Владимир Гәачуа: аныхақәа шеиҿцаауаз збеит

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаЛӡаа-ныха ахылаԥшҩы Владимир Гәочуа
Лӡаа-ныха ахылаԥшҩы Владимир Гәочуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа ашәышықәсқәа рыҩнуҵҟа рыбзазара иузаҟәымҭхуа иадҳәалоуп аԥшьаҭыԥқәа. Зегь раасҭа амч ду змоу акәны ирыԥхьаӡоит аныха, анаҩс аныха-цырҟьа, ажьира. Иахьа, аԥсуа иԥсҭазаараҿы аныха ианнакыло ароль далацәажәеит Лӡаа-ныха ахылаԥшҩы Владимир Гәачуа.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Ажәлар рҟны ирҳәоит, Аԥсны хылаԥшра азыруеит бжь-ныхак ҳәа. Урҭ иреиуоуп Дыдрыԥшь-ныха, Лӡаа-ныха, Лых-ныха, Лашькындар-ныха, Елыр-ныха, Инал-Ҟәыба, Быҭҳа (уи аимак ацуп макьаназы, ҳтәыла анҭыҵ иҟоуп азы). Инакәызаалак аԥшьаҭыԥқәа рымҵаныҳәара жәытә-натә аахыс иаауеит. Аныхақәа рхылаԥша – уи абиԥарала жәлак ауп изду. Владимир Гәачуа хышықәса раахыс Лӡаа-ныха дахагылоуп.

"Лӡаа-ныха санахадыргыл, раԥхьаӡа имҩаԥызгаз аныҳәара Ақьадагь ахьӡуп. Уи ақыҭауаа ирзеиԥшу, акраамҭа итрадидицаны ирымоу аныхагәараҟны имҩаԥырго ауп. Даара аҭакԥхықәра ацуп ажәлар рныҳәара. Иахәҭоу ажәақәа ԥшааны, ҳазшаз уиашьаԥкроуп. Ацәца анаашьҭысх, уи аԥхьаҟа аԥышәа ду сымазшәа, исҳәаша сыцааиуа иалагеит. Убригьы анцәа исыҵеиҳәаз, исгәаирԥхаз акәны исԥхьаӡоит", — ҳәа раԥхьатәи иныҳәара игәалаиршәоит аныхаԥааҩ.

Аныҳәара - Хәажәкыра - Sputnik Аҧсны
Инга Шамԥҳа: хәажәкыра гәырӷьарала, хәмаррала, ччарала инҵәон

Аныҳәара – аԥсуаа рзы аҵак ду амоуп. Иара иԥшьоу, еиҳау мчык иадырҳәалоит. Дарбанызаалак, иҭаацәа ма ихы аниныҳәалак, иԥсҭазаареи инапы злеикуа аусқәеи шиқәманшәалахо ибоит.

Ахныҳәара инаваргыланы, шықәсырацәала иаауеит абӷарагьы. Ауааԥсыра рыбжьара ацәыӡ ҟалама, мамзаргьы агәынамӡареи агәаареи, аныхаԥааҩ иҟны инеины ирҳәон ашәира амҩаԥгаразы аныхахь инаишьҭырц.

Аныхаҟны ибӷоз рахьтә иҟоуп, зынӡа ухаҿы иузаамго ашәирақәагьы.

Хаҭала исаҳахьеит, зашьа дызшәииз аиаҳәшьа ишылҳәаз, узыҩноу аҩны хаҳә цырала иԥуыргаанӡа хҿыхра умоуааит ҳәа. Мамзаргьы аиаҳәшьа илзынархаз ашәира – башьа игәаҵәа жәны ибфаанӡа, хҿыхра бмоуааит. Абас, ажәытәуаа рхы иаҭәаршьон ашәира бааԥсқәа.

Иара убас, иҟаз афактқәа иреиуоуп, аԥсуаа жәла-жәлала аколнхарақәа ҳашрыламло ҳәа ицаны ишбӷаз. Арҭ ашәирақәа, иаразнак изкшо еиԥш, абиԥаракгьы ирхаԥар ауеит. Анаҩс, ашәиԥхьыӡ ззынархоу данықәнахлак, иааҳәны иаауеит ибӷаз иахь.

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы, Аԥсны аныхаԥааҩцәа иааибыҳәаны иазырыӡбеит, абӷара згәиҭоу аныхахь инармышьҭырц.

"Аԥсны даара ирацәахеит амҩатә машәырқәа, арыцҳарақәа, аилибамкаарақәа. Убри аҟынтә, аамҭала ибӷахьоу рышәиԥхьыӡ уажәыгьы икшоит ҳәа азыӡбаны, мап ацәаҳкит аныхақәа рҟны ашәиразы ауааԥсыра рынашьҭра", — иҳәоит Лӡаа-ныха ахылаԥшҩы.

