Аҳаҷашь, аҭацамҳара: аԥсуаа рынхашьеи рысасдкылашьеи акәамаҵамақәа

© Фото : http://photoshare.ru/photo7873597.htmlАжәытә аԥсуа ҩны, Гагра араион
Ажәытә аԥсуа ҩны, Гагра араион - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
XIX-тәи ашәышықәсазтәи аԥсуа инхашьа ҳазааҭгылозар, усҟантәи аамҭақәа рзы аԥсуа изгылан х-ҩнык: аҭаацәа – ахаҵеи аԥхәыси рыхшареи рыҩны, хазы асас изы идыргылоз аҩны – "аҳаҷашь" зыхьӡыз, нас амҳара, ма аҭацамҳара ҳәа изышьҭаз аҩны.

Нонна Ҭхәазԥҳа, Sputnik

Иахьа ҳара ҳҟынӡа иааӡаз аԥсуа инхашьа аформақәа а-XX-тәи ашәышықәсазы изныкымкәа рҽырыԥсахит. Аӷәы иалху аԥсуа кәасқьа аԥацха, ма амаҵурҭа авагыланы, инаскьаганы амҳара гыланы иҟаз анхашьа аҽаԥсахит абаа иалху, ҩбаны еихагылоу аҩны аԥацха, ма амаҵурҭа авагыланы ианыҟоу ала.

Аха, иҵегьы заа, XIX-тәи ашәышықәсазтәи аԥсуа инхашьа ҳазааҭгылозар, усҟантәи аамҭақәа рзы аԥсуа изгылан х-ҩнык: аҭаацәа – ахаҵеи аԥхәыси рыхшареи рыҩны, хазы асас изы идыргылоз аҩны – "аҳаҷашь" зыхьӡаз, нас амҳара, ма аҭацамҳара ҳәа изышьҭаз аҩны.

Аҳаҷашь

Аурыс афицар Фиодор Торнау XIX-тәи ашәышықәсазы Кавказтәи иныҟәарақәа раан Кавказ анҭиҵаауаз ианиҵаз игәалашәарақәа рҿы иара дазааҭгылоит Аԥсны даныҟаз, Анхәа ақыҭаҿы сасра ҳәа зҿы дымҩахыҵыз аԥшәма инхашьа.

"Аҵх агәазы ҳара ҳамҩахыҵит Анаҟәаԥиатәи ашьха иавоу Анхәа ақыҭан. Амқанба даҳзыԥшын. Аҳаҷашь аҿы ҳцәарҭақәагьы рхианы иҟан. Егьырҭ рыешьаратә жәларқәа реиԥш аԥсуаагьы рыҩнқәа быцала ишышны, нышәаԥшьла ишьыхны иҟаҵоуп.

Зегьы ирызгылоуп аҭаацәа ирызку – аԥшәма хаҵа, аԥҳәыс, рыхшара иртәу аҩны. Ари аҩны атәым дыҩналаӡом. Асасцәа рзын хазы игылуп аҩны – уи аҳаҷашь ахьӡуп. Аҳаҷашьгьы быцала ишышны, нышәаԥшьла ишьыхны иҟоуп. Ҿык оуп иамоу. Аҭыӡқәа ирыдҟаҵалоуп аҟамчы ахьхыршьуеи, акәадырқәеи абџьарқәеи рыкнаҳарҭақәа.

Аҳаҷашь агәҭа иҟоуп ахәшҭаара, уи иахакнаҳауп иԥшьырқцаны, ишышны, ишьыхны иҟоу алҩацарҭа. Аҳаҷашь аҩныҵҟа асасцәа рзы иҟоуп ауарҳалқәа, амарҭаққәа, ахчқәа, аԥҟыз иалхны иԥаны иҟаҵоу акаршәқәа. Асасцәа ауарҳалқәа шьҭаҵаны абарҭқәа ирықәтәоит. Афатә асасцәа ирырҭоит аишәа хәыҷқәа рыла. Акы знапы иаку, еиҳа зыԥсы зланы иҟоу ашьхаруаа рыҩнқәа амҿы иалхны ирызгылоуп.

Аԥсуа ԥацха - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа исасдкылара шьагәыҭс иамоу апатуеиқәҵаратә хымҩаԥгашьоуп

Амқанба убри аҩыза аҩны имоуп, убри аҟнытә амазара бзиа змоу ҳәа дыԥхьаӡоуп. Иҭаацәеи иареи зыҩноу аҩны ҩбаны еихагыланы, амҿы иалхны иҟаҵоуп" (Ф.Ф. Торнау. Воспоминания Кавказского офицера. Майкоп, 2010).

