Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Кьылба Аацы аиҩхааҿы еиҿкаау ҽыла аныҟәарақәа ирызкны

© Foto / предоставлено Астамуром КилбаАстамур Килба
Астамур Килба - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.08.2021
Анапаҵаҩра
Аацы ақыҭан аҽқәа рыла аныҟәарақәа есааира иаднаԥхьалоит хыԥхьаӡара рацәала аԥсшьаҩцәа. Аекскурсиақәа мҩаԥызго Асҭамыр Кьылба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит сынтәатәи аԥсшьара аамҭаз ирҭааз ауаа ахьынӡарацәоу.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Кьылба Аацы аҩхааҿы еиҿкаау ҽыла аныҟәарақәа ирызкны
Аҽқәа рыла аныҟәарақәа – атуристцәа реиԥш аҭыԥантәи ауааԥсырагьы азҿлымҳара ззыруа аԥсшьара есааира аинтерес еиҳа-еиҳа иаиуеит.
"10 шықәса ҵуеит ари аус ҳаҿуижьҭеи, ауаа рхыԥхьаӡара иаҳа-иаҳа иацлоит. Уи анацлалак ҳаргьы аинтерес ҳауеит аус ҳауратәы. Иҳауагьы ҳәыҷык ианацлалак, иаҳа аинтерес ҳауеит. Амшқәа аныцәгьоу аус ҳауратәы иҟалаӡом, аха амшқәа аныбзиоу ауаа рацәаны иаҳҭаауеит. Аԥсшьаҩцәа аиҩхаа дҳарбоит ашхәа иақәыртәаны, араҟа аԥсабара ԥшӡоуп, ихнахуеит. Аҽқәа ирықәҳартәоит. Шьапыла аныҟәарақәагьы ҳамоуп. Асезон агәҭазы мышкы иалагӡаны иаауеит 100-ҩык рҟынӡа, асезон анҵәамҭазы 60-ҩык рҟынӡа", - ҳәа еиҭеиҳәеит Кьылба.
Аацы аҩхааҿы аекскурсиақәа мҩаԥызго иажәақәа рыла, аԥсшьаҩцәа уахь инеиуеит афирмақәеи дареи ирыбжьоу аиқәшаҳаҭра иабзоураны, аха иҟоуп зхалагьы иаауа ҳәа азгәеиҭеит Кьылба. Иара иажәақәа рыла, аԥсуаа рзы зегьы хәыда-ԥсадоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0