Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Фадель Лышəба: насыԥуп ҳахшара рыԥсадгьыл аҿы иахьеизҳауа

© Foto / Предоставлено Сырмой АшубаФадель Лушба
Фадель Лушба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳџьынџьуаҩ Фадель Лышəба иԥсадгьыл аҿы иԥсҭазаашьоу атəы ланҵамҭаҿы дазааҭгылоит ажурналист Сырма Ашəԥҳа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Ԥшьҩык ахшара раб Фадель Муҳаммед-иԥа Лышəба, 2013 шықəса рзы Шьамтəылантəи Аԥсныҟа иҭаацəа иманы нхара ҳəа дааит. Иахьа, дынхоит Агəӡера аҳаблаҿы, ҳџьынџьуаа рҭоурыхтə ҧсадгьыл ахь рырхынҳəразы аминистрра иҟанаҵаз ацхыраара иабзоураны. Аҩнаҭа аԥшəма излаиҳəо ала, Аԥсны рхы иахашшаауа иҟам, акызаҵəык уадаҩрас ирԥыло аусурҭа аҭыԥ ахьыҟам ауп.

Афра Чатау - Sputnik Аҧсны
Шьамтәылатәи ҳџьынџьуаҩ Афра Чаҭау: Аԥсны ҳаԥшәыманы ҳхы аабоит

"Сара Шьамтəыла англыз-араб бызшəақəа рыла ҭырџьманс аус зуан. Уи азаанаҭ араҟа ахархəара асымҭозаргьы, ус баша стəаӡам. Аргыларатə усқəа снапы рылакуп, сҭаацəа ныҟəызгартə сыҟоуп. Сыхшара шьҭа еизҳаит, Аԥсны рҩызцəа, рықəлацəа ыҟоуп, зынӡагьы ирцəыуадаҩымхаӡеит аратəи аҧсҭазаара аҽаршьцылара", - ҳəа азгəеиҭеит Фадель ҳаиҿцəажəара хацыркуа.

Фадель иԥшəмаԥҳəыс Рада Чқəуаҧҳа, лыхшара дрыхӡыӡаауа илааӡоит. Иҟоуп урҭ рахьтə абжьаратə школ ахь иныҟəо, иара убас иреиҳау аҵараиурҭа иҭоу. Рԥа аиҳабы иакəзар аус иуеит Аҟəа ақалақь Амшынеиқəафымцамчы аусбарҭаҟны.

"Сыԥҳацəа руаӡəк ахəбатəи акласс аҿы дтəоуп, егьи аабатəи акласс аҟны, Кьалашəыртəи абжьаратə школ ахь иныҟəоит. Сԥацəа уажəшьҭа ихацəарԥаруп, срықəгəыӷуа иҟоуп. Аурыс бызшəа рҳəоит, аԥсуа бызшəа бзианы еилыркаауеит, ицəажəаратəы иҟоуп", - иҳəеит Фадель ҳаиҿцəажəара иацҵауа.

Шьамтəылантəи Аԥсныҟа нхара ҳəа иааз ҳџьынџьуаа рахьтə, шамахамзар зегьы занааҭк-занааҭк рымоуп, аха уи ара рхы иадырхəартə еиԥш аҭагылазаашьа анрымам ыҟоуп. Убри азы агəыӷра рымоуп аҳəынҭқарра ари аус аԥхьаҟа иҵегьы ахаҵгылара шарҭо. Иара убас, анхара-анҵыраҿы иуԥыло ауадаҩрақəа ируакны ирыԥхьаӡоит абызшəа амдырра.

"Ҳара уажəшьҭа урысшəала, аԥсышəала ҳцəажəартə ҳаҟоуп. Абызшəа арҵаразы арепатриациаҿы еиҿкааз акурсқəа рахь ҳныҟəон аамҭаказы, уи даара ицхыраагӡаны иҟалеит аҭыԥантəи ауааи ҳареи ҳаицəажəара, ҳаибадырра, ҳаилибакаара аус аҟны. Ҳхəыҷкəа ҳара иҳаԥгылаз ауадаҩрақəа рҩызцəа роуӡом, избанзар араҟа аҵара рҵоит, араҟа еизҳауеит", - ҳəа азгəеиҭеит Фадель Лышəба.

Шьамтəыла инхоз ҳџьынџьуаа изқəынхоз адгьыл аҿы зегьы жəлак еиднакылон- Абаза. Иҟоуп урҭ рахьтə зыжəла ашьҭра ззымдыруазгьы. Дара изларҳəо ала, еиҳарак излацəажəоз адыга, аҟабарда бызшəақəа рыла акəын. Аԥсны аӡбахə акəзар, арахь ицан иаауаз аԥсуаа рыла ираҳауан. Аимадара ахьмаҷыз иахҟьаны, ажəытə Аԥсны иадҳəалаз ирдыруаз ажəабжьқəа маҷын.