Ҭырқәтәыла инхо ҳауаажәлар рыҩныҵҟа иахьа уажәраанӡа иеиқәханы иҟоуп дара Аԥсны ианынхоз рынхашьа зеиԥшраз згәалашәо ауаа. Диузџье ақалақь иаҵанакуа аҳҷыԥсы қыҭа Аԥсара инхо, 78 шықәса зхыҵуа Ҳәатышь Џьыхаҭ абас идыруеит аԥсуаа рынхашьа:

"Аԥсны аԥсуа аҩнқәа хԥа иман. Х-ҩнык змамыз ԥсыуа дыҟамызт. Аҩны шдыргылоз абас ауп. Ԥшь-шьаҟак аҵаны, быцала ишышны, ишьыхны иҟан. Агәаҿы, аԥсуа уаџьаҟ рҳәон, ишышны икнаҳан. Иара аҵаҟа амца еиқәын. Ах-ҩнык сыԥхьпӡап: акы – аҭаҳцәа ахьтәо-иахьгыло аҩны; аҩбатәи – аҳаҷашь ахьӡын, асас данааилак дахьдыртәо акәын; ахԥатәи аҭацамҳара акәын".

"Ӷыжәара ҳааит"

Сасра ишцоз атәгьы дазааҭгылеит Џьыҳаҭ.

"Аԥсны асасшьа хԥаны иҟан. Акы – аӷыжәара ахьӡын. Қыҭак аҿы инхо ауаа ӷыжәара ҳцоит ҳәа жәаҩык-жәохәҩык рҟынӡа рҽааидкыланы, инеиқәлацәоу ауаа ҩагыланы сасра ицон. Иахьнеиуаз, ҳара ӷыжәара ҳааит рҳәон, ԥхашьара амаӡамызт. Зҿы инеиз ақыҭаҿы ирҭааз рысасцәа ршон. "Ҵыԥх уара асас думаӡамызт", – рҳәон, асас дызмамыз ирҭон. Амала аӡәы иҭаххар, иара ишиҭаху асас дизгаӡомызт. Ақыҭаҿы иахьнеиз ишырыӡбаз еиԥш ада, досу ишиҭаху аӡәгьы дигар ауӡомызт. Ианыршоз шаҟаҩы урҭоз рыда узгаӡомызт. Уи шыҟаз ус ауп – ани ӷыжәара захьӡу аҿы асасцәа хымз иаанхон. Рыҽқәа рбон, акрырҿарҵон, акрыддыржәуан, зынӡа ԥхашьара амаӡамызт.

Ақыҭаҿы инхоз дара-дара еибамдыруаз, дасу шаҟаҩы рбара илшоз рдыруан. Ианыршоз, ари хҩык ибар илшоит, ари ҩыџьа рыда избаӡом рҳәон, досу шаҟаҩы рбара илшо ала асасцәа ирҭон. Еиҳа ирацәаҩын избоз жәаҩык, ма жәохәҩык ирҭон. Жәаҩык иреиҳаны аӡәгьы ирҭомызт.

Асасшара ҿаҟәарала иҟан. Аҿаҟәара захьӡу иԥшқоу амҿы – аԥслыш акәын излырхуаз, ауаҩы ихы нҭашәо амҿы ҭаԥҟаны иҟарҵон. Ари аҿаҟәара ахчы аҭыԥаҿы рхы иадырхәон. Аҿаҟәара злырхуаз аԥслыш ирхәаны иҿарҳәон, ус иаанхон. Нас убри ҿаҟәаны иҟарҵон.

Абысҭа - Sputnik Аҧсны
Аџьықәреи иалырхуа аԥсуа бысҭа аҭоурых

Абарҭ аҿаҟәарақәа шаҟа имаз ала акәын ақыҭаҿы асасцәа анааилак ишаны ауаа ишрырҭоз. Хә-ҿаҟәарак змаз ауаҩы фҩык игар иҭаххар, ирҭараны ԥсыхәа амаӡамызт. Даҽаӡәы жәа-ҿаҟәарак имоуп, жәаҩаҩык иҭаххар, уигьы ирҭаӡомызт. Амала, ақыҭа еиқәышаҳаҭны ирыӡбон ауаҩы иԥсы анеивигалак, шаҟаҩ асасцәа ибарц ирҭоз.

