Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Ҭарба ақыҭанхамҩа аҿиара иадҳәалоу апроектқәа ртәы

© Sputnik / Томас ТхайцукАстамур Тарба
Астамур Тарба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.07.2021
Анапаҵаҩра
Жәлар реизара адепутат, ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма иаҵанакуа апроектқәа алзкаауа акомиссиа ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ҭарба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ирзынашьҭу реиҳарак хадаратәла изызку.
Ҳра злоу ахҭысқәа: Ҭарба ақыҭанхамҩа аҿиара иадҳәалоу апроектқәа ртәы

Ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны апроектқәа ралкаара иаҿуп акомиссиа. Урҭ апроектқәа арахәааӡара, аҵиааӡара, ашәырааӡара уҳәа ирызкуп, абиуџьет аҟынтәи шә-миллион мааҭ рзоужьра азгәаҭоуп. Акомиссиа аҩбатәи аилатәара мҩаԥган ԥхынгәы ҩба рзы.

"…Ақыҭанхамҩа аминистррахь 140 инацны арзаҳалқәа рыдыркылеит, ажәлар ажәалагалақәа ҟарҵеит апроектқәа рзы. Мызкы хәыҷык инацны иҵуазар ҟалап акомиссиа аԥхьатәи аилатәара мҩаԥысеижьҭеи. Уи аҟны акомиссиа аусушьа шьақәырӷәӷәан, гәыԥ-гәыԥла алахәцәа шаны араионқәа рҟынтәи иҳадаргалаз апроектқәа аҭыԥаҟны рыҭҵаара азгәаҭан, ауаа хаҭала рацәажәара, актқәа харҭәааны акомиссиа адгалара. Аилатәараҟны апроектқәа реилыхра ҳаҿын апрограмма иақәшәо иақәымшәо ҳәа. 104 проект ҳрыхәаԥшит акомиссиа аилатәараҟны, 85 рҟынӡа алаҳхит, акомиссиа егьи аилатәараҟны ҳазхәаԥшраны иҟоу ҳәа…аиҳарак апроектқәа арахәааӡареи акәтааӡареи ирызкуп. Убри аан ус еиԥш апроектқәа 11 миллион мааҭ роуп ирзоужьу, зегьы ҳзҭагӡаӡом. Ԥсыхәас иаҳҭо ашәырааӡара иадҳәалоу апроектқәа рзы иарбоу аԥара иахашәало арахь аиагаразы аҳәара ҟаҳҵарц ауп", - иҳәеит Ҭарба.

Иара иазгәеиҭеит ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма иаҵанакуа апроектқәа 90 миллион мааҭ шырзоужьхо, 10 миллион мааҭ аҵиаақәа рыхәшәтәразы иаҭаху ахәшәқәа.

Аиҿцәажәара иаҳа инеиҵыхны аудиофаил аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0