Нырцә дыгә-дыгә, аарцә дыгә-дыгә: Зарина Коӷониа агаразы лгәаанагара

© Sputnik / Саида ЖибаАԥсуа Агара
Аԥсуа Агара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абиԥарак зааӡахьоу агара еиҭашьақәыргыланы, ҳҿатә аамҭа иашьашәало иҟаҵаны змоҭа хәыҷы дгаразҵо, Гагра ақалақьуаҩ Зарина Сыҷынааԥҳа-Коӷониа асаби иааӡараҿы агара инанагӡо ароль атәы лзеиҭалҳәеит ажурналист Саида Жьиԥҳа.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik 

Жәытәнатә аахыс аԥсуа ибзазара иузаҟәымҭхуа иадҳәалаз агара иахьатәи ҳҭоурых аҟны аҭыԥ ацәмаҷхеит. 50 шықәса ирҭысхьоу, абиԥарак зааӡахьоу агара еиҭашьақәыргыланы, ҳҿатә аамҭа иашьашәало иҟаҵаны змоҭа хәыҷы дгаразҵо, Гагра ақалақьуаҩ Зарина Сыҷынааԥҳа-Коӷониа иаҳзеиҭалҳәеит асаби иааӡараҿы агара инанагӡо ароль атәы. Зарина лхаҭа агара дааӡахьан, иара убас лыхшарагьы.

Крещение в Богородицком Житенном женском монастыре в Осташкове - Sputnik Аҧсны
"Ҷфу", "ҷфу", "ҷфу": аҭәҳәақәа рыгәра шызгаз

Ақалақьқәа рҟны агара ианакәызаалак уамак хшыҩзышьҭра арҭомызт, аха ақыҭақәа рҿы ахәыҷы иааӡара аҭаацәа рхахьы ирзаагомызт иара ада. Ақыҭанхамҩа ишаҳдыруа еиԥш аџьабаа ацын.

Ахәыҷы ибара анаҩс, ан аҭаацәа ныҟәылгар акәын, рыфатә-рыжәтә ҟаҵатәын, аҩны-аҩнуҵҟа еилыргатәын, ашҭа ԥссатәын. Абарҭқәа зегьы амш иалагӡаны дрыхьӡон, лысаби агара дгаран азы.

Агараҿы ҩба-хԥа сааҭ ахәыҷы игәы раҳаҭны дыцәоит. Дцәырҳаны дааԥшып, ихыза иқәҵып, дкаҳап, инапы ма ишьапы дацәшәап уҳәом. Агараҟны ахәыҷы иҿаҳәарагьы ахатәы ҷыдарақәа амоуп. Раԥхьа инапқәа дырххоит, нас ишьапқәа, хахьла ахчы хәыҷы нақәҵаны, анаҩс агарарҟәҟәақәа ҿарҳәоит. Агара, ахәыҷы наҟ-наҟ игылашьеи иныҟәашьеи арԥшӡоит ҳәа иԥхьаӡан. Иара агәабан иҭаԥсоу ашыцгьы шаҟа ихәарҭази. Ахәыҷы ицәеижь артаруан, аԥхӡы илҵыр, иаразнак иалабон.

Аҭаацәараҟны анду даныҟоу, аҟәардә днықәтәаны, агарашәа ҳәауа амаалықь длырҵасуан, дааԥшыргьы инапқәа наиҭаны, хаала диацәажәон, длыргәабзыӷуан. Абас агәыбылрагьы рыбжьалон.

Аҵыхәтәантәи 25 шықәса, инҭкааны иаҳҳәозар, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь, агара зхы иазырхәо аҭаацәарақәа зынӡа имаҷхеит, хаҭала сара аӡәык-ҩыџьак роуп издыруа. Аԥсуа гара згәы азыбылуа Зарина Коӷониа, ахәыҷы иааӡараҿы иара аасҭа иманшәалоу акагьы ыҟам лҳәоит.

"Иахьа агара ажәытәра иагеит ҳәа анырҳәо, даара сгәы сыхьуеит. Агара ҳара иаҳџьынџьуп, иааӡагоуп, еиқәырхагоуп", — лҳәоит лара.

Алабашьа. - Sputnik Аҧсны
Алаԥши, амышьҭеи рықәымшәарц: аԥсуа лабашьа аҵакыи, ахархәашьеи

Зарина лмоҭа Ҭаир хәыҷы дании, агара дгаразарц лҭаххеит. Аха аибашьра ашьҭахь дара рҭаацәаратә гара ааха аиут, убри аҟнытә лыуа-лҭынха рыбжьара адырра ҟалҵеит – агара дшашьҭоу. Ус, хара имгакәа, Зарина лан Алла Џьниаԥҳа, ирзааигәаӡаз рыуацәа рҟны 50 шықәса ирҭысхьоу агара лыԥшааит.

"Сан агара анылԥшаа сгәырӷьара ҵҩа амамызт. Аиашазы, иара маҷк аԥштәы аԥсаххьан, ажәра аҽазнакхьан. Сара саалаган, ибзианы исрыцқьеит, анаҩс алак ала исшәит. Сан иҵәахны, еиқәырханы илыман ҳара ҳазлалааӡахьаз агәабан. Уи иҭаз ашыц амра иалҭеит, ибзиаӡаны илырҩеит. Анаҩс агәабанҭра ҿыц ӡахны, ашыц уахь иҭалыԥсеит. Снапала агара иатәыз амаҭәа: агаракәырша, агарахарԥа, анапҿаҳәагақәа, ашьапҿаҳәагақәа, аҵаршәқәа уҳәа сӡахит, ахчы хәыҷи, акалами ҟасҵеит, ажәакала, смоҭа игара еибысҭеит", — еиҭалҳәоит анду.