"Уара иахьа уажәраанӡа хәҩык ракәын иузбоз, аха уажәшьҭа хар умамкәа уԥсы еивугеит, быжьҩык убартә уҟоуп", – рҳәар, быжь-ҿаҟәарак ҟаиҵон.

Асас иааиуаз ицәарҭеи ихызеи иара иқәын. Уи шыҟоу усоуп: иуапа азыбжа ааиҵаиҵон, егьи азыбжа хыхь иақәиҵон, ихҭырԥагьы хчҵас аҿаҟәараҿы илҭаҵаны, уа дышьҭалон.

Аҩны агәҭа амца еиқәын, ани аԥсуа уаџьаҟ зыхьӡыз уа иахакнаҳан, алҩа адәахьы иагон. Аҿаҟәарақәа амца иаакәыршан ишьҭоуп. Асасцәа рыхқәа аҿаҟәарақәа ирықәуп, ршьапқәа амцахь ирханы ишьҭалон. Шьыжьымҭан иҩагылон, крырфон, крыржәуан. Абас акәын аӷыжәара ҳәа изышьҭаз асасшьа шыҟаз.

Аԥхәысԥшаара

Аҩбатәи асасшьа – ауара, аҭынхара иадҳәалоуп. Дгәыцхәуп, даауеит, даанхоит. Уигьы убас имаҵ руеит, дсасуп.

Ахԥатәи асасшьа – ус иныҟәон, иԥҳәысԥшаауан, иеимдон, ицәажәон. Арҭгьы харантә иаауан. Аҭаца ҿыц дахьыҟоу амҳараҿы аҿар еизон, икәашон, ихәмаруан, асамарҟәыл рҳәон. Арҭ асасцәагьы уахь ицоит, иаауеит. Арҭгьы ақыҭаҿы иршоит, ирбоит.

Ажәакала асас ҳаҭыр, пату дуӡӡа иқәын, изакәызаалак акала игәы ндырхомызт. Аҳаҷашь аҟны сасра иаауа ауаа рзы ашә иахьааҩнало, амҿы иалху аҵәқәа кнаҳан, усҟан аҵәымӷ ыҟаӡамызт, аҵәқәа амҿы иалхны, аӷәы кылҵәҵәаны иаларҵон. Ари аҟамчыхаҵарҭа акәын. Иааиуаз рҟамчқәа уа ихыршьуан.

Асасцәа иааиз иахдырҟьо, рхы рзымдыруа иалагар, аԥшәма ԥҳәызба днеины аҟамчы еицарахны ихылшьуан, адәахьы аҿы рханы. Ари – уажәшьҭа шәцаргьы цәгьаӡам ҳәа аанагон. Уи змааназ дара ирдыруан, асасцәа ашьшьыҳәа индәылҵны ицон.

Апырпыл рыԥхра - Sputnik Аҧсны
Апырпыл џьыка: ажәытә аҳаҟьаҿы ирхуази уажәтәии ргьама узеидкылома?

Дарбанызаалак асас данцоз, амӡырха агәаҿы даннеилак, иҽы ахы аҩнахьы иаарханы, армарахь диасны дҽыжәлон. Дахьыҟаз иԥшәмараҿы игәы иамыхәаз акы ибазар, амӡырха агәаҿы даннеилак, иҽы ахы аҩнахьы имырхаӡакәа, ус ишыҟаз дҽыжәлон. Ари агәыла азла зегьы ацклаԥшуан, арҭ рысас дрызныҟәымгеит рҳәон, ԥхашьарахон. Ус иҟамларц азы имҩахыҵуаз асас игәы ҟарҵон, ишахәҭаз дырбон".

Абас иҟан ажәытә аԥсуаа рысасдкылашьеи рынхашьеи акәамаҵамақәак. Иахьатәи ҳаамҭазы ахаҿы аагара уадаҩзар ҟалап хы-мыз инарзынаԥшуа хәҩык-жәаҩык ауаа рбара. Аԥсҭазаара аҽаԥсахит, ауаагьы рҽырыԥсахит. Аха аӷыжәара ҳәа иҳамаз асасшьа хкы ҳҭоурых аҿы баша иҟамлаӡеит — ари даара зҵакы ҵаулаз социалтә институтын, ажәлар аӡәкны еидызкылоз, ақыҭақәа рыбжьара ашьҭибахра, аицхыраара шыҟаз аазырԥшуаз ҵасын. Утәы-стәы аиҳа ажәлар ртәы шеиҳаз шьақәзырӷәӷәоз цәырҵран.    

Ажәабжьқәа зегьы
0