Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Ҳџьынџьуаа: досу излаилшо ала ижəлари иԥсадгьыли рзы дхəарҭахароуп

© Foto / Сырба АшубаЖанби Сташ
Жанби Сташ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсныҟа ихынҳәыз ҳџьынџьуаа гәыԥҩык рыԥсҭазаашьеи, урҭ рыԥсадгьыл ахь ирымоу агәыбылреи, рнапы злаку аусқәеи ртәы дазааҭгылоит ажурналист Сырма Ашәԥҳа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Дранда аҳаблаҿы игылоу жəеихагылак змоу аҩны шықəсқəак раҧхьа Арепатриациазы аминистрра ҳџьынџьуаа рзы еиҭашьақəдыргылеит. Иахьа уаҟа инхоит аҳəаанырцəынтəи зҭоурыхтə ԥсадгьыл ахь нхара ҳəа иааз ҳхылҵшьҭрақəа.

Хымҧада, ауаҩы иԥсҭазаараҿы, анхара инаҷыданы, аҭыԥ ӷәӷәа ааннакылоит ахныҟəгара азҵаарагьы. Уи азы иаҧҵазароуп абзазара зырманшәало аҭагылазаашьа. Ари азҵаара аганахьала, Дранда инхо ҳџьынџьуаа рхы иахашшаауам, зыӡбахə сымоу хаҭала сара санырҭаа, сзықәшәаз ауаа роуп.

Ҳанде Тәанԥҳа: Аԥсны-сара сҭаацәара ду ауп, аԥсуаа-сыуаажәлар роуп

Жəеихагылакны иҟоу аҩны азааигəара игылоуп еихагылак змоу ахыбра. Уи еиднакылоит хəҭа-хəҭала ауадақəа. Ииашаҵəҟьаны, хара умцакəа зда ҧсыхəа ыҟам зегьы ааухəаратəы иҟоуп, иара убас уаҟа аус руеит зус иазҟазоу аспециалистцəа: ахаԥыцҟаҵаҩ, ахəыҟаҵаҩ, ачаӡҩы. Аҩны азааигəара игылоуп анаплак маҷқəа, еиуеиҧшым аҩнымаҭəахə иахьыҟарҵо азауад хəыҷқəа. Аус зуагьы ҳџьынџьуаа роуп.

Насиба Гьечԥҳа - Sputnik Аҧсны
Насиба Молье: ԥхыӡ иаҳбар ихаҳҵомызт мышкымзар мышкы Аԥсныҟа нхара ҳаауеит ҳəа

Жамби Сташ, хəышықəса раԥхьа иҭаацəа иманы Шьамтəылантəи Аԥсныҟа дааит. Иҧшəмаҧҳəыси иареи рынхарҭаҭыҧ азааигəара ача рӡуеит. Ачаӡырҭа ашə аартны ианызба, араҟагьы аус зуа ҳџьынџьуаа ракəзар ҟалап сгəахəын, ашə снасны сныҩналеит. Аԥсшəа нарасҳəеит, даргьы рхы аадырҵысит. Иубаратəы иҟан абызшəа шырзымдыруаз, изулак сызусҭаз, снапы злакыз нарасҳəеит. Аԥшəма маҷк аурысшəа иҳəон, "уажəыҵəҟьа сыԥҳа даасыԥхьоит, уи абызшəа лдыруеит", - иҳəан, иҧҳа иналызҿиҭит. Абри ҳҳəонаҵы, дааҳадгылеит Жамби иҧҳа Мафа. Лхы-лҿы ачча ықəыхх, аҧсшəа наҳалҳəеит. Нас ҳаиҿцəажəарагьы инацаҳҵеит. Излеилкаахаз ала, Мафа амузыка даара бзиа илбоит, абызшəақəа рҵара даҿуп, "абар уажəшьҭа аҭырџьманрагьы сылҵзаап" ҳəа азгəаҭо дагьааԥышəырччеит.

Альбина Караловеи лхәыҷқәеи - Sputnik Аҧсны
Альбина Каралова: аҳәаа сахысны Аԥсны сшьапы шаақәсыргылаз исгәыҵасыҳәҳәар сҭахуп

"Сҭаацəеи сареи Аԥсны ҳанхоижьҭеи уажəшьҭа шықəсқəак ҵуеит. Аӡҩыбжьатəи абжьаратə школ ахь ҳныҟəон сашьеи сареи. Уажəы амузыкатə ҵараиурҭаҿы аҵара сҵоит, актəи акурс аҿы стəоуп. Даара бзиа избоит жəлар рмузыкатə инструментқəа рыхəмарра, иара убас афортепиано ашҟагьы сныҟəоит", - абас лгəырҕьара ҳəаак амамкəа дҳацəажəон Мафа.

