Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Габилаиа еиҭеиҳәеит, амшцәгьа иҟанаҵаз аԥхасҭа ашьҭахь анхацәа аԥара рызшәара ианалаго

© Foto / предоставлено Артемоном ГабилаиаАртемон Габилаиа
Артемон Габилаиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.09.2021
Анапаҵаҩра
Очамчыра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Артимон Габилаиа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит амшцәгьа иҟанаҵаз аԥхасҭа ашьҭахь ауааԥсыра ацхыраара рыҭара аус шцо атәы.
Габилаиа еиҭеиҳәеит, амшцәгьа иҟанаҵаз аԥхасҭа ашьҭахь анхацәа аԥара рызшәара ианалаго
"Аԥхьа иҟаз амшцәгьаан аԥша ӷәӷәа асит, 14-ҭӡы рҟынӡа ахыбқәа хнашәеит. Ашьҭахь Кындыӷ, Џьгьарда аҩнқәа аӡы рыҩналеит. Анаҩс мчыбжьык ааҵуаны  уи аҩыза аҭагылазаашьа еиҭаҟалеит. Аԥхьа иҟалаз амшцәгьа иацыз аԥшасра, аԥхасҭа знаҭаз 400 нызқь инацны аԥара аҳәынҭқарра ахада ирзервтә фонд аҟынтә араион ахь иаашьҭуп. Асиа иҳамоу ала ирыҭахоит хара имгакәа. Аӡхыҵра анхацәа даара иӷәӷәаны аԥхасҭа рнаҭеит. Урҭ ақьаадқәа зегьы еиқәыршәаны аҳәынҭқара ахадара аҟынӡа инагоуп. Ҳгәы иаанагоит уи ҭырҵаап ҳәа. Ҳәарада, аԥхасҭа зегьы нҭырҳәацааны аҳәынҭқарра иашәартә алшара амаӡам. Иага ус иҟазаргьы анхацәа иахьынӡахәҭоу ацхыраара роуп ҳәа агәыӷра ҳамоуп", - иҳәеит Габилаиа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0