Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳашыг: зыхьӡ ду аҵарауаа Аԥсны иааны адунеитә хҭысқәа ахәшьара рыҭара - нырра бзиоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукРуслан Хашиг
Руслан Хашиг - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.09.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ажурналистцәа Реидгылеи амедиаклуб "Формат-А3" еицымҩаԥыргало апроект атәы, насгьы Аԥсны аҩнуҵҟа еиԥш аҳәаанырцәтәи ажурналистцәа аус рыцура атәы, арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг.
Ҳашыг: зыхьӡ ду аҵарауаа Аԥсны иааны адунеитә ахҭысқәа ахәшьара рыҭара - нырра бзиоуп
"Аԥсны ажурналистцәа реидгыла аҵыхәтәантәи хәышықәса аусура иалагӡаны еснагь иашьҭан Аԥсны аҩнуҵҟа еиԥш аҳәаанырцәгьы ҳара ҳколлегацәа аус рыцура, дара ирымоу алшарақәа ҳара ҳаҩнуҵҟа ахархәара рзура. Уи иалҵшәоуп жәларбжьаратәи амедиаклуб "Формат-А3" дареи ҳареи ҳусеицуразы ҳгәы иҭоу апроект. Ари зымҽхак ҭбаау, аԥышәа змоу 10 шықәса инарзынаԥшуа ажурналисттә еилазаараҿы аус зуа клубуп. Раԥхьаӡа иргылан ари Урыстәылеи, уи анҭыҵгьы дара аус зцыруа аполитикцәеи, ажурналистцәеи, аҵарауааи апроект адыԥхьалара, хықәкыла урҭ Аԥсны рааԥхьара, аԥсуа журналистцәеи дареи реиԥыларақәа аиҿкаара. Адунеи аҿы имҩаԥысуа, Кавказ, иара ҳара иааҳаԥхьо асас наукала иҭиҵаауа ахырхарҭала, Аԥсны ажурналистцәеи дареи аиқәшәарақәа реиҿкаара, аиҿцәажәарақәа ранҵара, аинформациа ахәаԥшцәа, аԥхьаҩцәа рзы аиқәыршәара, аиҿкаара", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҳашыг.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0