Арҭ аҭаацəа аамҭа кьаҿк иалагӡаны Аԥсны анхара-анҵыра нап адыркит, дара изларҳəо ала, иагьрықəҿиеит. Акызаҵəык, ани аби уадаҩрас ирымоу, абызшəа ахьырзымдыруа ауп. "Аха, Анцəа иџьшьаны, ҳахшара ирҳəоит", - ҳəа азгəарҭеит дара.

Ачаӡырҭа авараҿыҵəҟьа иҟоуп ахаҧыцҟаҵарҭа. Уаҟа ҳара дҳақəшəеит уи аусбарҭаҿы аус зуа Лиудмила Ашьхацааԥҳа. Излеилкаахаз ала, лара Ҟарачы-Черқьесиантəи иааз ашəуоуп. Иааигəаны ҳанеибадыр, лабшьҭра аҭоурых ашəуа бызшəала (ашьхарыуа диалект) аиҭаҳəара дналагеит.

© Foto / Сырба АшубаЛиудмила Ашьхацааԥҳа
Ҳџьынџьуаа: досу излаилшо ала ижəлари иԥсадгьыли рзы дхəарҭахароуп - Sputnik Аҧсны
Лиудмила Ашьхацааԥҳа

"Ҳара Ԥсҳəы ақыҭа иҭыҵқəаз ҳауп. Шəахьсыхəаԥшуа, иџьашəшьазаргьы ҟалап, лыуаҩыбжара дынҭысхьеит, лыҩны-лыдəны зегьы нкажьны Аԥсныҟа нхара дызлааи ҳəа? Сааит, избанзар исҭахын, сыԥхыӡ иалан еснагь. Шықəсқəак раԥхьа сабдуцəа ахьҭыҵыз ашьхақыҭа Ԥсҳəы схалеит, смаҭа хəыҷы дсыманы, уа иаадыртуан агəалашəаратə ҕəы. Уаҟа илбааздаз аҳауа, сызҿыхəаз аӡы, избаз аҧшӡара сатəнамтəырц залшозма?!" - дҳацəажəон Лиудмила Ашьхацааҧҳа.

Анзор Арҩҭаа  - Sputnik Аҧсны
Арҩҭаа: Аԥсны - схәышҭаароуп, еинҭəыланы, ахақəиҭра аманы иҟазарц сҭахуп

Лиудмила Ашьхацааҧҳа, Ҟарачы-Черқьесиа, Старокувинск ҳəа иахьашьҭоу дынхон. Имаҷым уаҟа инхо Ԥсҳəы иҭыҵқəаз ажəлақəагьы. Лиудмила даараӡа илҭахуп Аҧсны инхо лыжəлантəқəеи лареи еибабарц, инҭырҳəыцааны иҭылҵаарц лабдуцəа рҭоурых.

"Сара сҭаацəа Ҟарачы-Черқьесиа иҟоуп, ҩыџьа аԥацəа срануп, амаҭацəа сымоуп. Сыхшара сыԥсадгьыл аҿы снышəнап ҟаларц шысҭаху расҳəахьеит, ирдыруеит. Аамҭа анрымоу, исзаалоит, еиҳаракгьы аԥхынра. Араҟа сара аус зуеит Шьамтəылантəи Аԥсныҟа иааз Назира Арҩҭааҧҳа лхаԥыцҟаҵарҭаҿы. Аџьар ҟаҧшь ацхыраара ҟарҵеит ахыбра аргылараҿы. Арепатриациазы аминистрра ҳара иҳануп, иҳабуп, ҳусқəа ирхаҵгылоит", - Аԥснытəи лыԥсҭазаара деигəырҕьо дҳацəажəон Лиудмила Ашьхацааԥҳа.

Лиудмила Ашьхацааԥҳа илыбзоураны, Дранда инхо ҳџьынџьуаа рҭаацəарақəа ҳарҭааит, гəынҷыхьажəак џьара иаҳмаҳаит, досу изларылшо ала инхоит-инҵуеит, агəкажьра зынӡагьы рааигəа иҟаӡам, аԥсҭазаара еигəырҕьо инхоит.

Аибабара, аимадара, аицəажəара, аҭыԥантəи аԥсуаа рбара, рыжəлантəқəа рыԥшаара, рыхшара аԥсышəала ицəажəо рыԥсадгьыл аҿы рааӡара - абарҭ азҵаарақəа роуп ҳџьынџьуаа гəыҵхас ирымоу.

Ирҳəо ахшыҩзцара акоуп: "Ауадаҩрақәа ыҟамзар, аԥсҭазаара аинтерес аҵаломызт, зыԥсы ҭоу уадаҩракгьы дақəшəароуп, игəы каимыжьроуп, урҭ ауадаҩрақəа дыриааироуп. Досу излаилшо ала ижəлари иԥсадгьыли рзы дхəарҭахароуп. Зегь раԥхьа иргыланы ҳаԥсадгьыл аҿы ҳаиҵыҵроуп, ҳаизҳароуп", - ҳəа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0