Қадем Гәылиа: Аԥсны ҳамбаӡац, анеира схьаауп, сыԥхыӡ иалоуп

© Foto / Сырма АшәԥҳаҚадем Гәылиа.
Қадем Гәылиа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
90 шықәса ирҭысхьоу Қадем Гәылиа, Ҭырқәтәыла, Енегиол Османиа аҟәара ҳәа иахьашьҭоу ақыҭаҿы инхо имариамыз иԥсҭазаара атәы игәалаиршәоит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 24 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. 90 шықәса ирҭысхьоу Қадем Гәылиа, Ҭырқәтәыла, Енегиол Османиа аҟәара ҳәа иахьашьҭоу  ақыҭаҿы дынхоит.  Уа 20 ҭӡы рҟынӡа аԥсуа ҭаацәарақәа ыҟоуп.  Иара акыр шықәса ақыҭа аиҳабыс аус иуан. Излеиҳәо ала, иабдуцәа Аԥсны, Гәлиаа ргәаҩа ҳәа иахьашьҭоу  иҭыҵит.

Афон ҿыц, Анаҟәаԥиатәи ашьха. - Sputnik Аҧсны
Вижьдан Ҭарԥҳа: егьа бзиа уҟазаргьы, атәым дгьыл гьамас иамоузеи?
"Сара сабду 12 шықәса Германиа дынхон. Сабду уоуп аҭаацәара дахьалалаз. Санду Абрыскьылԥҳан.  Аԥснынтә ихҵәаны Ҭырқәтәылаҟа иааз Кабаҭ ихьӡын. Гәылиаа ргәаҩа ҳәа иахьашьҭаз дҭыҵит. Аԥснынтә еицааз ажәлақәа рахьтә исаҳаны исгәалашәо Аҟәсаа роуп. Аҟәсы Реџьеԥ ҳәа дыҟан сабду диқәланы. Гьедлач Гәылиа, Ҟазахә Абганба  уҳәа еицаақәаз роуп.

Ҭырқәтәылатәи адгьыл аҿы

Аха, аҭырқәа идгьыл ианықәнагала еицәыӡит. Аишьцәа еибамбакәа иԥсқәаз ыҟоуп. Абас агәнаҳарақәа  рацәаны ирхыргагәышьеит ҳаиҳабацәа. Сара сабду Абрыскьылԥҳа дымҵаирсит. Аӡаагара ҳәа дышцоз лымҩа скын, дымҵасырсит иҳәалон сабду. Германиантә аҭырқәа идгьыл иахь ианаа архақәа рҿы анхараҭыԥ рырҭеит. Уажәы ҳахьынхо аҭыԥ зегь бнараны иҟан. Нас ирыцқьаны, уаҩ дынхаратәы, нап адкыланы иҟарҵеит. 

Аԥсуаа пату еиқәырҵон еснагь. Аиҳабы аиҵбы еихаҵгылон. Атәым милаҭ ҳазланхогьы ҳхымҩаԥгара џьаршьон. Уажәы адемократиа иҟалаз маҷк ҳшьақәнаҟьазшәа збоит. 

Ҳара ҳқыҭаҿы Гәлиаа (Қабаҭаа) ыҟоуп, Бганаа, Абыгбақәа, Мацаа, Ҵәыӡаа, Абрыскьылаа уҳәа ирацәоуп аԥсуа жәлақәа. Досу ииҭахыз аҭырқәа жәлақәа алырхын, ус ирхырҵеит усҟан.

Енгин Ҭаскәач-иԥа (Папба) - Sputnik Аҧсны
Енгин Папба: Ҭырқәтәыла сыҟазаргьы, Аԥсны сатәуп, сгәы арахь иҟоуп
 Ҳара хәҩык аишьцәа ҳаҟоуп. Зегьы аӡәаӡәала ҳаиҿыҵит. Ҳабду арахь данаа, қьалак ааҟаиҵан дтәеит.  Ҳара ҳаиҳабацәа ашьаҵатәы рышьамҵаӡакәа иԥсгәышьеит. Аҳаиуан ацәа иалхны ажәцәеимаақәа  ҳәа изышьҭоу рӡахуан. Уажәы аҿар уи аӡбахә змаҳацгьы ыҟоуп аӡахышьа акәым. Сара аԥхын ааир ҳәа сшәон. Избанзар, арахә ҳрыцын ҳшьапқәа хтны. Ахаҳә аналалалак цәгьа иаҟәаҟәон, ишәуан, ҳзымныҟәо аҟынӡа ҳҟалон. Сара арра санцоз, исшәымкәа, исхамкәа, арыцҳара схьыкәкәоуп сышцаз. Асааҭ шаҟа ыҟоузеи ҳәа иансазҵаалак, аҭак сзыҟаҵомызт. Избанзар, сыдунеихаан асааҭ захьӡыз сымбаӡацызт. Арра маҵзура  аҷаԥшьаратә хәҭаҿы сҩызцәеи сареи ҳҽеиҭнаҳаԥсахлар акәымзи, саамҭа анааилак исыздыруамызт. Адунеи ҳалыхәдаан ҳаҟазшәа ҳхы ҳбон.  

Аԥсны ҳамбаӡац. Анеира схьаауп, сыԥхыӡ иалоуп. Еҳ, ҳаиҳабацәа рыцҳақәа. Рыгәнаҳа шԥацәгьаз атәым дгьыл аҿы. Зыԥсадгьыл иаҟәыгоу иара ҳаргьы, дара ҳазлареиӷьузеи?! Аҿар аԥсынҵры Анцәа ириҭааит, Аԥснааи дареи аибабара рыбжьалааит, аԥсынҵры змоу ацҳа ӷәӷәа хызааит нырцәи-аарцәи. Аҭоурых бзиа змоу ажәабжьқәа еибаҳҳәалааит". 


Ажәабжьқәа зегьы
0