Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Гәынба аоператә фестиваль "Opera Viva" иазкны

© Sputnik / Томас ТхайцукАдамыр Гунба
Адамыр Гунба - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.07.2021
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 9 рзы Аҟәа Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа имҩаԥгахоит жәларбжьаратәи аоператә фестиваль "Opera Viva". Уи аиҿкаашьеи апрограмма ашьақәгылашьеи ртәы арадио Sputnik аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны акультура аминистрра аҟазареи акультуреи рыҟәша аиҳабы Адамыр Гәынба.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Гәынба аопертә фестиваль "Opera Viva" иазкны

"Ари раԥхьаӡатәи аоператә фестиваль ауп, акультура аминистрра аплан инақәыршәаны еиҿкаауп. Иара амҽках даара иҭбаауп. Иадԥхьалоу артистцәа рхыԥхьаӡарагьы даара ирацәоуп", - азгәеиҭеит Гәынба.

Сынтәатәи афестиваль изкуп еицырдыруа италиатәи акомпозитор Џьоаккино Россини, иадырҳәараны иҟоуп ԥсра зқәым иара иаԥҵамҭақәа.

Афестиваль апрограмма иалахәуп Аԥсни Урыстәылеи рмузыкантцәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы: Аԥсны Аҳәынҭқарратә камертә оркестр, Аԥсны Аҳәынҭқарратә хортә капелла, Адыгеиатәи Ареспублика Аҳәынҭқарратә симфониатә оркестр, Вадим Судаков ихьӡ зху Москватәи Аҳәынҭқарратә капелла ахкынагӡаҩцәа, иара убас еицырдыруа ахкынагӡаҩцәа Нана Черқьезиаԥҳа, Алхас Ферзба, Екатерина Богачева, Иулиа Почкалова, Иури Ростоцки, Владимир Казаков.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0