Беслан Ақаҩба: Ажьырныҳәа абиԥарақәа еидызкыло ауп

© Sputnik / Саида ЖибаБеслан Кове
Беслан Кове - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа рзы иԥшьоу аныҳәақәа иреиуоу, адоуҳатә мчы зцу акәны ирыԥхьаӡоит Ажьырныҳәа. Уи ҭаацәацыԥхьаӡа ишазгәарҭоугьы, маҷк аиԥшымзаарақәа амоуп. Џьоукы ианақәшәо, арыцхә 13 ауха иаԥылоит, даҽа шьоукы шәахьеи ԥшьашалеи. Ҭаацәала Ажьира ишамҵаныҳәоуи, насгьы ари аныҳәа иадырҳәало агәыӷрақәеи ртәы дазааҭгылеит Лӡаа ақыҭанхаҩы Беслан Ақаҩба.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik.

Ҟәланырхәа ақыҭа иалҵыз ԥшьҩык аишьцәа Қаҩаа, есышықәса Ажьырныҳәа иаԥылоит раб игәараҭаҿы.

"Ҳара ԥшьҩык аишьцәа ҳаҟоуп, иҳамоуп ԥшьҩык аиаҳәшьцәагьы. Урҭ рхатә ҭаацәарақәа аԥырҵахьеит. Аишьцәа ҳакәзаргьы, Гәдоуҭеи Гагреи араионқәа рҟны хазы-хазы анхарҭақәа алаҳхит. Аха Ажьырныҳәа жәытә аахыс ишаԥу еиԥш, аишьцәеи, ҳахшареи, урҭ ирхылҵызи еицазгәаҳҭоит", — иҳәоит Беслан Ақаҩба.

Ианакәзалак, Ажьираҟны иныҳәо аҭаацәара иреиҳабу иоуп. Аха Қаҩаа аишьцәа рахьтә агәи агәаҵәеи ирыхныҳәо аиашьа аиҵбы иоуп.

"Ҳаб иаамышьҭахь, ахәышҭаара иазынхаз ҳашьеиҵбы Аслан иоуп. Хымԥада Ажьира ныҟәызгогьы, иахылаԥшуагьы иара иоуп. Аишьцәа хазы-хазы иҿыганы иаҳгарц азы аилацәажәара анымҩаԥаҳга, зегь акоуп ҳаб иҩны иазынхарц азаҳаӡбеит. Ҳашьеиҵбы иҳәеит, Ажьира ҳаиднакылоит, лассы-лассы изеибамбогьы, Ажьира раб игәараҭахь ихьанарԥшуеит ҳәа. Ҳмоҭацәа ракәзаргьы, макьана ихәыҷцәоуп, иҵегь ирызҳап, агәыбылра рыбжьалап, анаҩс, дара рхаан иахәҭаны ирԥхьаӡар иаҿыргаргьы ҟалоит ҳәа неибаҳҳәеит", — ҳәа ҳаилиркааит Беслан.

Қаҩаа, Ажьираҟны ианныҳәо шәахьеи ԥшьашеи роуп, ус жәытә аахыс абиԥарала иаауеит. Ажьырныҳәа аҽны, шьыжьнаҵы, хазы-хазы иҟоу аишьцәа рыхшареи рмоҭацәеи рҽеибаркны, рыцыԥхьаӡа арбаӷьқәа аашьҭыхны Ҟәланырхәаҟа ицоит. Уаҟа, аишьцәа реиҵбы аџьма ишьуеит. Аԥшәмаԥҳәыс ацәацқьа иалхны доусы изы ацәашьқәа ҟалҵоит, акәакәарқәеи ачашәқәеи лӡуеит.

"Ҳашьеиҵбы есышықәса дныҳәа-ныԥхьаны аџьма ишьуеит. Акәац ахацәа рнапы иҵырхуеит. Доусы рырбаӷьқәа шьны аҩныҟа иҩнаҳгалоит, уи аҭыԥ ақәҵара аҳәса ирусуп. Ианааилахәлалак, Ажьира иаҵагыларц азин змоу аныҳәарахь ҳаихоит. Анцәа иҳазирҳааит, макьаназы хәыҷи-дуи 16-ҩык ҳаҟоуп. Ҳныҳәара сааҭк инахыҳәҳәаны ианымҩаԥысуагьы ыҟоуп. Ҳаиҵбы аӡәаӡәала ҳаиныҳәоит. Абыргцәа агәабзиареи ақәранҵыреи ҳзеиӷьаишьоит, аҵара зҵо аҵарамш иҵарц, амашәыр ҳааигәара имааирц уҳәа, Ҳазшаз игәаирԥхо аныҳәаԥхьаӡқәа ҳадикылоит. Аныҳәара ашьҭахь, ҳаргьы аҩы ҳахныҳәоит, ачыс агьама ҳбоит, ацәашьқәа аҳаркуеит, ҳхысуеит. Анаҩс, ачыс ҳаманы аҩныҟа ҳаҩналоит, аҭацаҵәа идырхиаз аишәа ҳнадтәалоит", – иҳәоит Беслан Ақаҩба.

Праздник урожая в Лыхны - Sputnik Аҧсны
Аԥсуара: аҵас, ақьабз, алеишәа

Гәыԥҩык ишыҟарҵо еиԥш, Қаҩаа рҭацаҵәагьы хазы ирныҳәоит, ашәхымс аԥхьа, еиҳабы-еиҳабыла.

Беслан Ақаҩба иабиԥара рзы, Ажьира аҵак ду амоуп.

"Ажьырныҳәа, иԥшьоу ак акәны сахәаԥшуеит. Есышықәса ҳанныҳәалак ашьҭахь, зегьы ҳагәқәа ҭыԥраауа, аԥсҭазаара ҳаигәырӷьо ҳҟалоит", — ҳәа азгәеиҭоит.

Беслан Ақаҩба Аԥсны жәлар дрыдныҳәалеит. Ирзеиӷьеишьеит, есқьынагьы Ажьира алԥха рыцзарц.

Ажәабжьқәа зегьы
0