Леуард Мхонџьиа: ажәытә ҵасқәа ҟәнушьар ҟалаӡом, урҭ рдоуҳамч ӷәӷәоуп

© Фото : Сырма АшәбаЛеуард Мхонџьиа
Леуард Мхонџьиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҷандара ақыҭа инхо абырг Леуард Мхонџьа, аԥсуаа ржәытә қьабызқәа дрызҿлымҳауп, дхәыҷаахыс еиҳабацәа рҟынтә иаҳауаз зегьы гәынкыланы, еизҳауа абиԥарақәа рымадара иҽазишәоит.

Cырма Ашәԥҳа, Sputnik

"Ажәытә ҳаиҳабацәа анҵыра рыман, рылшарақәа ыҟан. Ирҳәоз ируаз рдыруан. Иҵасым ала иныҟәомызт, ааӡага амҩала иныҟәон. Анцәа имшра ззымҭаауа ажәлар аԥеиԥш рымаӡам. Ҳазшаз ҳаумырҩашьан", — абас ицәажәара хациркит Ачандара ақыҭа инхо абырг Леуард Мхонџьиа.

Народные обряды - Sputnik Аҧсны
Акәакәарқәа, ацәашьы: аԥсуаа имҩаԥырго аныҳәарақәа ирызку згәаҭақәак

Леуард Мхонџьиа ажәытә аамҭа гәхьааго, имаҷым иаҳзеиҭеиҳәаз, ахшыҩзышьҭра заҳҭаша ахҭысқәа. Убарҭ ируакуп аԥсуа пату зықәҵаны, ибла аҷыц еиԥш дзыхӡыӡаауа иааиго ахәышҭаара. Убраҟа акәын аҩнаҭа иаланагалаз аҭацагьы дахьырныҳәоз, аԥхьаҟа аиҵыҵра, аҿиара лоурц азы.

"Ажәытә, аҭаца данааргалак, ахымш азы, амҳара даадәылганы ахәышҭаарахьы дыргон "Радеда" ҳәаны. Аха, иҩнаргалоз аҭаца лакәын, аҩныҵҟа дызныҳәоз аԥхәыс дыҟан", — ажәабжь дагәыланахаланы дцәажәон Мхонџьиа.

Аԥсуа ихәышҭаарамца ахьеиқәу архнышьна кнаҳауп, уа рхәы ҟарҵоит. Акәац ржәуеит, абысҭа руеит. Наҟ-ааҟ аҽҳәаԥыхьа ахьӡуп. Аҭаацәа рхәышҭаара аҵакы ӷәӷәа амоуп, амч шьарда ыҟоуп.

Дышԥарныҳәои нас аҭаца ахәышҭаараҿы? Ҳазҵаара аҭак абас еиԥш иҟеиҵеит ажәытәра иахаану, 80 шықәса ирзааигәоу абырг.

"Ажьаҳара ҳәа дырныҳәоит аҭаца. Уи захьӡузеи? Ажьы зҳауа аԥҳәыс лоуп, аишә змоу. Аишә-аира зқәиҵаз, ахша дзауа ауп иаанаго. Аԥхәыс ахшара лцәа далашәаанӡа, архнышьна аҵаҟа дырныҳәоит. Архнышьна ахәышҭаараҿы икнаҳауп, уи хыншьара ныҟәнагоит-аб, аԥа, аԥсыцқьа. Аныҳәаԥхьыӡ иуҳәо аҩадагь ицоит, арахьгьы имшхәны иазлеиуеит, ари ақә, аҵас ала иаауеит", — ҳәа азгәеиҭоит Леуард Мхонџьиа.

Леуар Мхонџьиа, иара убас дазааҭгылеит ахәышҭаара злеибарку атәы.

