Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Кәыҵниа Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа ирызкны

© Foto / предоставил Виталий Квициния Виталий Квициния
Виталий Квициния  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.09.2021
Анапаҵаҩра
Тҟәарчал араион алхратә комиссиа ахантәаҩы Витали Кәыҵниа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рзы абжьыҭара аус рыҽшазыҟарҵо атәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Кәыҵниа Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа ирызкны
"Цәыббрамза 19 рзы имҩаԥысран иҟоуп алхрақәа Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь. Уи инақәыршәаны еиҿкаауп акомиссиа. Акомиссиа алахәылацәа рыбзоурала алхырҭатә ҭыпқәа рахь имҩахыҵуа зегьы ргара-раагара, транспортла реиқәыршәара аус ҳарманшәалоит. Иара убас акоммуналтә усбарҭақәа ирылаҳәоуп цәыббра 19 рзы алхратә ҭыԥахь имҩахыҵырцаз ажәлар адырра рыҭара, уи адагьы алхыҩцәа ирзыршоит акандидатрахь иқәгылоу зну аинформациатә брошиурақәа. Алхратә ҭыԥ еиҿкаауп Акультуратә хан аҿы. Алхрақәа еиҿызкаауа Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа аусузҩцәа роуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Кәыҵниа.
Цәыббра 19 азы Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа раан Аԥсны иахьаҵанакуа абжьыҭаратә ҭыԥқәа жәба аадыртуеит. Абжьыҭара алшоит Аҟәа, Гагра, Пицунда, Гәдоуҭа, Бамбора, Очамчыра, Тҟәарчал, Гал асааҭ 8:00 инаркны 20:00 рҟынӡа.
Аԥсны инхо, 18 шықәса зхыҵхьоу Урыстәыла атәылауаа рзы абжьыҭара азин ыҟоуп. Убри аан иумазароуп Урыстәыла аҩныҵҟатәи ма аҳәаанырцәтәи атәылауаҩшәҟәы.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0