Али Аншба - Sputnik Аҧсны
Али Аншба: аԥсуа дахьыҟазаалак иҩн ду ахь, Аԥсныҟа даароуп

"Ииашаҵəҟьаны, ҳара ҳаиҳабацəа акыр агəаҟра ӷəӷəа рхыргеит. Раԥхьа Ҭырқəтəылаҟа инанагеит, анаҩс Шьамтəылаҟа, ус шаҟа ҳəынҭқаррахь иагазеи? Иахьа ҳара ҳажəла Египетгьы ишəԥылоит. Шаҟаҩ атəым ҳəынҭқаррақəа рҟны изеиуоу рмилаҭ рцəыӡхьоузеи, уи шаҟа ирыцҳароузеи? Ҳара Аҧсныҟа ҳанаауаз Норвегиаҟа ҳцартə еиҧш аҭагылазаашьа ҳаман, иҟаларын уа еиҳа ҳаҧсҭазаарагьы еиӷьны ишьақəгылар, аха ҳақəшаҳаҭымхеит. Сыԥшьҩы ахшара сыманы Аҧсныҟа сааит", - иҳəеит Фадель ихəыцрақəа ҳацеиҩшауа.

Фадель Лышəба, Шьамтəыла, Кəнеитра ҳəа иахьашьҭаз аҭыԥ аҿы дынхон, иара убас Дамаск ақалақь аҿы иман аҩны. Иара ԥшьҩык аишьцəеи, ҩыџьа аиҳəшьцəеи имоуп. Иашьцəа зегьы Шьамтəыла инхоит, иаҳəшьцəа руаӡəк Иорданиа дыҟоуп.

"Ҳара Аԥсныҟа ҳааижьҭеи Шьамтəылаҟа ҳамцаӡац. Ҳауацəеи ҳҭынхацəеи ҭелла ҳрацəажəоит. Ҳарҭ ҩԥсадгьылк ҳамоуп ҳҳəарц ҳалшоит. Руак ҳахьиз, ҳахьааӡаз атəыла, аҩбатəи ҳара ҳзы зегь реиҳа ихадароу, аҵак ду змоу атəыла ҳҭоурыхтə ԥсадгьыл Аԥсны. Адунеи аҿы аибашьра ҟамлааит ахааназы, ахəыҷқəа уи абла иҭамԥшыроуп, ахəыҷқəа рдунеи аҭынч ԥсҭазаара акəзароуп. Сара араҟа ахəыҷқəа рлакҭақəа чча-ччо ианызбо саҟара сыцнаҵоит",-ҳəа азгəеиҭеит Фадель Лышəба.

Нарҭ Ҟәаԥсаргьен - Sputnik Аҧсны
Нарҭ Ҟәаԥсаргьен: сгəы раҳаҭны сыҟоуп Аԥсны, избанзар саԥсыуоуп

Сара сзыҿцəажəоз Лышəаа рҭаацəа сразҵааит: "Уадаҩрас еиҳа ишəыԥгылои араҟа?"-ҳəа. Сызҵаара аҭакс иааԥышəырччан ус рҳəон: "Мап, уадаҩра ҳəа акагь ҳамам". Ргəазыҳəарақəа ракəзар аԥхарра аҵаҵаны аҳəашьа иақəшəон. Аԥсуа ианакəызаалак ихы дахашшаауам, убасҵəҟьа иҟоу ҭаацəароуп Лышəаа рҭаацəарагьы.

Фадель Лышəбеи Рада Чқəуаԥҳаи рыхшара аԥсуа ҵаслаҵəҟьа иааӡоуп. Уи ҳара агəра ҳгеит дара рхымҩаԥгашьала, рхəыцрақəа рыла. Уимоу, рҭаацəа абызшəаҿы ианааилахəоз дара ацхыраара ҳарҭон. Ашкол ахь иныҟəо аҭыԥхацəа уажəнатə рхы ззыркша, изнылаша амҩа алырххьеит. Руаӡəк дҭырџьманхарц лҭахуп, егьи дҳақьымхарц. Лышəаа рҭаацəара рыԥсадгьыл аҿы ирзеиӷьаҳшьоит аинҭəылара, изызҳауа рыхшара ракəзар рыгəҭакқəа дара ишырҭахəу еиԥш анагӡара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0