© Sputnik / Саида ЖибаАԥсуа Агара
Аԥсуа Агара  - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа Агара

Ҭаир хәыҷы иан даԥсыуаӡам, аха ланхәа илырхиаз агара патула дазнеит. Иахьа ларгьы уи ада дхәарҭам.

Аҭаца даара аҟазшьа бзиа лымоуп. Лара аԥсуа ҭаацәара данрылагыла лхы рнааланы, аҵасқәеи, ақьабзқәеи лыдылкылеит. Иахьатәи ҳаамҭазы аԥсуа ҭыԥҳацәа зыгәҭасуа, лара ишьҭылхит.

Народные обряды - Sputnik Аҧсны
Акәакәарқәа, ацәашьы: аԥсуаа имҩаԥырго аныҳәарақәа ирызку згәаҭақәак

"Хымԥада, раԥхьанатә сара сакәын ахәыҷы агара дгаразҵоз. Аамҭа анҵы, сҭацагьы илҵеит. Уимоу, лҭаацәа рахь мышқәак сасра данцо, Ҭаир агара дашьцылоуп, ибыманы бааи – ҳәа лан илзаалыцҳауеит", — ҳәа азгәалҭоит Зарина.

Аԥсуаа жәытә аахыс агара амшьҭа бзиоуп ҳәа ирԥхьаӡон, пату ақәырҵон. Гарак мацара абиԥара дук ааӡон. Ахәыҷы ианизҳауа, дызларааӡаз агара ирзааигәаз шьоукы ирҭаххар – ирзырышьҭуан, мамзар иахьԥхасҭамхоз аҭыԥ аҟны, аҭуан ахь ихагаланы ирҵәахуан.

Агара изакәым иазнеиуамызт. Аԥша аналадыршәшәоз, мамзар амра ианарҭоз, ҵасым ҳәа ашәхымс иацәыхараны идыргыломызт, аҩсҭаа илаԥш иҵашәар ҳәа ишәон. Иара убас ахәыҷы алаԥш цәгьа имаахарц азы, алаԥш ҭәҳәа аба иҭаӡахны, агараҟны икнарҳауан. Агара иацҟаҵоу зегьы хкык-хкык ирызкыуп. Иаҳҳәап, агара ахыи-аҵыхәи амҿтәы мацәазқәа иадҿаҳәалоу, агара анурҵысуа идырго ахьархьарбжьы ахәыҷы дшазыӡырҩуа иаразнак дарцәоит. Џьоукы-џьоукы изларҳәо ала, агра еиҳарак абҳәасаҵла иалырхуан, иҟан амжәеи, аҳаи, акакан ҵлақәеи рхы ианадырхәоз.

"Иахьа асаби иааӡаразы ицәырҵыз абзазаратә маҭәашьарқәа, еиҳараӡак апамперсқәа, агәабзиара иазеицәоуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Избанзар, дара аҳауа рнырӡом, асаби ицәеижь есқьынагьы ицәаакыуп. Изысымҳәари, ԥхьаҟа ахшара рмоуа аҟынӡа инеингьы алшоит. Агарала ирааӡо, дбааӡап, ахьҭа илалап уҳәом. Акалам имоуп, ацрыӡқәа агара иаҵагылоу абанкахь ицоит", — лҳәоит гарала змоҭа дзааӡо Зарина.

Ҭаир хәыҷы ианду Зарина Коӷониа агәаҳәара лымоуп, аԥсуаа зегьы ржәытә бзазара иагәҭамсырц, ирхынҳәны, еихаҳаны ԥхьаҟа иргарц.

"Ҳарҭ аԥсуаа, аԥсабарагьы иҳаҵанаҳәоит ҳҵасқәеи ҳқьабзқәеи ҳарзыхынҳәырц. Шәнаԥшы-ааԥшишь, ижәбоу шаҟа ҭаацәара еиԥҟьо, згәабзиара уашәшәыру ахәыҷқәа шииуа. Ажәытәан аҭаца дырныҳәон, асаби иакәзаргьы убас. Иахьа зегьы ҳарҟәаҵит. Ҳмилаҭтә ҵасқәа аԥсуаа ҳзы адоуҳатә мчы рымамызҭгьы, аӡәгьы иаԥшьеигомызт. Аамҭала аԥсуа сабицәа ргәабзиара зарӷәӷәоз, агәабан зларчаԥоз ашыц иахьыз жәбоу… Ахархәашьа ҳанақәамшәа, ахәаҷа иқәнахит. Ҳарҭгьы ҩаԥхьа аԥсы ахалар ҳәа ҳшәозшәа, ихҵәаны, иахьрызҳауаз аҭыԥқәа рҟны асасааирҭкәа ҳаргылоит. Уи аума ҳара ҳаиқәзырхо?! Шәааи, ҳхаҿы ҳахшыҩ ааганы, ҳмилаҭ ахаҿра аиқәырхара ҳашьҭалап" — ҳәа абжьгара ҟалҵоит анду.

Зарина Коӷониа иахьа аҿырԥштәы бзиа длырбоит аԥсуа ҭаацәарақәа. Аамҭала абиԥарак зааӡаз, иахьа Ҭаир хәыҷы игара амышьҭа шыбзиоу ҳаргьы агәра ҳгеит. Сынтәа Коӷониаа рҭаацәараҟны аизҳара иазыԥшуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0