Цәгьамзар бзиа ҟазымҵоз: ажәытәра иагаз ахәышҭаара анцәахәы - Ҿаԥ изкны

© Sputnik Томас ТхайцукОчаг
Очаг - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амырҭаҭра иаҷыдаҟазшьоу анцәарацәара атәы дазааҭгылоит Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Cусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Ақьырсианреи амсылманреи адинхаҵарақәа аԥсуа иԥсҭазаара иахәҭакхаанӡа, зыгәра ргоз, ихарҵоз, динны иҟан "амырҭаҭра". Амырҭаҭра иаҷыдаҟазшьоуп анцәарацәара, убри алагьы иаҳа ижәытәуп, избанзар жәытәла ауаҩы иеиҳа зымчу ацәырҵрақәа зегь нцәахәык, нцәахәык рымоуп ҳәа азыԥхьаӡаны дрымҵаныҳәон.

Афина - Sputnik Аҧсны
"Аҭана илеиԥшу": адырреи аҟәыӷареи рынцәахәы аԥсуа мифологиаҿ

Урҭ анцәахәқәа рахьтә имаҷым ирхашҭхьоугьы. Анцәахәқәа рхашҭра адуҳәалар ауеит аамҭа рацәа ахьбжьысхьоу, убас егьырҭ адинхаҵарақәа рныррагьы. Иахьа изымҵамныҳәо, ажәытәра иагахьоу нцәахәуп "Ҿаԥ". Ҿаԥ дхаҵоу дыԥҳәысу цқьа еилкааны иахьанӡа еиқәымхеит. Аха идыру акоуп, уи ахәышҭаара данцәахәын. Цәгьамзар бзиа ҟазымҵоз, иҵоурам хаҿсахьоуп.

Афольклорист С. Л. Зыхәба иазгәаиҭоит: "Ҿаԥ ллеишәа цәгьоуп, илгәамԥхо ҟасҵо дылкуеит, дихарахоит. Ауаҩы дыԥҳәыс, дхаҵа имацара уахынла акыр аамҭа ахәышҭаара дыҽҳәатәар ҵасмызт. "Ахәышҭаара Ҿаԥ улкуеит уаха умацара утәома" – рҳәон (ари аҵарауаҩ Ҿаԥ дыԥҳәысуп ҳәа агәаанагара имоуп).

Аетнограф Е. М. Малиа ианылҵаз аматериалқәа рҿы иазгәалҭоит: "Ҿаԥ тәарҭас, гыларҭас иахьлымоу ахәышҭаараҿоуп. Лгәыжәла цәгьоуп, илҭаххар дузыбзиахоит, дургәааргьы дузыцәгьахоит, аӡәырҩы анцәахәқәа ишырҟазшьоу еиԥш, дургәыбзыӷлароуп, лгәы иаҭаху ҟауҵалароуп, дузымӷьашкхарц".

Аҵарауаҩ Н.С.Џьанашьиа Ҿаԥ дхаҵоуп ҳәа дыԥхьаӡаноуп дышихцәажәо. Уи иҳәоит: "Ҿаԥ ахәшҭаара иахылаԥшхәу, уи анцәахәы иоуп. Иара иоура кьаҿуп, ахәышҭаара деиҳам".

Тихий час - Sputnik Аҧсны
Цәаблаҟи Напкылҵәеи: аԥсуа мифологиаҿы ауаҩы ицәа анцәахәқәа

Аҩнаҭаҿы ахәыҷы дзымныҟәазар, "Ҿаԥ дылкит" – рҳәон. Убысҟан уи анцәахәы имҵаныҳәон (илымҵаныҳәон).

Аныҳәаразы марҭәхәқәас иаҭахын: быжь – кәарак рҟынтәи аӡи ахаҳә ссақәеи, быжь – ҭаацәарак рҟәых, убасгьы ирыԥхьан иааргон быжь – ҩык аҭакәажәцәа, жәа – цәашьык адыркуан. Анаҩс, аныҳәара ианалагоз ахәшҭаара амгьал ҿҳәарҵон, изымныҟәаз ахәыҷгьы ахәышҭаарахьы днаган Ҿаԥ иҳәон ишьапқәа ԥиртларц, аныҟәара азин иоурц.

Ажәытәан ахәышҭаара иҽҳәаиоз (ахәышҭаара ааигәа ииоз) игәы иҽанырҵон: "Ахәышҭаара уҽҳәаиар, Ҿаԥ улкуеит" ҳәа.

Иара убасгьы аԥсуаа рҟны ахархәара ашәиратә форма "Ҿаԥ улкааит".

Ҳаамҭазы Ҿаԥ нцәахәык иаҳасабала дырхашҭхьеит, идҳәалоу аныҳәарақәагьы аҩнаҭаҿы аҟаҵара иаҟәыҵхьеит, ажәытәра иагаз нцәахәхеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0