Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Аԥсны зыԥсы зшьоз ҳџьынџьуаа хәыҷқәа: уажәраанӡа ҳаԥсадгьыл ахь ҳашԥамаахьаз

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны зыԥсшьарамшқəа зхызгоз ҳџьынџьуаа хəыҷкəа
Аԥсны зыԥсшьарамшқəа зхызгоз ҳџьынџьуаа хəыҷкəа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны зыԥсшьарамшқəа зхызгоз ҳџьынџьуаа хəыҷқəа рыԥсадгьыл бзиа ишырбази, уи азы ргəаанагарақəеи ртəы ҳзеиҭеиҳəоит агəыԥ анапхгаҩцəа руаӡəк Ердынџь Аҭеиба.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Жəамш зҭоурыхтə ԥсадгьыл аҟны Ҭырқəтəылантəи, Иорданиантəи зыԥсшьара мшқəа зхызгоз ҳџьынџьуаа хəыҷқəа рхы-ргəы иақəгəырӷьо рҭаацəарақəа рахь ихынҳəит. Урҭ ара иҟанаҵы ирзеиҿкаан ихаҭəааз апрограмма, уи ҳəаақəнаҵон Аԥсны Аҳəынҭқарра Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аминистрра.

Дбар "Ахьышьҭрахь - 2019" азы: ахәыҷқәа рџьынџь ԥсадгьыл ргәы иҭымҵәо иаанхароуп>>

Ахəыҷкəа қəрала еиҟарамызт, зегьы иреиҵбыз жəаҩа шықəса ихыҵуан, иреиҳабыз - жəибжь, руаӡəк ара дшыҟаз ихыҵит жəаа шықəса. Хымԥада, араҟа ирбаз-ираҳаз акыр ихнамхырц залшомызт. Уи ус шакəу ҳзеиҭеиҳəеит ҳара Ҭырқəтəыла ҳҽызмаҳдаз, агəыԥ иацыз аиҳабацəа руаӡəк Ердынџь Аҭеиба.

"Агəыԥ иалаз ахəыҷқəа иреиҵбаӡаз убас еиԥш иани иаби иреиҳəеит, аҩны дахьнеиз: "Уажəраанӡа Аԥсныҟа шəышԥамцацыз, уажəаԥхьа шəара сзышəымгазеи, араҟа шəызтəоузеи, даҽазны санцо шəареи сареи ҳаиццароуп, сара уа избақəаз шəаргьы ижəбароуп", - ҳəа ахəыҷы иажəабжь ала ҳаиҿцəажəара хациркит Ердынџь Аҭеиба.

Агəыԥ еиднакылоз аҿар Ҭырқəтəыла ақалақьқəеи ақыҭақəеи рҟынтə еизган.

Встреча президента Абхазии Рауля Хаджимба с детьми из стран проживания абхазской диаспоры  - Sputnik Аҧсны
Аиԥырҵра уадаҩхеит: Аԥсны ахада дырԥылеит Иорданиатәи, Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаа

Урҭ рышықəсқəа шеиԥшымыз еиԥш, еиԥшымызт рхəыцрақəагьы. Аха еидызкылоз гəыцəс ирымаз, зегь раԥхьа иргыланы, рыԥсадгьыл абзиабара ауп. Уи арҵабыргуеит дара рхымҩаԥгара, рџьынџь дгьыл абзиабара, агəыбылра.

"Ас еиԥш иҟоу апрограмма алҵшəа аԥхьаҟа еиҳагьы анырра ҟанаҵо иалагоит. Аҿар абра иахьынӡаҟаз даара ирацəаны срацəажəеит, рхəыцрақəа еилыскааит. Ргəы ҷыдарак ҭаҳаршəызшəа сгəы иаанагоит. Аҭырқəа бызшəа акəын ирдыруаз, уажəы агəра ргеит аԥсуа бызшəа рымҵар ада ԥсыхəа шрымам, ргəы иҭоу рҿы иадырҳəарц азы", - иҳəеит Аҭеиба.

