Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Абҳазоу алитературатә еицлабрақәа рзы: ҳартистцәа ирыҵамхо абаҩхатәра аадырԥшуеит аҿар

© SputnikВахтанг Абхазоу
Вахтанг Абхазоу - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.07.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Абҳазоу арадио Sputnik аефир аҿы Миха Лакрба иҩымҭақәа ирызку алитературатә еицлабра аихшьалақәа ҟаиҵеит.
Абҳазоу алитературатә еицлабрақәа рзы: ҳартистцәа ирыҵамхо абаҩхатәра аадырԥшуеит аҿар

Иналукааша аԥсуа шәҟәыҩҩы Миха Лакрба диижьҭеи 120 шықәса аҵра аҳаҭыр азы иновеллақәа ҿырҳәала рыԥхьаразы Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аԥшьгарала ирылаҳәан онлаин-конкурс.

Миха Лакрба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.01.2021
Аламыс азышәаҳәаҩ: Миха Лакрба диижьҭеи 120 шықәса ҵит

Алитературатә еицлабрақәа аҳәынҭқарратә бызшәа арҿиара иацхраауеит ҳәа ҳахәаԥшуеит, аԥышәаҿы ус иагьаабоит ҳәа азгәеиҭеит Абҳазоу арадиоефир аҿы.

"Апроза ианаԥхьо акәым, ажәеинраала ианаԥхьо, ҳәарада, арҿиара знапы алаку еилаҳкаауеит, ахәыҷы абызшәа ахьынӡаидыруа. Апроза аԥхьараан еиҳагьы еилукаауеит абызшәа ахьынӡаидыруа. Абызшәа иԥсыҽны издыруа апроза аԥхьашьа имам, уа ҳәоуцыԥхьаӡа иааԥшуеит агхақәа. Аицлабра зҽалазырхәыз зегьы рхатәы бызшәа даараӡа ибзианы издыруа роуп. Ҳәарада, ҳконкурсқәа хықәкыс ирымоу абызшәа аларҵәареи, ахархәара арҭбаареи, асахьаркыратә литература аԥхьареи агәыбылреи дыркра ауп. Ҳәарада, ари зегьы ҳдоуҳатә культура аҿиароуп изызку", - ҳәа еиҭеиҳәеит Абҳазоу.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0