Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Шьалашьаа Аԥсныҟа аусура иаауа амигрантцәа ирызкны

© Sputnik / Томас ТхайцукЗаур Шалашава
Заур Шалашава - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.09.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны иаауа амигрантцәа рыда ԥсыхәа ҳамоу иҳамаму атәы арадио Sputnik аефир аҿы игәаанагара иҳәеит атәыла аекономикатә институт аиҳабы, аекономикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Заур Шьалашьаа.
Хра злоу ахҭысқәа: Шьалашьаа Аԥсныҟа аусура иаауа амигрантцәа ирызкны
Ахәҳаахәҭра-ааглыхратә палата асаит аҿы икьыԥхьуп аматериал, COVID ашьҭахьтәи Аԥсны аекономика аџьатә мигрантцәа рыда ԥсыхәа ыҟам ҳәа атәы ӡҳәо. Аҵарауаҩ Заур Шьалашьаа игәаанагарала, ус еиԥш аҳәара иашам, уи моу, иагьԥхашьароуп.
"Аԥсны араионқәа рҿы аус зымуа ҳажәлар рацәаӡоуп даара. Атәым тәылақәа иахьраҳауа Аԥсны амигрантцәа рыда ԥсыхәа ыҟаӡам ҳәа, сара сганахьала ҳара ҳзы иԥхашьароуп. Ҳара иҳамоуп аҵараиурҭақәа, урҭ раушьҭымҭацәа анаплак маҷқәа рҿы аус зуша. Урҭ наплакқәагьы заа аҵарауирҭақәеи дареи  аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵароуп. Абас иҟазҭгьы урҭ рус арманшәалон. Аха анаплакқәа амигрантцәа аусура ргара иаҳа ирзеиӷьуп, избанзар, дара ауалафахәы иаҳа имаҷны ирзыршәоит.
Насгьы, Аԥсны атәылауаҩ усура дугар ауалафахәы изушәо анаҩсгьы асоциалтә пакет уацныҟәароуп. Уа иарбоуп аԥсшьарамшқәа, урҭ рынҭыҵ аус уур, ҩынтәны иацны аусуратә мшы ахә ушәароуп. Аха ари зегьы анаплакқәа рҿы аус зуа ироуа ахашәала амцхә агоит ҳәа, уахьынтә иаауа аусурахь иргоит. Аха уажәы ианрықәыӷәӷәа, еилкаахеит, шаҟаҩы ирҭаху, аха урҭ удукыларцаз заа араионқәа рахь ицаны ирылаҳәатәын", - ҳәа еиҭеиҳәеит Шьалашьаа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0