Владимир Гәачуа хаҭалагьы мап лцәикит, ацәыӡ зауны ибӷар зҭахыз аԥҳәыс.

"Гәдоуҭантәи ԥҳәыск лылаӷырӡ лҿашы дысзааит, хышә нызқь мааҭ аԥара аколлектив аҩнуҵҟа аӡәы ишылцәигаз ҳәаны, сыбӷароуп ҳәа. Длартәаны слацәажәеит, иласҳәеит ҳара уи мап шацәаҳкхьоу. Илабжьазгеит, аусураҟны даннеилак зегьы ишраҳауа, аныхаҟны сыбӷеит ҳәа илыршәарц. Ус иагьыҟалҵеит. Адырҩаҽны, аԥарақәа лцәызгаз иахьылбашаз иаанижьит", — ҳәа ҳаилиркааит аныхаԥааҩ.

Владимир Гәочуа, иаҳзеиҭеиҳәеит лассы-лассы ахҿыхрақәа шымҩаԥиго. Еиҳараӡак изнеиуеит, аамҭала забдуцәа, аколнхара ҳалалаӡом ҳәа иқәхьаз жәла-жәлала рхылҵшьҭрақәа. Иара убас, зхы иақәныҳәар зҭаху аҭаацәарақәа.

Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Зина Хышпҳа: "Аҿаҭахьы" ҳақәаҳҵуан, ҳус аныманшәалахалак – иҳақәаҳхуан

Аныҳәара амҩаԥгара иамоуп ахатәы ҵасқәа. Аныхагәара, арахә ҭамларц азы ихкааны иҟоуп, иахылаԥшуа ракәзар, есқьынагьы аҵакырадгьыли акәша-мыкәшеи идрыцқьоит. Араҟа иргылоу ахыбраҟны ишьҭоуп аныҳәара иамадоу аихаҷамаҷақәа, амаругақәа, ачыс маҭәа, атәарақәеи аишәақәеи.

Аныҳәара амш аҽны, аиҿкаара знапы иану ашьыжь шаанӡа ахәышҭаара еиқәырҵоит, ашьтәа ршьоит (аԥштәы еиқәаҵәазар ҟалаӡом). Аныхаԥааҩ дзыхныҳәо агәи агәаҵәеи хазы, акәац иаламҵакәа иржәоит. Аԥырӷаҿы ирӡуеит, зегьы згьама рбаша метракынӡа ауреи аҭбаареи змоу ачашә (амажәа арчыга арҭаӡом). Аныҳәара мҩаԥгатәуп амш актәи ахәҭаҿы.

Аныхагәарахь имҩахыҵуа ауаа зегьы рхы ргәы цқьазароуп. Араҟа ииашамкәа ацәажәара, ма ацәҳара ҟалаӡом. Аишәа иқәырҵо ачыс хкқәа иреиуоуп: абысҭа, акәац жәны, аилаџь, аџьакхыш, аҩы цқьа.

Асовет аамҭақәа рзы, адинхаҵара иадҳәалоу аҵасқәа рымҩаԥгара аныҟамлоз, Лӡаа-ныха аҭыԥ аҿы аныҳәарақәа рымҩаԥгара аанкылан. Аха усҟан иҟаз аныхаԥааҩ, иҵәахны иара дахьынхоз игәараҿы, ма даҽа ҭыԥк аҟны, аныхатә ҵасқәа ирыцеиҵон.

1937-1952-тәи ашықәсқәа раан, ҳтәыла Қырҭтәылантәи ауааԥсыра аларҵәара ианаҿыз, Лӡаа-ныха адгьылҵакыра нхраҭа ҭыԥс ирыҭан ақырҭуа ҭаацәарак. Дара араҟа ҿиара рымамызт акәымзар.

"Араҟа инхоз аҭаацәара ҿиара рымамызт. Ииуаз зегьы рыԥсҭазаара иалҵуан. Аҵыхәтәаны, иаанхаз аԥшәма ахеилагара аҟынӡа даннеи аҩны агәараҭа аанижьит. Анаҩс, ақыҭауаа нап адаркит аныхагәара аиҿкаара", — ҳәа еиҭеиҳәеит, Лӡаа ақыҭанхаҩы Зосим Амԥар.

Наҟ-наҟ, араҟа ажаҵлақәа ирызҳаит. Ажәытәан, ажабӷьы шьҭаҵаны, асаара аишәа дырхион. Аныха адоуҳатә мчы акырӡа иҳаракуп. Ирҳәоит, Аԥсны аныхақәа зегьы еиҿцаауеит ҳәа. Иахьа уи хыҭҳәаауп зҳәогьы ыҟоуп, аха Владимир Гәочуа хаҭала ибахьеит ари анашана.

