Аишьцәа Царгәышаа ҭырқәтәылатәи рыԥсҭазаара

© Foto / Сырма АшәԥҳаАешьцәа Царгәышаа
Аешьцәа Царгәышаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа рахьтә имаҷҩым зыхьӡ нагоу, еиуеиԥшым азанааҭкәа знапы рылаку ауаа. Урҭ рахь иаҵанакуеит аишьцәа Царгәышаа, дара иаартны ирымоуп рхатәы наплакы, еихагылақәак иҟоу аӡахырҭатә фабрика.

АҞӘА, мшаԥымза 18 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа рахьтә имаҷҩым зыхьӡ нагоу, еиуеиԥшым азанааҭкәа знапы рылаку ауаа. Дара рус аԥхьа еснагь идыргылоит раԥсуара. Уи ирыднаҵо аԥҟарақәа ирықәныҟәоит. Иныҟәырго ақьабзқәа рыла, изланхо атәым милаҭ ирылаҩашьом, пату рықәуп.

Убас еиԥш, 40 шықәса инарзынаԥшуеит аишьцәа Царгәышаа Сҭампыл ақалақь аҿы инхоижьҭеи. Урҭ рабшьҭра Аԥснынтә ихҵәақәаз иреиуоуп. Раԥхьа Ҭырқәтәыла ианнанага, уа иҟоу Калдахәара ақыҭа иазааигәаны, Манаа рҭыԥ ҳәа иахьашьҭоу анхара нап аларкит. Маанаа рҭыԥ ҟьаҟьаран. Аӡы ықәло ианалага, Бедыл аҭыԥ ахь ииасит. Аԥсуа қыҭақәа рҿы инхо аԥсуаа, тәым милаҭ дрылаӡам. Аԥсыуа ҵасла инхоит, рхы ныҟәыргоит. Зыӡбахә ҳамоу аишьцәа ракәзар, гәыблыла иргәаладыршәоит реиҳабацәа ԥсышәа цқьала ишцәажәоз. Аԥснынтә аԥсыуак ила аҭаԥшра, дара рзы жәҩангәашәԥхьарак ишаҩызо. 

"Саб, сан, санду, сабду рҟынтә, есышьыжь сангылоз исаҳауаз аԥсуа бызшәа акәын. Уи бзиа ибаны сазыӡырҩуан. Акрааҵуеит шьыжьла  сҭаацәа злацәажәоз абызшәа смаҳаижьҭеи. Уажәы даара игәхьаазгоит уи аамҭа. Аԥсышәала ацәажәара даара исцәыуадаҩуп, аха сҽазысшәоит исхамшҭырц. Сгәы иаҭахыҵәҟьоу сзымҳәозаргьы, ибзианы еилыскаауеит, маҷ-саҷқәак сҳәоит. Схатәы бызшәа ԥшӡоуп, бзиа избоит. Аԥсуара сгәы азыбылуеит. Сара Ҭырқәтәыла сынхозаргьы, сгәы Аԥсны ҭоуп, схы-сыԥсы уахь иҟоуп", — дцәажәон иԥсадгьыл дазхьаауа Џьенгиз Царгәыш. 

Ҭырқәтәыла инхо Царгәышаа рхыԥхьаӡара еиҳа имаҷуп Аԥсны инхо раасҭа. Аԥснынтә ихҵәаны Ҭырқәтәыла ианнанага, еиуеиԥшым аамҭақәа рзы ицоз аибашьрақәа рҟны иҭахаз ирхылҵшьҭроуп. 

Англиа еиҿкаау аԥсуа-дыга жәлар ркультуратә центр ахаҭарнакҵәа - Sputnik Аҧсны
Аҭрышԥҳа: аԥсуа ԥҳәыс адунеи аҿы зегь реиҳа иӷәӷәоу ԥҳәысуп

"Сара сан Бганаа дреиуоуп. Санду Цәышԥҳауп. Адаԥазар инхон. Адаԥазар иаҵанакуа аԥсуа қыҭақәа акыр ирацәоуп. Урҭ Аԥсны аӡбахә еснагь ирҿыҵакын, аха ирҳәоз ҳзеилкаауамызт, ҳмаҷын. Уажәеиԥш ҳахдырра ыҟазар, егьа рҿаҳҵаарын, егьа ҭоурых еилаҳкаарын. Аха, иуеҩсхьоу аамҭа узырхынҳәуам. Анцәа бзиала ҳаибаирбааит", — дҳацәажәон  Џьошьқәын Царгәыш. 

Сҭампыл  ақалақь аҿы аишьцәа Царгәышаа иаартны ирымоуп рхатә наплакы, еихагылақәак иҟоу аӡахырҭатә фабрика. Уаҟа иҭрыжьуа аалыҵқәа аҳәаанырцәҟагь идәықәырҵоит. Абри аҩызаҵәҟьа анаплакы, Адаԥазар ақалақь аҟны иаартны имоуп Џьенгизи, Џьошьқәыни рашьеиҳабгьы. 

Аишьцәа изларҳәо ала, аԥсҭазаараҿы ирымоуп ахықәкы хада — иахьыҟазаалакгьы раԥсуара амырӡра, реиҳабацәа иныҟәыргоз ақьабзқәа рықәныҟәара, изызҳауа аҿар рылааӡара. Аҭоурых еиҟәнашаз аԥсуаа рыԥсадгьыл аҟны ракзаара.

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0