Ерол Ԥлиа: Аԥснынтә иаауаз ҳашьцәа аԥсуа фҩы рхаҳкаауан

© Sputnik Саида ЖибаЕрол Ԥлиа
Ерол Ԥлиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Здацқәа Гагра араион, Цандрыԥшь, жәытәла Аԥсара ҳәа изышьҭаз аиланхарҭантәи иаауа, амҳаџьырра ашықәсқәа раан Ҭырқәтәылаҟа иахнагаз Жьакә Ԥлиа (Лаԥшь-иԥа) ихылҵшьҭра, 150 шықәса рышьҭахь, рҭоурыхтә ԥсадгьыл аҟны рдацқәа аурыжьит. Жьакә ишьмоҭа Ерол Ԥлиа иаҳзеиҭеиҳәеит, даныхәыҷыз аахыс Аԥсны аӡбахә шиаҳауаз, раԥхьаӡакәны иџьынџьдгьыл ахь дшааз атәы.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Жьакә Ԥлиа Амшын Еиқәа аҿықәан, Қьефқьен ауп дахьӡхыҵыз, анаҩс адгьыл ҽыҭқәа ианрышьҭала, Нуфрен ақыҭа нхарҭас иалихит. Аԥснынтәи Ҭырқәтәылаҟа иахнагоз аԥсуаа реиланхарҭақәа, дара ахьынтәааз аҭыԥқәа рыхьӡқәа рырҭон. Убри аҟнытә, аҭырқәа хьӡы Нуфрен Аԥсара ҳәа азырҳәо иалагеит.

Семья Нусрета Ахба - Sputnik Аҧсны
Нусреҭ Ахба: ҳхы-ҳгәы ҳақәгәырӷьо ҳаԥсадгьыл аҿы ҳанхоит

Жьакә Лаԥшь-иԥа амҳаџьырра данахнагоз иихыҵуази, ицызи ртәы аҭоурых нагӡаны иҭҵаам, избанзар, иара иқәра шмаҷыз иԥсҭазаара далҵит. Аха аҭаацәара алалара дахьӡеит, ихылҵит хҩык ахшара, ҩыџьа аԥацәеи, аԥҳаи. Иԥшәма лакәзаргьы, аҿкы чымазара лыхьын, ахәыҷқәа рааӡара дахьымӡакәа адунеи лыԥсахуеит.

"Сара сабду Фаиқ дшыхәыҷыз иани иаби иԥхеит. Ргәылара инхоз Ахаа рҭаацәара, аиаҭымцәа рааӡеит, ршьапы иқәдыргылеит. Уи аҭоурых ҳара ҳаҭыр ақәаҳҵоит, Ахааи ҳареи бзиа ҳаибабоит, аишьцәа реиԥш ҳаизыҟоуп", — иҳәоит амоҭа.

Ерол Ԥлиа иаб Ниҳаҭ 26 шықәса роуп иниҵыз, аҷкәын иабдуи иандуи роуп дзааӡаз.

"Саб иԥсҭазаара даналҵ, сара ԥшьышықәса схыҵуан. Сан Гьиунгьиор дчерқьес ҭыԥҳан. Аамҭакы ашьҭахь, лара ҽаџьара ҩнра дцеит. Сара срааӡеит, быжьҩык ахшара зшьапы иқәзыргылахьаз сабдуи, санду Шьафгьиузаль Џьаԥрԥҳа. Дара рҟнытә ауп раԥхьаӡакәны Аԥсны аӡбахәгьы сшаҳаз", — еиҭеиҳәоит Ерол.

Ерол Ԥлиа 14 шықәса анихыҵ, иаб иашьеиҵбы аусурҭа ҭыԥ хыртны Адаԥазар ақалақь нхара даниас, арԥысгьы иара иахь дигеит.

© Sputnik Саида ЖибаЕрол Ԥлиа идәқьан
Ерол Ԥлиа идәқьан - Sputnik Аҧсны
Ерол Ԥлиа идәқьан

"Адаԥазар нхара ҳанааи, араҟа еиҳа Аԥсны аӡбахә саҳауан. Кавказ жәлар рыкәашаратә ансамбль салалеит. Лассы-лассы сҩызцәеи сареи, аиҳабацәа ҳрыцны Адернеқь ахь ҳцон. Исгәалашәоит зны, Орҳан Шамбеи, Омар Беигәааи, Ефрар Чкәатуеи уҳәа гәыԥҩык, Аԥсны иҟан, уаха ирбаз ираҳаз еиҭарҳәоит анырҳәа, ҳаибарыҩуа ҳашцаз. Абарҭ ҳџьынџьдгьыл аҟнытә аԥсуа фҩы рхны иааит ҳәа, ԥшьаала ҳрыдгыланы ҳарфыҩуан", — илабжыш иҿықәыҳәҳә игәалаиршәоит Ерол.

Аԥсны ахьаарԥшу патреҭк зымбацыз арԥыс, аха уахи-ҽни згәы иҭаз, иаҳауаз ажәабжьқәа рыла ихаҿы асахьа шьақәиргыло далагеит. Иара изы, уи иԥшьоу ҭыԥын, зегь раасҭа иԥшӡан.