"Абгархықә ақыҭан ауп иахьыҟалаз. Жәабаҟа шықәса схыҵуан. Иааилашәшәоны еиԥш арахә аказармахь инсацоит ҳәа сшаҿыз, иаалырҟьаны аԥша ӷәӷәа аақәлеит. Даргьы еилауаҭыруа, иахьцо рзымдыруа иаанхеит. Ақыҭа Нырцәтәи аган аҳаракыраҟнытә ажәҩан иалаланы мцабз дук ақьышә ҵәрыбзӡа иҳамариашаны аҿаанахеит. Ҳаҩны азааигәара игылаз аџьҵлақәа ирыбжьысны, Аҷандараҟа ицеит. Нас саб исеилиркааит избаз закәыз. Нырцәтәи аган аҿы аныха-цырҟьа ыҟазаараны, убрантәи ауп избаз амцабзгьы Дыдрыԥшь-ныхахь ишцаз", — игәалаиршәоит Владимир Гәачуа.

Аныхақәа реиҭанаиааира лабҿаба ибахьеит, Лӡаа-ныха азааигәара инхо Беслан Амԥаргьы.

аамҭала аныҳәарақәа мҩаԥызгоз Светлана Алшәындба - Sputnik Аҧсны
Светлана Алшәындба: аҭаца дшырныҳәо еиԥш лыԥсҭазаара шьақәгылоит

"Ажьырныҳәа азгәаҭаразы аҽазыҟаҵара ҳаҿын. Абарҵа сааҵагылазар, ажәҩан иалаланы Гәдоуҭа аганахь ала мцабзк аауан. Раԥхьаӡа ҳаирпланыз џьысшьеит, аха цқьа санахәаԥш, избеит иаахагьежьны ақьышә ҵарны амцабз хаҭа ишеиԥшыз. Иаразнак саҳәшьа илызҿысҭит, сыла иабо лырҵабыргарц. Ус ҳаҩџьегьы ҳшанханы ҳшахәаԥшуаз, ԥшьала Лӡаа-ныхахь ицеи", — иҳәеит ахҭыс зыршаҳаҭуа Лӡаа ақыҭанхаҩ Беслан Амԥар.

Аныхеи аныха-цырҟьеи инарываргыланы, адоуҳатә мчы амоуп ажьирагьы. Ажьира згәараҭа иахыԥхьаӡалоу дахьчоит, ихылыԥшуеит. Аха аҵыхәтәантәи аамҭазы ирацәаҩхеит, заб игәараҭа ныжьны ақалақь ахь нхара ицаз. Убри аҟынтә, еиҭымхаз ажьирақәа ҟалеит.

Владимир Гәачуа, ауаҩы инхарҭа ҿыц ахь ажьира иҿыганы игатәуп иҳәоит. Уи еиҳараӡак, ажьырныҳәа мчыбжьык збжьоу иҟарҵоит, избанзар иааԥшны иҟоуп ҳәа иԥхьаӡоуп.

"Ахатәы ҩны змоу еиҳа изымариоуп ажьира аҿыгара, аха ауаҭах аҟны инхо иакәзаргьы, аҭыԥ азалиԥшаар ауеит.

Ԥшь-шьапак зҵоу, мамзаргьы арбаӷь шьны, уаанӡатәи ажьира дамҵаныҳәаны, "уеиҭымхар сҭахым, иахьанахыс сахьцо уаала" ҳәа дныҳәа-ныԥхьоит. Анаҩс ахыбра ԥиргоит, иаҵагылоу аҵәҩанқәагьы ҵлак аҵаҟа инышьҭеиҵоит. Анаҩс, аихаҷамаҷақәа ааидҟәшәыланы, иазалиԥшаахьоу аҭыԥ ахь игоит. Араҟа ахыбра ҿыц ргыланы, ақыдсмыҟә азалхны, имаругақәа нықәеиҵоит. Ашьтәа шьны дамҵаныҳәоит", — ҳәа ҳаилиркааит аныхаԥааҩ.

Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан, аԥсуа жәлар ахыӡӡаара амҩа иананыла Дыдрыԥшь-ныха ахылаԥшҩы Заур Чычба, ҳар рԥыза Владислав Арӡынба диаԥхьагыланы ҳазшаз диашьаԥкит, ари адгьыл ҳара иаҳтәны иҟазар, иаҳзынижьырц. Анаҩс, аамҭа иаҳнарбеит, аԥсуа ишьамдгьыл иара ишизынхаз.

Лӡаа-ныха ахылԥшҩы Владимир Гәачуа, аԥсуа ихатә динхаҵара еиқәырханы иааигоит, ақьырсиантәи аԥсылмантәи дрыгәҭамскәа. Аха уеизгьы, аныха амч еиҳагьы иҳаракуп ҳәа азыԥхьаӡаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0