Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Ҳанде Тәанԥҳа: Аԥсны-сара сҭаацәара ду ауп, аԥсуаа-сыуаажәлар роуп

© Sputnik / Бадрак Авидзба Ҳанде Тәанԥҳа
Ҳанде Тәанԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мызқәак раԥҳьа Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа нхара ҳәа иааз Ҳанде Тәанԥҳа лҭоурых Сырма Ашәԥҳа лматериал аҟны.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Ҳџьынџьуаҩ Ҳанде Тәанԥҳа, мызқәак раԥҳьа Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа нхара ҳәа дааит. Лара лаԥхьа, иҭоурыхтә ԥсадгьыл дазыхынҳәхьан лашьа, занааҭла исахьаҭыхҩу, иара убас акәашара аҟазара злоу, ансамбль "Кавказ" иалоу Кадыр Тәанба.

Кадир Тванба - Sputnik Аҧсны
Кадыр Тәанба: Аԥсныҟа нхара ҳаара ҳҭаацәа азыразуп

Иашьеи иаҳәшьеи раԥхьаӡа акәны рҭоурыхтә ԥсадгьыл иаҭааит 2015 шықәса рзы, Дузџьа еиҿкаау аҿар рыкәашаратә ансамбль "Аураашьа" иацны. Убасҟан еиҳагьы иҿыхеит рыгәҭыха, знык рџьынџьдгьыл ршьапы анықәдыргыла иаԥшьыргеит наӡаӡа рыԥсадгьыл азыхынҳәра. Анцәа иџьшьаны, аамҭа кьаҿк иалагӡаны инаӡеит Тәанаа рыгәҭакы. Иахьа, Кадыри Ҳандеи рхы-ргәы иақәгәырӷьо инхоит рабацәа, рабдуцәа рыԥсадгьыл ԥшӡаҟны- Аԥсынтәыла.

"Сара санхәыҷыз сан лан, санду Гәасҳа Аигун лахь аанҿасра сцалон, Ҳендеқь иаҵанакуа Кәарацәгьа ақыҭахь. Уаҟа сылаԥш иҵашәоз, аҭӡаҿы икнаҳаз асахьа ԥшӡақәа сразҵаауан, "изакәузеи?" - ҳәа. Исарҳәеит Аԥсны асахьақәа шракәыз. Иҟалап убасҟан ицәырҵзар, аԥсадгьыл иадҳәалаз ацәаныррақәа", - абас ҳаиҿцәажәара хацҳаркит Ҳандеи сареи.

Нусреҭ Ахба: ҳхы-ҳгәы ҳақәгәырӷьо ҳаԥсадгьыл аҿы ҳанхоит

Ҳанде Тәанԥҳа, Аԥсны аӡбахә еснагь дазҿлымҳан, аҭаацәараҿы уи аҳра ауан. Арахь даанӡагьы илдыруаз ажәабжьқәа маҷмызт. Ланшьа Џьошьқәын Аӡынба иҟынтә илаҳауаз, лыԥсадгьыл иадҳәалаз аҭоурых рацәан, Аԥсны даахьан, ибахьан, дынхон аҟынтә.

Аԥсуа шьха қыҭа Есма- Ҳаным - Sputnik Аҧсны
Есма-Ҳаным ақыҭаҿы игылоу ачамҳаҵла амҳаџьырра аҭоурых иаҿахәҳәагоуп

"Сара сабшьҭра, Ҭырқәтәыла, Есма-Ҳаным инхон, уажәыгь еиқәханы иҟоуп ақыҭаҿы ҳара ҳаҩны. Ҳазҭагылоу аамҭазы сҭаацәа Дузџьа инхоит. Саб иан д-Аҩӡԥҳауп, сан лан Гәасҳауп. Аԥсны сахьааиз Гәасҳа ажәла сԥымлаӡац. Адаԥазар иаҵанакуа аԥсуа қыҭақәа рҿы инхо сыжәлантәқәа Тәанаа маҷҩым", - дҳацәажәон Ҳанде Тәанԥҳа.

Ҳанде, Аԥсныҟа данаауаз гәҭакыс илыман иреиҳау аҵараиурҭа аҭалара. Хымԥада, лыгәҭакы анагӡара дашьҭоуп. Уажәазы лҽазҵәылхны аԥсуа бызшәеи, аурысшәеи рҵара даҿуп. Абызшәақәа лнапаҿы иаалгар, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аԥсуа бызшәеи алитературеи рыҟәша дҭаларц лҭахуп.

