Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ӡиӡариа абџьарҟаҵаҩцәа рфестиваль иазкны

© Sputnik / Томас ТхайцукТимур Дзидзария
Тимур Дзидзария  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.09.2021
Анапаҵаҩра
Абџьарҟаҵаҩцәа реидгыла "Ахнапы" ахантәаҩы Ҭемыр Ӡиӡариа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит иаарласны аетно-парк "Аԥсны" аҿы имҩаԥысран иҟоу абџьарҟаҵаҩцәа рфестиваль атәы, иҳәеит уи азы ҷыдала амаден аҵхразы аекспедициақәа шеиҿкааз.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ӡиӡариа абџьарҟаҵаҩцәа рфестиваль иазкны
"Афестиваль амҩаԥгара анаԥшьаҳга, иҳаӡбеит аиха абџьар злырхуа аханатә инаркны, абџьар ҟалаанӡа изхысуа аусмҩаԥгатәқәа зегьы ауаа дырбара. Иаҳдыруа ыҟоуп, иаҳхашҭыз еиҭашьақәыргыланы аҟаҵара ҳаӡбеит. Убриа ҟнытә амаден аҵхразы аекспедициақәа ҩба еиҿкаан.
Актәи мызкы бжаки раԥхьа имҩаԥаагеит, аҩбатәи арҭ амшқәа рзы ихыркәшан. Аекспедициақәа даара иманшәаланы имҩаԥысит, амаден ахьыҵыз ҳаԥшааит ашьхантә илбааҳгеит. Ахаҭабзиара агеологцәа идҳарбан даара ибзиоуп ҳәа ҳарҳәеит. Алҵшәагьы бзиахеит, зегьы машәырда имҩаԥысит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ӡиӡариа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0