Вижьдан Ҭарԥҳа: егьа бзиа уҟазаргьы, атәым дгьыл гьамас иамоузеи?

© Sputnik Афон ҿыц, Анаҟәаԥиатәи ашьха.
Афон ҿыц, Анаҟәаԥиатәи ашьха. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik акорреспондент Сырма Ашәԥҳа ҭырқәтәылатәи аԥсуа диаспорахь лныҟәарақәа руак аан длыҿцәажәеит аԥсуара иаҵанакуа зегь ныҟәызго Вижьдан Ҭарԥҳа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 15 – Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуаа изланхо атәым милаҭ изларыламҩашьо рхатә милаҭ ҷыдарақәа ныҟәыргоит. Сҭампыл ақалақь, Гьебзе араион инхо, шьҭрала Џьгьарда ақыҭа еиуоу Саадеҭин Ашәба иҭаацәа раԥсуара ишақәнаго еиԥш иныҟәыргоит, раԥсуа чеиџьыка иахьцалак ирыцуп.

Изготовление сыра - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа чыс агьама: ачаҩыри аҭубари рыҟаҵашьа

Аԥснынтә ирызнеиуа "Бзиала шәаабеит" ҳәа раҳәо еснагь гәаартыла ирԥылоит. Аҩнаҭа аԥшәмаԥҳәыс Вижьдан Ҭарԥҳа иҳалҳәеит, Аԥсныҟа аара шырхьаау, аибабара ишаргәаҟуа.

"Аԥсны инхо сыуаажәлар зегьы, асалам ду шәзынасышьҭуеит. Сгәы хьаауеит. Ахәыҷқәа, асабицәа рылақәа срыгәӡуеит, аиҳабацәа рнапқәа срыгәӡуеит, сара исықәлацәоугьы гәыдыскылоит. Аҿар аибабара рыбжьалароуп, ргәыбылра еибакыроуп. Еснагь аибабара ҳабжьалар,  агәыбылрагьы еиҳа ирацәахоит. Саԥсшәа сгәаҵа иҭоуп, исхашҭраны сагьыҟам. Гәыла-ԥсыла еснагь Апсны сыҟоуп, сыуаажәлар срыцуп. Еҳ, шаҟа гәаҟра цәгьа рхыргазеи Аԥснынтә ихырҵәаз сыуаажәлар. Сара санду сылхаануп. Лара Цыбаԥҳан. Аԥсны аӡбахә даналацәажәоз, лакәк еиҭалҳәозшәа акәын ишсыдыскылоз. Уажәтәи сыхшыҩ ала схәыцуандаз, егьа лҿысҵаарын. Егьа бзиа уҟазаргьы, атәым дгьыл гьамас иамоузеи?" – дҳацәажәон зықәрахь инеихьоу аԥхәыс бырг Вижьдан Ҭарԥҳа.

Вижьдан Ҭарԥҳаи уи лҭаца Несре Хәарцкьиаԥҳаи рыҩнаҭа аԥсуа чеиџьыка агны ируам. Рҭаацәа еснагь ԥсыуа чысла иныҟәыргоит. Рыҩнаҭа иаҭаауа асасцәагьы, уи ала пату рықәырҵоит.

Ныӡаарас иҟоу тәым дгьылуп, ԥсҭазаарас иҟоу ԥсадгьылуп

"Ҳанацәа, ҳандуцәа иаҳдырҵаз ҳҳамшҭкәа аԥсуа хәқәа ҟаҳҵоит. Иаҳҳәозар: каканла ахәылчаԥа,  акәтысыӡбал, аҟәыдыршьышьы, ахарҵәы сыӡбал акәтаӷьқәа жәны иагәылаҵан, абысҭа, ашәеилаҵа, арҵәы, апырпыл џьыка ҟаԥшь уҳәа Аԥсны иҟарҵо аԥсуа чысхкқәа зегьы ҟаҳҵоит. Сҭаца лоуп аишәа зырхио, лнапы ахирра абааит, изфогьы ҳалалс ироуааит! Аԥсуа чеиџьыка еснагь пату ақәын, амч ӷәӷәан", – хәыцра шәкы деимаркуа дҳацәажәон Вижьдан.

Вижьдан Ҭарԥҳа ланду лҟынтәи акыр ажәабжьқәа лдыруеит. Лмоҭацәа еснагь ажәытә жәабжьқәа рзеиҭалҳәалоит. Даргьы даара иазҿлымҳаны иазыӡырҩуеит. Аԥсуара бзиа ирбоит, пату ақәырҵоит. Дара амырзакан адырҳәоит, аԥсыуала ишәаҳәоит, икәашоит. Ранду лгәы ҟарҵарц азы, лассы-лассы рмырзакан аашьҭыхны ахәмарра иналагоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0