Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Џьопуа ақыҭанхамҩа аҿиаразы иалԥшаау апроектқәа ирызкны

© Sputnik / Марианна Кубрава Беслан Джопуа
Беслан Джопуа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.08.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит атәыла ақыҭанхамҩа аҿиара иазку 28 проект ртәы.
Хра злоу ахҭысқәа: Џьопуа ақыҭанхамҩа аҿиаразы иалԥшаау апроектқәа ирызкны
2021 шықәсазтәи абиуџьеҭ аҟынтә ақыҭанхамҩа аҿиаразы иазоужьуп 100 миллионк мааҭ аԥара. Апроектқәа ралԥшааразы еиҿкаан акомиссиа ҷыда.
"140 проект иҳауз аҟынтә 112 акомиссиа аус адырулахьеит. Иаԥҵан 11 гәыԥ, дара зегьы ақыҭаҿы инеины алагалақәа ҟазҵаз рҭагылазаашьа ҭырҵааит. Анаҩс, акомиссиа иаларгалаз ажәалагалала 28 проект иахьазы иазыхиоуп аус адуларазы. Уи иҟанаҵоит 32 миллиони 200 нызқь мааҭ. Аԥара ауаа рнапаҟны ирыҭахом, дара иаарҭаху аусқәа зегьы аҳәынҭқарра имҩаԥнагоит, ус иазыӡбан иҳамоу аԥашәала, аԥара иахьахәҭам имцартә еиԥш", -  еиҭеиҳәеит Џьопуа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0