Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Қәҭелиа адырраҭара "Умники и умницы" аԥсуа хәыҷқәа ралахәхаразы: традициахап ҳәа ҳгәыӷуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Кутелия
Аслан Кутелия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.07.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәыла актәи аканал аҿы еиҿкаау ателехәаԥшратә гәыҳалаларатә олимпиада "Умницы и умники" аԥснытәи аҵаҩцәа алахәхара шрылшо, иарбан ԥышәарақәоу урҭ зхысуа атәы еиҭеиҳәеит Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра ауаажәларра рымадараз аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа.

Урыстәыла актәи аканал аҿы еиҿкаау ателехәаԥшратә гәыҳалаларатә олимпиада "Умницы и умники" Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы Москватәи аҳәынҭкарратә университет аҭалараз аицлабрақәа ирыхнажьуеит ашкол аушьҭымҭацәа. Уи аҩыза алшарақәа рзаатит аԥснытәи ашколхәыҷкәагьы. Уажәы Аԥсны алԥшааратә еицлабрақәа актәи ретап хыркәшахеит. Шаҟаҩы ироуада ашанс ари адырраҭара алахәхаразы, насгьы иарбан ԥышәарақәоу изхысуа атәы еиҭеиҳәеит Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра ауаажәларра рымадараз аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа.

Қәҭелиа адырраҭара "Умники и умницы" аԥсуа хәыҷқәа ралахәхаразы: традициахап ҳәа ҳгәыӷуеит

"…Иахьазы адырраҭара "Умники и умницы" ахь иҳашьҭыр ҳалшоит хҩык ажәабатәи акласс аҵаҩцәа. Рашәара 24 рзы имҩаԥган аицлабра актәи ахәҭа, аурыс бызшәеи алитературеи рзы, иара убас Аԥсны аҭоурых азы алԥшааратә ԥышәара 70-ҩык рҟынӡа аҵаҩцәа рхы аладырхәит араионқәа зегьы рҟынтә. Урҭ рахьынтә иалхын ааҩык. Аҩбатәи алԥшааратә хәҭа мҩаԥгахоит нанҳәа 3 рзы. Актәи ахәҭа онлаин имҩаԥысуан, аҩбатәи лабҿабатәи ԥышәарахоит. Иԥшӡаны ацәажәара, Аԥсны аҭоурых адырра, аҩымҭа "Аԥсҳа" аилыргара ҟалоит. Урҭ атурқәа ирхысны иреиҳау акәаталақәа зауа хҩык алххоит адырраҭарахь ишьҭхо", - иҳәеит Қәҭелиа.

Шәазыӡырҩы аудио.

Ажәабжьқәа зегьы
0