Занҭариа: ахҵәара иақәшәаны еиқәхаз аԥсуа ажәлар даара иӷәӷәоуп

Советник президента Республики Абхазия по вопросам науки, культуры и образования Владимир Зантария. Архивное фото.
Советник президента Республики Абхазия по вопросам науки, культуры и образования Владимир Зантария. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Астол гежь "Аԥсни адиаспореи реимадара аизырҳара" амҩаԥгара азкын раԥхьаӡа акәны Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа аԥсуа диаспора рхаҭарнакцәа раара.

АҞӘА, цәыббра 28 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба.  Аҭоурыхтә ӡеибафара иахҟьаны ахҵәара иақәшәаз, аха збызшәа, зҵасқәа еиқәзырхаз ажәлар акыр иӷәӷәоуп, иҳәеит Аԥсны аҳәынҭқарра ахада иабжьагаҩ Владимир Занҭариа "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" еиҿнакааз астол гьежь "Аԥсни адиаспореи реимадара аизырҳара" аҟны.

"Еуеиԥшым арыцҳарақәа ирхырҟьаны ажәларқәа рҭыԥ ахыҵра рықәшәахьеит акырџьара. Аԥсуа жәлар ахҵәара иақәшәаны атәым дгьыл аҿы ахеиқәырхашьа шрылшаз кыраамҭа узызхәыцша акоуп", — азгәеиҭеит уи.

Занҭариа иажәақәа рыла, егьырҭ атәылақәа рҟны инхо аԥсуа жәлар рхаҭарнакцәа рбызшәеи рҵасқәеи ахьеиқәдырхаз даара пату ақәҵаны ахә ҳаракны ишьалатәуп.

Сонер Гогуа. - Sputnik Аҧсны
Гогәуа: Аԥсни Тырқәтәылеи реицыхәаахәҭра 200 миллион доллар артәоит

"Адиаспора ахаҭарнаккцәа акыраамҭа рыԥсадгьыл ахь аара иашьҭаны, рдунеихәаԥшра, ргәамч, рылшара зегь абрахь ирханы имҩаԥырго аусқәа пату рықәаҳҵалар ауп. Милаҭк аҳасаб ала ҳажәлар рхы еиқәдырхарц рҭахызар, ҳашьцәа Аԥсныҟа иҳархынҳәыр ауп", — иҳәеит Занҭариа.

Владимир Занҭариа инаҵшьны иазгәеиҭеит  "Жәларбжьаратәи фонд Аԥсны" аҳәынҭкарра ацхырааразы имҩаԥнаго агәыҳалалратә усқәа.

"Шәара аҳәынҭқарреи ажәлари цҳаны шәрыбжьалеит, ҳажәлар рдемографиатә проблемақәа ԥхьаҟа ргара аус аҿы, аҳәынҭқарра уи даара пату ақәнаҵоит", — азгәеиҭеит уи.

"Жәларбжьаратәи фонд Аԥсны" аԥҵан мшаԥымза 2, 2015 шықәсазы, уи ахықәкы хадақәа ируакуп Аԥсны иамоу ахьыԥшымра астатус арӷәӷәареи уи азхаҵара арҭбаареи рҿы ацхыраара аҟаҵара. Иара убас аус аулоит аҳәаанырцә инхо ҳдиаспореи ҳареи ҳаимадара арҿиара, ҳдоуҳатә культуреи, ҳмилаҭтә ҷыдарақәеи рыхьчара, ажәларқәа рыбжьара аҭынчреи, аиҩызареи аиқәышаҳаҭреи рыбжьаҵара аганахьала.

Ажәабжьқәа зегьы
0