Бебиаԥҳа: аԥсуаа Иорданиа ҳаҭыр рықәуп

© Sputnik Рада АжьиԥҳаАпрофессор ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа Иорданиатәи лныҟәарақәа ирызкыз алекциа
Апрофессор ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа Иорданиатәи лныҟәарақәа ирызкыз алекциа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥган апрофессор ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа Иорданиатәи лныҟәарақәа ирызкны "Ҳџьынџьхылҵшьҭрақәа Иорданиатәылаҿ" захьӡыз алекциа, иахьа лаҵарамза 17 аҽны.

АҞӘА, лаҵарамза 17 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Ҳџьынџьхылҵшьҭрақәа ахьыҟазаалак дара рҿы ацара-аара, аҭҵаара, аҭыхра, аҩра ари даараӡа иаҭаху акоуп, ҳәа лҳәеит апрофессор ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа Иорданиатәи лныҟәарақәа ирызкны "Ҳџьынџьхылҵшьҭрақәа Иорданиатәылаҿ"  захьӡыз алекциа аартуа.

Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟә ҿыц "Алыԥшаахқәа" захьӡу ӡырылгеит

"Иорданиа инхо аԥсуаа рҿы ацара-аара, аҭҵаара, аҭыхра, аҩра ари даараӡа акыр аҵанакуеит аԥсуа жәлар ҳзы. Иорданиа аԥсуаа нхоит х-нызқьҩык инареиҳаны, дара алоуп уаҟа еиҿкаау ачерқьес ажәларқәа еидызкало ацентрқәа, дара быжь-центрк ыҟоуп. Аха аԥсуаа ирымоуп дара рхатәы аԥсуа бызшәеи акәашареи ахьырҵо ацентр. Абызшәа аганахьала арыцҳара дуӡӡа ыҟоуп. Абызшәа шамахамзар ирыздырзом. Аԥсуа бызшәеи акәашареи Иорданиа инхо аԥсуаа дырҵара лыбзоуроуп Жанна Леиԥҳа. Лара уи аус аҟны ирацәаӡоуп иҟалҵо. Абызшәа зҵарц зҭаху рзы аԥсуа бызшәа дырҵаразы аурокқәа мҩаԥылгоит, уажәы ирҭаху рҳәаратәы иҟоуп", — ҳәа лҳәеит Екатерина Бебиаԥҳа.

Екатерина Бебиаԥҳа лажәақәа рыла, Ҭырқәтәыла Тунис ақалақь аҟны инхо ҳџьынџьуаа ирызкны ажәа лҳәахьеит, аха Иорданиа инхо аԥсуаа лгәы рзыбылуан.

"Кавказ ажәларқәа рхылҵшьҭрақәа аԥсуаа уахь иналаҵаны Иорданиа рынхашьа-рынҵышьа, абызшәа аиқәырхараз ирымоу аҭагылазаашьақәа иҭҵаамкәа иахьыҟаз сгәы иалан. Иорданиа инхо аԥсуаа ҳрыдыркылеит гәырӷьарыла, избанзар акыр шықәса шҵхьоугьы амҳаџьырра ашьҭахь Иорданиа ҭҵаарак аҳасабала аԥсуа ҵарауаҩк, журналистк, ҭыхҩык дымнеиӡацызт. Ҳара уахь ҳцара ҭоурыхтә хҭысуп. Сара сызразҵаар сҭахыз аасҭа дара еиҳагьы аинформациа сырҭон, исзеиҭарҳәон", — ҳәа азгәалҭеит аҵарауаҩ.

Сгәы иҭамкәа, схы иҭамкәа алекциақәа рымҩаԥгара сықәшәеит, лҳәеит Бебиаԥҳа, рыцҳарас иҟоу ҳџьынџьуааи ҳареи имаҷны аимадара ҳабжьоуп.

"Жәаҩа мшы Иорданиа ҳаҟазаара иаҳнарбеит аԥсуаа рынхашьа рынҵышьа зеиԥшроу, рхымҩаԥгашьа, ргәы шыбылуа рыԥсадгьыл азыҳәан. Ҳныҟәарақәа раан ҳрабадырит Гьечаа, Ачаа, Чычаа, Ешбақәа, Ажьиаа, Леиаа, Манаа зыжәлоу аԥсуаа. Аԥсуаа Иорданиа ҳаҭыр рықәуп. Ажәытәан аҳцәа рыхьчацәа дара ракәын, избан акәзара рыгәра ргон. Иахьа, Иорданиа аԥсуаа амаҵура дуқәа рнапы алакуп, ирацәаҩуп аҳақьымцәа, ахьчаратә органқәа рыҟны аус зуа", — ҳәа лҳәеит Бебиаԥҳа.

Кавказ ажәларқәа рхаҭарнакцәа, иааидкылан ачерқьесқәа ҳәа изышьҭоу 180 нызқь ҩык рҟынӡа Иорданиа инхоит. Атәым ҳәынҭқаррақәа рыҟны инхо ачерқьес ажәларқәа рахь иԥхьаӡоуп: аедыгьаа, аԥсиӷаа, аданиаа, абжьадугаа, агәаиаа, бжаниаа, мамхьекаа, темергоеваа, шаԥсыӷаа, абазаа уҳәа убас ирацәаны. Арҭ зегьы амҳаџьырра ашықәсқәа рзы Нхыҵ Кавказ иқәҵыз ажәларқәа роуп. Урҭ рыԥсадгьыл ныжьны ицар акәхеит аурыси кавказтәи аибашьра ашьҭахь. Раԥхьа Иорданиа иқәнагалаз Кавказ ажәларқәа иреиуоуп – ашаԥсыӷқәа.

© Sputnik Рада АжибаПрофессор и журналист Екатерина Бебия прочитала лекцию о своей поездке в Иорданию
Профессор и журналист Екатерина Бебия прочитала лекцию о своей поездке в Иорданию - Sputnik Аҧсны
Профессор и журналист Екатерина Бебия прочитала лекцию о своей поездке в Иорданию

Ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа Иорданиаҟа лцаразы ацхыраара ҟарҵеит ААУ аректор Алеко Гәарамиа, Аԥсуа телехәаԥшра анапхгаҩы Леонид Еныкь, Аҟәа ақалақь ахада Адгәыр Ҳаразиа.

"Иарбан усзаалак иамазар ауп аԥшьгаҩцәа реиԥш, ацхырааҩцәагьы. Ари аус аҟны исыдгылаз ААУ аректор Алеко Гәарамиа, Аԥсуа телехәаԥшра анапхгаҩы Леонид Еныкь, Аҟәа ақалақь ахада Адгәыр Ҳаразиа, ҳџьынџьуаҩ Инал Гьечба, еиҭагаҩыс дҳаман, даараӡагьы аџьабаа лҳарбеит Жанна Леиԥҳа иҭабуп ҳәа расҳәоит", — ҳәа лҳәеит аҵарауаҩ ллекциа хырқәшо.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор, ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа Иорданиатәи лныҟәарақәа ирызку афильмқәа рцикл ахәаԥшцәа идырбахоит ес-ԥшьаша Аԥсуа телехәаԥшра аканалаҿ. 


Ажәабжьқәа зегьы
0