Ажәытә ҵасқәа иреиуоу ацуныҳәа иахьагьы еиқәырхоуп

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАбиԥарала еиқәырханы иаагоу ацаныҳәа
Абиԥарала еиқәырханы иаагоу ацаныҳәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абиԥарала еиқәырханы иаагоу ацуныҳәа, иахьагьы хшыҩзышьҭра амоуп, уи шымҩаԥырго атәы дазааҭгылоит Sputnik акорреспондент Саида Жьиԥҳа.

Есышықәса, аԥхынразы, аԥсуаа жәытә-натә аахижьҭеи ааигәа-сигәа инхо агәылацәеи аиуацәеи рҽеизганы аныҳәара мҩаԥыргоит. Даҽакала иуҳәозар ацуныҳәа. Ашьтәа шьны Анцәа иашьаԥкуеит, рхы рныҳәоит. Ари аҵас, иахьа уажәраанӡагьы еиқәырханы иаагоуп. Уаанӡа ақыҭақәа рҟны инхоз ракәызҭгьы имҩаԥызгоз, иахьа ақалақьуаагьы хшыҩзышьҭра арҭоит.

Иҳаҩсыз амҽышазы, ацуныҳәа мҩаԥыргеит Гагра ақалақь агәҭа иаланхо 36 ҭӡы, уи иазалхны ирымоу аҭыԥ аҟны.

Ацуныҳәа иамоуп ахатәы ҷыдарақәа. Ари аҭыԥ ахь имҩахыҵуа ауаа зегьы, рхы ргәы цқьаны иааиуазар ауп. Араҟа ииашамкәа ацәажәара, ма ацәҳара ҟалаӡом.

Ажәытәан, ари Анцәа иашьаԥкра шазгәарҭози, иахьа иҟоу аиԥшымзаарақәеи ртәы дазааҭгылеит аныҳәаҩ Владимир Жьиба.

"Ианакәузаалак ацуныҳәа ахьыҟарҵо ҭыԥс иалырхуеит аџьҵлақәа ахьеилагылоу, иацәыхарамкәа аӡыхь ахьааиуа. Аишәа акәзар, иара иашьашәало ирхиатәуп. Ацуныҳәа иазку чысны иԥхьаӡоуп акәац, абысҭа, аџьыкхыш, ачаҳаржә, аҩы цқьа. Сара саныхәыҷыз исгәалашәоит, адгьыл аҟны арасабӷьы шьҭаҵаны аишәа шдырхиоз, атәарҭақәа шыҟарҵоз. Аха аамҭақәа цацыԥхьаӡа ачысгьы арбеиара иалагеит, аишәеи атәарҭақәеи ракәзар, аӷәы ала еибырҭоит, аха уеизгьы ихадырҟьаӡом", — иҳәоит аныҳәаҩ.

Ацуныҳәа анымҩаԥырго амҽышала ауп. Ашьыжь уи аиҿкаара зду аҭаацәарақәеи аныҳәаҩи ааины иршьуеит иара иазку хышықәса иреиҵам ашьтәа, ацә ма аџьма. Анаҩс ируеит абысҭа, иржәуеит ачаҳаржә.

Аныҳәаҩ иажәақәа рыла, ажәытәан ацуныҳәа иацәынхоз ачыс аҩныҟа иргаӡомызт. Амакәанқәа ирҭаҵаны, аҵлаҿы икнарҳауан, имҩасны ицоз днацҳаразы.

Аԥсуаа ацуныҳәа мҩаԥыргон рымхқәа аус анрыдырулалак ашьҭахь. Аҽаҩра бзиа роурц азы аӡы рҭахын. Убри аҟнытә ҳазшаз иашьаԥкуан, рџьабаа ԥхасҭамхарц, ақәа рзылаишьҭарц. Аҿырԥштәқәа излаадырԥшуа ала, аныҳәара ашьҭахь адырҩаҽны ақәа млеирц залшомызт.

Ацуныҳәа аԥсуаа иазгәарҭо, амарҭаҭратә динхаҵара иадҳәалоу ҵасуп. Егьырҭ амилаҭқәа рҟны уи уԥылаӡом. Аныҳәаҩ излаиаҳахьоу ала, иҟалалон, аԥсуаа ирҿыԥшны ацуныҳәа амҩаԥгара аԥшьазгоз, аха ирықәҿиуамызт.

"Аԥшьдәаны ҳәа иахьашьҭоу, Гәдоуҭара араион, аамҭала агырцәа рацәаҩны инхон. Ҽнак даргьы иаԥшьаргеит, аԥсуаа реиԥш аныҳәара мҩаԥыргарц. Рҽааизганы, аҳәа шьны, агәи агәаҵәеи иахныҳәит, аухацәҟьа, ҭаҷкәымк иаҟараз акырцх леин рҽаҩра зегьы аақәнахит", — ҳәа ибла иабахьоу еиҭеиҳәоит Владимир Жьиба.

Лӡааныхаҟны анцәаиашьаԥкра мҩаԥган - Sputnik Аҧсны
Лӡааныхаҟны анцәаиашьаԥкра мҩаԥган

Амҳаџьырра ашықәсқәа раан, Ҭырқәтәылаҟа иахнагоз аԥсуаа, аҭырқәцәа аҳәара рырҭон, ақәа леирц азы ацуныҳәа мҩаԥыргарц, дара уи аӡбахә раҳахьан аҟнытә.

Убас, аԥсуаа рныҳәарала, ишабоз аҭырқәа идгьылгьы еиқәдырхон.

Ацуныҳәахь иааиуа зегьы, ари аныҳәара ргәыӷрақәа адырҳәалоит. Агәра ргоит, ҳазшаз ианиашьаԥклак рыԥсҭазаара еиҳа ишеиӷьхо, рыгәҭакқәа шынаӡо.

Аныҳәара аамҭа анааилак, аныҳәаҩ арасаҵәы, ашьтәа агәи агәаҵәеи ахаҵаны, ҵәыцак аҩыцқьа аанкыланы, ҳазшаз иахь ихы нарханы еизаз хәыҷи дуи иныҳәоит.

Ари аҵас бзиа мыӡырц, ԥхьаҟа еиқәырханы еиҵагыло аҿар иргарц азы, ахәыҷқәа рацәаҩны иаладырхәоит, рыблала ирбарц иаҵоу акәама-ҵамақәа зегьы.

"Абри ҳара ҳзы иԥшьоу аҭыԥ ахь иааиуа зегьы, Анцәа ду ҳиҳәоит даҳхылаԥшырц, машәыр ҳадимкыларц. Ҳара ҳхы мацара акәӡам иаҳныҳәо, ҳазшаз ҳиашьаԥкуеит, ҳажәлар зегьы илԥха роурц. Ҳара ҳабдуцәеи ҳабацәеи иаҳдырбаз аныҳәара ахаан ҳагәҭасуам, еиқәырханы еиҵагылоу абиԥара ирызнаҳгоит", — ҳәа азгәеиҭеит аныҳәара иалахәыз Алик Чуаз.

Есышықәса, ацуныҳәа аиҿкаара рыдырҵоит ԥшьба-хәба ҭаацәара. Дара рнапы иҵырхуеит афатә, ажәтә, ашьтәа уҳәа аныҳәара иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа зегьы.

Абас еиԥш иҟоу аныҳәарақәа ажәлар еиднакылоит, ирыланааӡоит апатуеиқәҵара, ахымҩаԥгашьа, еиқәнархоит ҳҵасқәеи ҳқьабызқәеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0