз. Аӡахьы исҭахын, еснагь аӡахьы исҭахын. Анаҩс ишеилыскааз ала, дара аҳцәа ахкқәа рацәаны иҟазаап. Сара исҭаан иҟаз аӡы аҳцәа ракәын", - ҳәа еиҭеиҳәеит Габелиа.

Аҳақьым-апсихиатр иажәақәа рыла, аҳцәа рчымазара ҳәа изышьҭоу адунеи ахьынӡанаӡааӡо иҟаӡам иахьазы.

"Уи ачымазара ҟалар аҵкыс, аибашьра иалагар иаҳа еиӷьуп. Уи чымазара бааԥсуп, уи зыхьны иацәынхаз маҷуп", -  иҳәеит иара.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0