Аԥсуа делегациа Ҭырқәтәылаҟа аусуратә визит хыркәшоуп

Аԥснытәи аделигациа Ҭырқәтәыла.
Аԥснытәи аделигациа Ҭырқәтәыла. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәылаҟа Аԥснытәи аделегациа рцара ахықәкы ҳирдырит Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аилак афонд аиҳабы Џьон Смыр.

Арҭ амшқәа рзы, усуратә визитла Ҭырқәтәыла иҟан Аԥснытәи аделегациа. Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы афонд аиҳабы Џьон Смыр аделегациа Ҭырқәтәылаҟа рцара хықәкыс иамаз дазааҭгылеит. Аиҿцәажәара мҩаԥылгеит Сырма Ашәԥҳа.

– Ҳаҭыр зқәу Џьон Михаил-иԥа, Ҭырқәтәыла шәыҟазаара иалагӡаны иарбан усмҩаԥгатәқәоу шәызлахәыз? Ҳдиаспореи шәареи шәеиԥыларақәа шԥамҩаԥыси?

– Ишыжәдыруа еиԥш, ҳҳәынҭқарра ахадара, сынтәатәи ашықәс Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба 70 шықәса ихыҵра азгәаҭара ишазку рыланаҳәеит. Абри аус инамаданы, ҳхеилак апрограмма аиҿкаара иаҿуижьҭеи акрааҵуан. Иазгәаҭан, иҷыдоу агазеҭ "Аԥсадгьыл агәеисыбжь" аҭыжьра, Владислав Арӡынба изку афотоцәыргақәҵа аиҿкаара. Анаҩс, "Ашьауардын амҩа" захьӡу адокументалтә видеофильм аԥҵара, уи авторс дамоуп ҳҵарауаҩ қәыԥш Џьамбул Инџьгиа. Лаҵара 15 рзы Ҭырқәтәылантә ааԥхьара раҳҭеит Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа. Уи ахаҭарнакцәа Владислав Арӡынба игәалашәара иазкыз аусмҩаԥгатәқәа рхы рыладырхәит. Анаҩс, ҳапрограмма инақәыршәаны, Аԥснытәи аделегациа Ҭырқәтәылаҟа ицеит. Раԥхьатәи амш азы ҳара ҳаҟан Сҭампыл акультуратә хеидкылаҿы. Еизаз идырбан ҳҳәынҭқарра ахада ихьӡала еиҿкааз афотоцәыргақәҵа. Анаҩс, ҳамҩа хан ҵабалаа рхылҵшьҭра ахьынхо Инегиоль ақалақь ахь. Ҳџьынџьуаа рацәаҩны излахәыз аизара еиҿкаан. Идырбан "Ашьауардын амҩа" захьӡу афильм. Даара гәахәалагь ирыдыркылеит. Анаҩс, ҳара ҳхынҳәит Дариераҟа. Ақыҭаҿы ауаа рацәа еизеит. Уаҟагьы ҳапрограммала ҳақәгылеит. Иара убас, ҳара ҳаҟан ҳдиаспора еиҳа ирацәаны иахьынхо Адаԥазар. Даара пату ақәҵаны ирыдыркылеит ҳнеира.

– Ахырҵәара иақәыршәаз ҳауаажәлар ргәаларшәара амш аҽны Ҭырқәтәыла шәыҟан. Ишԥамҩаԥыси, насгьы иабазгәарҭеи?

– Кавказ Ашьхарыуаа жәларқәа рытрагедиа иаҳхамшҭуа рыцхәны иаанхоит ҳҭоурых адаҟьақәа рҿы. Кьефқьен иазгәаҳҭеит. Даара ауаа рацәа еизеит. Иубарҭоуп ҳажәлар рмилаҭтә хдырра ашьҭыҵра ишаҿу рҭоурыхтә ԥсадгьыл ада, хеиқәырхашьа шыҟам. Аԥснынтә ааԥхьара рыман Ԥицунда ақалақь аҿы еиҿкаау ансамбл "Абааҭа" ашәаҳәацәа. Урҭ инарыгӡеит аҭоурыхтә, агәаҟ ашәақәа. Иазгәаҳҭоз атрагедиатә мшы иаҵанакуаз атематикала иқәгылеит. Уа ҳшыҟаз, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьмба ижәлар рахь инаишьҭыз авидеоҭыхымҭа ианыз ааԥхьара ҳазыӡырҩит, аекран ҭбаала еизаз ҳажәлар идырбан. Аҵыхәтәаны, Амшын Еиқәа аҿықә аҟны амца еиқәҵан, агәалашәара ҳаԥьхьаҟа ишазгәаҳҭалаша еибаҳҳәеит.

– Шәара изныкымкәа Ҭырқәтәылаҟа шәцахьеит. Ижәбахьеит ҳџьынџьуаа рынхашьа, рынҵышьа, рхәыцшьа. Излажәбо ала, аҿар рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рхәыцшьа зеиԥшрои, рхы арахь икыдума? Аимадара аус аҟны иарбан цхыраароу еиҳа изыҳәо?

– Иазгәаҳҭарц сҭахуп, ҳџьынџьуаа даҽа аамҭакы еиԥшымкәа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рхы шкыду. Аԥсуа культуратә центрқәа рфедерациа аиҳабы Џьенгиз Ашәба, Қьефқьен, ҳџьынџьуаа ргәалашәара амш аҽны иуаажәлар рахь ихы рханы, абас еиԥш иҟаз ажәақәа иҳәеит: "Ҳара атәым дгьыл аҟны ҳаҟоуп. Ҳара ҳҭоурхтә ԥсадгьыл ҳамаданоуп хеиқәырхашьас иҳамоу, даҽа мҩак ҳамаӡам". Аҿар реиҳараҩык абызшәа рзымдыруазаргьы, дара шьҭа иазхәыцуа иалагеит ишаԥсацәоу. Аӡы ахьышьҭрахь ихынҳәыроуп ҳәа шырҳәо еиԥш, ҳаԥсуара ашҟа ҳамгьежьыкәа, ари адунеи аҿы ицо апроцессқәа ҳанрылаӡ ҳцоит ҳәа ихәыцуеит. Аҳәаанырцә инхо ҳашьцәеи ҳареи ҳҳәоу еибыҭаны ҳаидгылароуп ҳәа сгәы иаанагоит.

– Арҭ амшқәа рзы Ҭырқәтәыла иҟоуп, иара убас, аспорти акультуреи рҟазацәа, иарбан усмҩаԥгатәқәоу урҭ злахәу?

Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы аиҳабы Вадим Ҳаразиеи аилак жәларбжьаратәи аҟәша аиҳабы Џьансыхә Лазбеи уа иаанхеит. Ҭырқәтәыла Бандерма ақалақь аҟны афестиваль мҩаԥысуеит. Уи Аԥснынтәи арҿиаратә коллективқәа алахәуп. Убри инаҷыданы адунеи ачемпионат аспорт акарате аганахь ала имҩаԥысуеит Аԥснынтә аҿар уа иалахәуп. Абасала, аԥхьаҟа хырхарҭа рацәала ҳаимадарақәа ирыцҵатәуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0