Ешба: ҳџьынџьуаа рхәыҷқәа Аԥсны ршьапы ианықәдыргыл, рылаӷырӡ аара иалагеит>>

Аиԥырҵра амшгьы анааиз, имариамхеит. Ахəыҷқəа рыԥсадгьыл ааныжьны иахьынхоз атəылахь ацара рҭахымызт. Ирымаз агəаҳəарақəа акыр ирацəан, ҵҩа рымам иҭырхыз афотосахьақəа, еилыркааз ажəабжьқəа, ираҳаз аҭоурых, лабҿаба ирбаз аԥшӡарақəа.

Аишьцәа Ажьиаа Ҭырқәтәалантәи рыжәлантәқәеи дареи реиқәшәара - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи Ажьиаа ҳџьынџьуаа хәыҷқәа бзиала шәаабеит ҳәа рарҳәеит

"Иорданиантəи иааз ахəыҷқəеи Ҭырқəтəылантəи иааз ахәыҷқәеи ҩ-гəыԥк ыҟан. Рызегьы еикəшеит, аиԥырҵра рҭахымызт, игəыдибаҳəҳəалеит. Аамҭа шьахəла еицырхыргеит, еицгəырӷьеит, еицыкəашеит, еицышəаҳəеит, ачеиџьыка еицырфеит, уи шаҟа игəахəароузеи! Амца иахылҵуа иаҩызахеит ҳҳəыҷкəа ргəы иҭаҳаршəыз акəиц иахылҵыз амцабз. Аԥснаа ҳашьцəа, атəыла анапхгара, абри аус аџьа адызбалаз зегьы ҭабуп ҳəа раҳҳəоит", - ҳəа азгəеиҭоит Ердынџь Аҭеиба.

Зда ԥсыхəа ыҟам Аԥсадгьыл, аԥсуа бызшəа, урҭ зегьы шьагəыҭс ирымоу аԥсуара - арҭқəа зегьы ҳџьынџьуаа хəыҷқəа ршьа-рда мцабзҵас иҭысит.

"Агəыԥ иалаз рахьтə аӡəык-ҩыџьак рыԥсадгьыл иазыхынҳəыр, бзиа ирбар, егьырҭгьы ирылшо ак ҟарҵар, цхыраарак аадырԥшыр, даҽаӡəых сыԥсаанӡа сыԥсадгьыл аҿы сыҟазаауеит ҳəа дазхəыцыр, уи алҵшəа бзиа аанамырԥшырц залшом, уи ус ишыҟало лабҿаба избеит, агəра згеит", - иҳəеит зхəыцрақəа ҳацеиҩызшаз Ердынџь Аҭеиба.

© Sputnik / Томас ТхайцукРепатрианты
Аԥсны зыԥсы зшьоз ҳџьынџьуаа хәыҷқәа: уажәраанӡа ҳаԥсадгьыл ахь ҳашԥамаахьаз - Sputnik Аҧсны
Репатрианты

Ҭырқəтəылантəи зҭоурыхтə ԥсадгьыл аҿы зыԥсшьара мшқəа зхызгоз ахəыҷқəа ргəыԥ далан Ердынџь Аҭеиба иԥа Аҭакангьы. Иазгəаҭатəуп, 2010 шықəса рзы Ердынџь иԥҳа Ақанда, ахəыҷқəа ргəыԥ даланы Аԥсны лыԥсшьарамшқəа шылхылгоз, усҟан уи илхыҵуан жəшықəса.

Гəлиар Кəаӡԥҳа: ҳашьцəеи ҳареи ҳаибабара аҵакы ӷəӷəоуп, иузыкапануам>>

Зышықəс иаҵанакуа аҿар ракəзар, Аԥсны иҟанаҵы атəылауаҩшəҟəқəа рыҭан азакəантə шьаҭа инақəыршəаны. Ердынџь Аҭеиба излеиҳəо ала, аԥсуа ихəыҷы иааӡаразы иибо аџьабаа иахьа уажəраанӡа ҳаиқəырханы ҳаазго аҵасқəа ираԥгылоуп. Ахəыҷкəа Аԥсны рыҟазаара иалагӡаны рыбла иабаз, рлымҳа иаҳаз ахааназы хашҭра рзақəым. Уи, хымԥада, рыԥсадгьыл ахь иаагоу амҩа иазхьанарҧшуеит, рхы-ргəы иҭымҵəо иҟалоит, хаабызшəала ргəы иҭаршəу акəиц амца еиҳагьы иӷәӷәаны иакраны иҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0