Саҭанеи Гогәуаԥҳа: сыхьӡ иамоу аҵакы саԥсахарц сҭахуп

© SputnikСатанеи Гогуа
Сатанеи Гогуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шықәсқәак раԥхьа Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа нхара ҳәа иааз Саҭанеи Гогәуаԥҳа лҭоурых дазааҭгылоит ажурналист Сырма Ашәԥҳа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Саҭанеи Гогәуаԥҳа, сынтәа Аҟәатәи ахәбатәи абжьаратә школ далгеит. Лара илҭахәуп Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет дҭаларц, азиндырратә факультет. Саҭанеи сареи ҳаибадырит ааигәа, Аҟәа аусурҭатә ҭыԥ Гәдоу плаза аҟны. Лара лаԥхьа ишьҭоу лҵаратә усқәа рзы Сенер Гогәуа ицхыраарахь данымҩахыҵ аамҭазы.

Енгин Ебжьноу - Sputnik Аҧсны
Енгин Ебжьноу: Аԥсныҟа санаауаз издыруаз ҩ-ажәак ракәын: иҭабуп, абзиараз

Зегь раԥхьа иргыланы сара сыхнахит лхымҩаԥгашьа, дыԥхашьаԥхаҵо, дануацәажәозгьы улақәуа дырхыԥшыломызт. Иаразнак сылаԥш дныҵашәеит, дыздыраанӡагьы сгәы иаанагеит абри аҭыԥҳа Ҭырқәтәыла инхо ҳашьцәа дырхылҵшьҭроуп ҳәа.

Сгәаанагарагьы смеижьеит. Ииашаҵәҟьаны, Саҭанеи лабшьҭра Ҭырқәтәылаҟа ахҵәара иақәшәаз аԥсуаа иреиуоуп. Лаб Наџьоу Гогәуа, шықәсқәак раԥхьа иԥсадгьыл ахь нхара дааит. Ара, инасыԥ ицеиҩылшеит Аԥснытәи аҭыԥҳа, Мгәыӡырхәа ақыҭа инхоз Лиана Гәынԥҳа. Саҭанеи лҭаацәеи лареи Аԥсны иахьынхо деигәырӷьаны лцәажәара нхацлыркит.

"Сара ҩыџьа аишьцәа сымоуп, сара исеиҳабацәоуп. Дара Аԥсны иит, сара Ҭырқәтәыла. Аха, фышықәса анысхыҵ нахыс, ҭаацәала наунагӡа арахь аара аԥшьыргеит сани саби. Сыԥсҭазаара, сыԥсадгьыли сҩызцәеи рыда схахьы исзаагаӡом", — лҳәеит Саҭанеи лгәырӷьара ҳәаак амамкәа.

"Бара быхьӡ Саҭанеи бара беиԥш иԥшӡоуп, ибыхьӡызҵада?", — ҳәа санлазҵаа, дааԥышәарччан ус насалҳәеит:

"Сара саб иаҳәшьа лоуп сыхьӡ сыхьӡызҵаз. Нарҭаа дуқәа рангьы Саҭанеи лыхьӡымзи, уи сара сгәы иахәоит. Сыхьӡ иамоу аҵакы саԥсахарц сҭахуп", — ҳәа азгәалҭеит Саҭанеи лыхьӡ дазгәыдууны.

Саҭанеи лани лаби аус руеит Аҟәатәи аџьармыкьаҿы. Иаартны ирымоуп акаҳуажәырҭа. Лашьцәа руаӡәкгьы уа иҭаацәа аус рыциуеит. Жәашықәса раԥхьа, ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәразы аминистрра, Гогәуаа рҭаацәа нхарҭа ҭыԥла еиқәдыршәеит. Аҟәа, ажәытә ҳаблаҿы ауадақәа рырҭеит. Лашьеиҳаб Мураҭ иакәзар, аҭаацәара аԥиҵахьеит.

"Мышқәак раԥхьа ҳара ҳҭаацәараҿы агәырӷьаратә хҭыс ду ҟалеит. Сашьа Мураҭ еициз ҩыџьа аҷкәынцәа драбхеит. Дамеи Дамири рыхьӡаҳҵеит. Макьана ахшаараиурҭаҿы иҟоуп. Рбара сазыԥшуп", — лҳәеит Саҭанеи, лашьа иԥацәа дреигәырӷьауа.

Ииашаҵәҟьаны, Саҭанеи лышықәс еиҳа, дҟәыӷоуп, лхәыцрақәа ҵаулоуп, ажәа мыцхәы лҳәаӡом, иаалырԥшуа лгәаанагарагьы ахшыҩҵак ду амоуп.

"Сара ҭоурыхла издыруеит амҳаџьырра иамоу аҵакы. Зны-зынла санхәыцуа ыҟоуп, ԥсадгьылда атәымџьара сынхозҭгьы, сыԥсҭазаара шԥаҟаларыз ҳәа?", — дҳацәажәон Саҭанеи.

Саҭанеи Гогәуаԥҳа илҭахуп лҩызцәа ргәыхәтәы наӡарц. Сынтәа ашкол илыцалгаз лҩызцәа иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭаларц. Рҭаацәеи, рырҵаҩцәеи рџьабаа иаԥсахарц.

"Ҳара ҳхәыҷаахыс ҳаҩнаҭаҿы иҳаҳауа аԥсуа бызшәоуп. Сани саби еснагь иҳалабжьоит, ҳаԥсацәаҵәҟьаны ҳаизҳарц рҭахәуп. Ҳаргьы уи ҳҽазаҳшәоит. Аԥсны инхо аҿар шаҟа абаҩхатәра рылоузеи, шаҟа ибзиоузеи?! Исҭахәуп Ҭырқәтәылантәи иаауа аԥсуаа рхыԥхьаӡара рацәахарц", — лҳәеит Саҭанеи ҭынч-ҭынч дҳацәажәауа.

Раҳми Арӡынба - Sputnik Аҧсны
Раҳми Арӡынба: сыԥсадгьыл сыла иасырбап ҳәа сааит, уаҳа сагьымцаӡеит

Саҭанеи сареи ҳаибадырра ахы аныҵнахҵәҟьа слазҵааит: "Аԥсшәеи аурысшәеи еиҳа ибыцааиуеи?", — ҳәа. Дааччан иаразнак аҭак насаҭалкит: "Аԥсшәа".

Сааҭк инеиҳаны ицоз ҳаицәажәара даара агәахәа снаҭеит. Исҭахәуп Саҭанеи лгәыхәтәы наӡарц. Зегь раԥхьа иргыланы хықәкыс илымоу аҵароуп. Убри аҟны илзеиӷьаҳшьап аихьӡарақәа.

Издыруада, мышкы зны Саҭанеи дыхьӡырҳәагаханы, ҳлызгәыдуны лыӡбахә ҳҳәо иҟалар. Уи азы гәыҩбарагь ҳамам.

Саҭанеи леиԥш ирацәаҩхааит, аҳәаанырцәынтәи зҭоурыхтә ԥсадгьыл иазыхынҳәуа аԥсуаа.

Ҳзеиԥш ԥсадгьыл ҳазымкуа ҳаиҵыҵра ҭбаахааит.

Ажәабжьқәа зегьы
0