Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ашәба еиҭеиҳәеит аҵарауаҩ Воронов ииубилеитә уснагӡатәқәа шеиҿкаахо атәы

© Sputnik / Томас ТхайцукАрда Ашуба
Арда Ашуба - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.09.2021
Анапаҵаҩра
Аҵарауаҩ нага, аҳәынҭқарратә усзуҩы Иури Николаи-иԥа Воронов диижьҭеи 80 шықәса аҵра иазку ауснагӡатәқәа реиҿкааразы акомиссиа аԥҵоуп. Уи алахәыла, Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аҵарауаҩ ииубилеи азы еиҿкаахо аусқәа ртәы.
Ашәба еиҭеиҳәеит аҵарауаҩ Воронов ииубилеитә уснагӡатәқәа шеиҿкаахо атәы
Аиҿцәажәара инеиҵыхны шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Еицырдыруа археолог, кавказҭҵааҩы, аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩы, аорден "Ахьӡ-Аԥша" I аҩаӡара занашьоу Иури Николаи-иԥа Воронов диит Ҵабал ақыҭан, Вороноваа ргәараҭа "Иасочка" аҟны. Воронов дыԥхьаӡоуп ижәытәӡоу аԥсуа хылҵшьҭра – аԥсилааи, Аԥсилиеи рыҭҵаараҿы иреиҳаӡоу азҟазаны. Ҵабал имҩаԥыргоз археологиатә ԥшаарақәа – Ҵабалтәи аекспедициақәа ҳәа хьӡыс ироуит.
Иури Воронов дравторуп – 800 инареиҳаны аҭҵаарадырратәи апублицистикатәи статиақәа, уахь иаҵанакуеит 30 монографиа. Иҟоуп макьана икьыԥхьым аҵарауаҩ иусумҭақәагьы.
1995 шықәса, цәыббра 11 рзы Иури Николаи-иԥа Воронов итаацәеи иареи ахьынхоз Аҟәатәи иҩны аҿаԥхьа дшьын. Анышә дамадоуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи ааигәара. Аҳҭнықалақь амҩадуқәа руаки ахԥатәи абжьаратә школи ихьӡ рхыуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0