"Сара Аԥснытәи сҩызцәа рацәаҩуп. Мышкы ҳанеибамбо ҟалаӡом, ҭелла лассы-лассы ҳаигәныҩуеит. Аиаша шәасҳәоит, нхараҵәҟьа ҳәа аара анаԥшьызга, азныказы саашәеит. Аха уажәы убас еиԥш шәасҳәоит-смаар сыгәнаҳахон", - Аԥсны лыҟазаара деигәырӷьауа дҳацәажәон Ҳанде.

Ҳанде излалҳәо ала, Аԥсныҟа лашьеи лареи раара иадгылеит рҭаацәа. Ари аус аҟны ани аби иаадырԥшыз агәаӷьра ҳаракуп.

"Аԥсны даара адгылара ҳарҭеит ҳара ҳаԥхьа Ҭырқәтәылантәи арахь нхара иаахьаз ҳауацәа-ҳҭахцәа, Еркәыт Аӡынба, Альбина Аҩӡԥҳа, иара убас арепатриациазы аминистрра, аԥсуаа зегьы", - ҳәа азгәалҭоит Ҳанде Тәанԥҳа.

Ҳандеи Кадыри Тәанаа, иахьа инхоит Аҟәа ақалақь аҿы, рыҩны ақьыра ахахьы иагеит арепатриациазы аминистрра. Уи ҭабуп ҳәа ахырҳәаауеит иашьеи иаҳәшьеи.

Анзор Арҩҭаа  - Sputnik Аҧсны
Арҩҭаа: Аԥсны - схәышҭаароуп, еинҭəыланы, ахақəиҭра аманы иҟазарц сҭахуп

"Сара сҩызцәа Ҭырқәтәылантәи лассы-лассы исазҵаауеит, еиҳаракгьы аҭырқәцәа: "Ҳанде, арахь банбаауеи?"-ҳәа. Сымхәыцкәа иаразнак аҭак рысҭоит: Снеиӡом, сара сынхоит сыԥсадгьыл аҿы", - ҳәа-азгәалҭеит Ҳанде.

Зқәыԥшра аамҭа иҭагылоу, зыхшыҩҵак ҵару, зыблақәа агәыразра рхыубаало, зыԥсадгьыл абзиабара иатәнатәыз Ҳанде Тәанԥҳа лхымҩаԥгара акырӡа иҿырԥшыгоуп аҳәаанырцәынтәи зыԥсадгьыл иазыхынҳәырц зыгәҭаку ҳџьынџьуаа рзы, еиҳарак аҿар.

"Аԥсны мрагылареи мраҭашәареи аҭыԥкәа сырҭаахьеит. Исымбац ақыҭақәеи, ақалақьқәеи рацәоуп. Хымԥада, урҭ зегьы рбара сыгәҭакуп. Зегь раԥхьа иргыланы Ешыра ақыҭа, сабшьҭра ҭоурыхла иахьамадоу. Аԥсҭазаараҿы зегьы угәы ишаҭаху ианыҟамло ыҟоуп, аҭаацәараҿы гәынҷыхьак ҟалар, аҩнаҭа идәылыргаӡом, уа иаанхоит. Аԥсны-ари сара сҭаацәара ду ауп, аԥсуаа-сара сашьцәа роуп", - дгәырӷьаҵәа дҳацәажәон Ҳанде Тәанԥҳа.

Ердынџь Аҭеиба: сабдуцәа иртәышьҭраны исоуз ажәытәтәи амаҭәахәқәа срыхӡыӡаауеит

Ҳанде агәра ҳлыргеит, лгәы ишаҭаху аԥсышәала дҳацәажәартә еиԥш ианылҵа, инарҭбаау аинтервиу шҳалҭо. Уажәазы, иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит Ҳандеи сареи ҳаиҿцәажәара аҭырџьман, шықәсқәак раԥхьа Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа нхара ҳәа иааз Еркәыт Аӡынба. Ҳанде лакәзар илзеиӷьаҳшьоит аихьӡарақәа, лыгәҭакқәа лара ишылҭаху еиԥш инаӡарц.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0