"Ахәышҭаара ахчныз амоуп. Амҿы ҩаганы иқәырҵоит, нас иблыцыԥхьаӡа иҩаҵханы еиҭанықәырҵоит. Ахчныза анаҩс аҩада, ажьхәылҵ ахьӡуп. Ажьхәы ылызго аԥхәыс лоуп"-иажәабжь иациҵон абырг.

Уброуп дыртәаны, лшьамхы нарсны дахьырныҳәо аҭаца. Уи аамҭазы адәахьы шәаҳәароуп, кәашароуп, гәырӷьароуп, уи зегьы иара иатәуп.: "Нан, аҩнаҭа базымшхааит, бԥариуа, быԥҳариуа аҵеи мшы бхылҵааит", — абас еиԥш иҟоу ажәақәа лҳәоит аныҳәаҩ.

Дерево - Sputnik Аҧсны
Аԥсҭазаара зеиԥшрахо аилкаара: Анмираҳ - абзиабара анцәахәы идҳәалоу аҵасқәа

Ари аныҳәара зегь раԥхьа игылоуп, избан акәзар, илыхшо аҵеи ԥсыцқьала ииз иакәны дҟалоит. Анцәа илԥха ларгьы, илыхшазгьы ирықәырҵоит. Аҩнаҭа датәны дҟалоит, илкуа-илышьҭуа барақьаҭны илзааиуеит. Дӷьацоит, дымшхоит, аҿиара, азҳара лоуеит.

"Аҭаца ахшара лцәа даналашәалак, Анцәа ибызшәа амгәарҭа иаҳауа далагоит ахәыҷы диаанӡа. Анцәа имшра диаанӡагьы иқәуп, даҵанакхьеит. Аԥхәыс ахшараиура аганахьь ала данеилдырго, архнышьна лдыркуеит ҩаԥхьа. Абасала, ахәышҭаара амчра дуӡӡоуп. Уброуп зегььы рыԥсы ахьҭоу, иахьыҵәаху"-иҳәеит ҳзыҿцәажәоз абырг.

Иара убас, Мхонџьиа иазгәеиҭоит аԥсуаа ржәытә қьабзқәа рҟәыншьара шыҟамло.

"Аҭаца аныхәлалак акәын данааргоз, лықәлара лывакны. Аҩнаҭа данаарго лашьцахьазар акәын, дыԥхашьоит ҳәа иԥхьаӡан. Мышьҭацәгьарак, лаԥшыцәгьарак лықәымшәарц азы амҳараҿы днаган ддыргылон. Ари зегь ҵасуп, иҟәнушьар ҟалаӡом", — ажәытә жәабжьқәа дрызхьаԥшуа дцәажәон Леуард. Ҳара ақыҭараҿы ҭаца дук дҳаман, аныҳәарақәа мҩаԥылгон. Сара схәыҷын, усҟан урҭқәа уиаҟара хырҩа рысҭомызт. Еснагь ара умтәан, ара умгылан, ас ҟаумҵан, арс ҟаумҵан лҳәон. "Иауазеи, ус зыбҳәо", — ҳәа санлазҵаа, "Оо, нан, ҳара иҳақәу ауп иуасҳәо" — лҳәон. Схәыҷын, абарҭқәа гәныскылеит".

Қәрала 80 шықәса ирзааигәоу абырг, ҳаиҿцәара хыркәшо иазгәеиҭеит:

"Аԥсуа бызшәа иахьҿаҳәоугьы, иахьԥыртлоугьы ҳзымдыруа аҟынӡа Анцәа ҳнаумышьҭын. Ажәа аԥсы адкыламкәа иухаҳаӡом, уиазы ахеиқәырхара ҳазшаз имчала иҳалҳаршароуп. Ааӡага ҳаиҭар, аҵеирамшы ҳазгылар, Аԥсны аԥсуа дахыбаахаӡом. Избан акәзар, шьала иҿыхуп, шьала ирԥсылоуп ҳадгьыл ԥшьа Аԥсны", — абасала еиқәиҳәалеит ицәажәара абырг.

Ажәабжьқәа зегьы
0