Ҳтәылаҿы ихацыркуп апты адкыларазы аусурақәа. Адкыларҭатә ҭыԥқәа аартхоит Аԥсны араионқәа зегьы рҿы иҳәеит Ақыҭанхамҩазы аҳәынҭқарратә еилакы агрономиа аҟәша аиҳабы Едуард Барганџьиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада Зураб Џьапуа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Владикавказ имҩаԥысуаз аконференциа атәы.
Sputnik акорреспондент Бадраҟ Аҩӡба арадиоефир аҿы еиҭеиҳәеит иахьа аҳҭнықалақь аҿы акоммуналтә усбарҭақәа русзуҩцәа имҩаԥыргоз аусурақәа ртәы.
Абҵара 11 Адунеизегьтәи афымцеиҷаҳара амш ҳәа иԥхьӡоуп. "Амшынеиқәафымцамч" афилиал "Афымцаҭира" аиҳабы Инал Лазба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит афымца аиҷаҳара шхымԥадатәиу.
Агастрольқәа ирыцу аџьабааи агәыхыҭхыҭреи ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр актиор, арежиссиор Џьамбул Жорданиа.
Арадио Sputnik Аԥсны арубрика "Аҭоурых иагәылаҵәаху" аҟны шәара еилышәкаар ауеит ҳмузеиқәа рҟны иӡыргоу аекспонатқәа, амаҭәарқәа еиҭарҳәо аҭоурых атәы.
Абҵара 10 Аԥсны амилициа иамшуп. Иахьатәи аамҭазы тәанчара иҟоу, аха акыр шықәса Аҟәа аҳәынҭавтоинспециаҿы инспекторс аус зуаз, Агәымшәаразы амедал занашьоу Оҭар Сақаниа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ари азанааҭ иацу аҭакԥхықәра атәы.
Аԥҳәыс илусӡами? Избан аҳәынҭқарра анапхгараҭараҿы аҳәса маҷны изыҟоу, рхала аиҳабыра рҭахыму, рнеира иаԥырхагоу? Абри атәы иалацәажәоит Емма Гамсаниаԥҳаи Аида Чачхалиаԥҳаи адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны.
Аԥҳәыс илусӡами? Избан аҳәынҭқарра анапхгараҭараҿы аҳәса маҷны изыҟоу, рхала аиҳабыра рҭахыму, рнеира иаԥырхагоу? Абри азы лгәаанагара лҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны Тҟәарчал араион ахада Аида Чачхалиаԥҳа.
Аԥҳәыс илусӡами? Избан аҳәынҭқарра анапхгараҭараҿы аҳәса маҷны изыҟоу, рхала аиҳабыра рҭахыму, рнеира иаԥырхагоу? Абри азы лгәаанагара лҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны ААУ аполитологиеи асоциологиеи ркафедра аиҳабы, Жәлар Реизара адепутатс иҟаз Емма Гамсаниаԥҳа.