2011 шықәсазы, Ерол Ԥлиа раԥхьаӡакәны Аԥсныҟа дааит.

"Аҳәаа санаахыҵ, сшьамхы арсны адгьыл сагәӡит. Санқәыԥшыз схаҿы иааиуаз асахьақәа раасҭа еиҳагьы иԥшӡан. Араҟа сахьынӡыҟаз аҳауа сызхомызт, лассы-лассы илбааздон, ҽазны саанӡа исызхап ҳәа", — еиҭеиҳәоит иара.

Ерол иаб иашьцәа Шьамсии, Меҭҭини, рашьеиҳаб Аллаҭин иԥацәеи Аҟәа нхара иааит. Араҟа дара еиҿыркааит рҭаацәаратә бизнес, иҟарҵоит ахаа "раҳаҭ лукум", иаадыртит адәқьанқәа жәпакы. Ажәакала, анцәа ишиҳәара иҟоуп, рыԥсадгьыл аҿы ршьапы адыркит.

Раҳми Арӡынба - Sputnik Аҧсны
Раҳми Арӡынба: сыԥсадгьыл сыла иасырбап ҳәа сааит, уаҳа сагьымцаӡеит

"Саб иашьцәа рахь лассы-лассы саауа саналага, саргьы исыӡбеит уск салагарц, ԥшьаала Аԥсны сшьапы асыркырц. Ԥшьышықәса раԥхьа, Гагра қьырала ҩ-дәқьанк ганы, Мрагыларатәи ахаақәа рыҭира нап асаркит. Иахьа ахәҳахәҭратә ҭыԥ сымоуп Пицундагьы. Убас исықәманшәалахар, исҭахыуп, ҳара ҭоурыхла ҳахьатәу Цандрыԥшь аҳаблан амашьынатә сервис аартра", — иусқәа ртәы ҳзеиҭеиҳәоит Ерол.

Ҭырқәтәылантәи иааз аишьцәа Ԥлиаа иныҟәырго абизнес иабзоураны, 60-ҩык рҟынӡа ҳтәылауаа усурҭа ҭыԥла еиқәыршәоуп.

Ерол Ԥлиа ԥыҭраамҭак абизнес мҩаԥигон Ҭырқәтәыла, акурорттә қалақь Мармарис, иаартны иман аресторан. Аусура аганахь ала шықәсқәак Саудовтәи Аравиа дыҟан. Аԥснытәи инаваргыланы, иахьа ихатә ус еиҿкаауп Ҭырқәтәылагьы.

Ерол макьаназы Аԥсны анхарҭа имаӡам. Аҟәаҟа данцо иашьцәа рҿы даангылоит, Гагра акәзар, қьырала ауаҭах амихуеит. Аха игәиҭоуп, ари азҵаара аӡбарагьы.

Аԥсныи Ҭырқәтәылеи ирыбжьоу Ерол дзызхьаауа ак ауп, мышкызны иџьынџьдгьыл изқәаҭыԥҳар.

"Ҭырқәтәыла зынхара-зынҵыра ыҟоу аҭаацәарақәа ирцәыуадаҩуп зныҭрыс зегь ныжьны Аԥсныҟа ахынҳәра. Убри аҟнытә, раԥхьа иргыланы уԥсадгьыл аҟны уск уҽазукроуп, уи уаманы иаалоит, аӡәы ишьапы аиркыр, иуа-иҭынха, ҳара Ԥлиаа ҳаиԥш еиднакылоит", — ҳәа азгәеиҭоит иара.

Енгин Ебжьноу - Sputnik Аҧсны
Енгин Ебжьноу: Аԥсныҟа санаауаз издыруаз ҩ-ажәак ракәын: иҭабуп, абзиараз

Ерол Ԥлиа дҭаацәароуп, ҩыџьа ахшара драбуп.

Иԥа Мерҭи, иԥҳа Мелҭеми иара иеиԥш рыԥсадгьыл гәакьа бзиа ирбоит.

"Аиашазы, сара аҭаацәара аԥысҵарц анысыӡба, аԥсуа ԥҳәызба схы дадыскыларц сҭахын, аха дысразҟымхеит. Сыҷкәын араатәи аԥсуа ҭыԥҳа динасыԥхонда. Убарҭ ирхылҵуа иакәхон, Аԥсны шьаҭанкыла здац аузышьҭуаз", — иҳәоит аб.

Ерол Ԥлиа уажәазы Гагра дахьынӡыҟаз, араҟа ҩызас имоу ажурналист Лиудмила Сергьегьиаԥҳа лыбзоурала диабадырит Лӡаа ақыҭан инхо, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь раԥхьаӡакәны Ҭырқәтәылантәи иааз ҳџьынџьуаҩ Ҭуран Быҭәба иԥшәмаԥҳәыс (иара иԥсҭазаара далҵхьеит) Ирина Ԥлиаԥҳа.

Абас арҭ амшқәа рзы аиашьеи аиаҳәшьеи еибадырит, иит аиуара ҿыц.

Ажәабжьқәа зегьы
0