Ақәаб акныхра – ажьрацәара рныҳәара

© Фото : Есма ҬодуаԥҳаАқәаб акныхра - ажьрацәара ныҳәара
Ақәаб акныхра - ажьрацәара ныҳәара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа рҟны ажьрацәара рныҳәара иамоу аҵакыи уи амҩаԥгашьеи ртәы дазааҭгылоит афольклорист Есма Ҭодуаԥҳа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Аныҳәара аҧсуаа рҟны аҭыҧ ду аманы иҟоуп. Дахьыҟазаалак: сасра днеима, ус игәыла, иҭынхак иахь дымҩахыҵма, ныҳәаралоуп ашәхымс дшымҩахыҵуа аԥсуа. Иара аҧсшәеибыҳәашьа аформақәагь урыхәаҧшуазар, аныҳәаратә ҟазшьоуп ирымоу. Иаҳҳәап: уск иаҿу "бзиа ууит" ҳәа иарҳәоит, ажь зҭаауа – "Нар улбааит", хара ицо – "амҩа бзиа", аҩны имҩахыҵыз – "бзиала уаабеит", "бзиа уҳәалааит" убас ирацәаны. Аҧҳәыс еиҳабы илҭаху аӡәы аҧсшәа аниалҳәо акәзар, лнапы ыргьежьуа диҧылоит "ухаҵкы сцааит, иухьша згааит" ҳәа. Аҭаҳмада "дад ду(бы)кәыхшоуп" ҳәа улахь днагәӡуеит, ма уарма жәҩа (угәы ахькыду), дҭацазар — лхагәҭа гәыдикылоит. Арҭ авербалтә, авизуалтә кодқәа рызегь ҵакы ҭбаала иҭәуп. Рызегь рҟны ихадароуп ауаҩы иныҳәара. Аҵәца кны иныҳәо изынгьы ихадароу заҟа ҵәыца изыжәуа акәӡам, заҟа гәыблыла дныҳәо ауп.

Ажьаҳара аныҳәара ажәытә амҩаҧгашьеи иахьа ишыҟарҵои - Sputnik Аҧсны
"Дҧариуа, дыҧҳариуа": Ажьаҳара аныҳәара амҩаԥгара иазкны

Аныҳәаратә традициа ҵакыла еидызҳәало акоуп, аха еилазаашьала акыр еиуеиҧшым. Убас ҳара ҳалацәажәахьеит Ажьаҳара, Адәныҟа, аҭацеи ахәыҷи рныҳәара иадҳәалоу ақьабзқәа. Арҭ ирзааигәоуп ганкахьала, даҽа ганкахьала зынӡаск иреиҧшым – аныҳәара "Ақәаб акныхра". Ари аныҳәара иалахәуп ажьрацәара иатәу ауаа, ҩнаҭак иалҵыз еибатәу ауаа (аишьцәа, аиҳәшьцәа, аб иашьцәа, аб иаҳәшьцәа, аду, ахәыҷы – зегьы).

Иҳәатәуп, ари аныҳәара абжьыуаа рҿгьы ишуҧылогьы, бзыҧаа рҿы иаҳа игәцаракны ишрымоу. Уи арҵабыргуеит бзыҧаа рҟны ирҳәо аныҳәаҿа "ажьрацәара ныҳәазааит" ҳәа. (Абжьыуаа рҟны "ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ныҳәазааит" рҳәоит, аха ажьрацәара иаҵанакуа акыр еиҳауп – аҭахыра зегьы.)

Сергеи Зыхәба ишәҟәы "Аҧсуа мифологиа" аҟны ишазгәаиҭо ала, ахәыҷы данилак аҽны ақәаб кнарҳауан. Уи иахьӡын "Ақәаб кнаҳара амш" ҳәа.

Адәныҟа ҳәа ахәыҷы иныҳәара - Sputnik Аҧсны
"Адәныҟа" ҳәа ахәыҷы иныҳәара аҵаки амҩаԥгашьеи

"Ақәаб кынхалар ҟалаӡом. Иара аныҳәара ианаамҭоу имҩаҧугароуп. Шьхалбаан ашьҭахь, быӷькаҧсан азоуп ҳара ианыҟаҳҵо. Макьанагьы аамҭа ыҟоуп, ихьшәаӡам", — ҳәа ҳалҳәеит ақәаб кныхра аныҳәара сынтәа издыз, Оҭҳара ақыҭан инхо Мимоза Гәынба-Аиба. – "Сынтәа изду ҳара ҳауп, аха иара ақәаб ахьыкнаҳау аиҳабы иҩнаҭаҟноуп, уаҟоуп иахьахныҳәо (Аираа рыҩнаҭаҟны. – Е. Ҭ.) Ааигәа, уа аҧсра ҟалеит азы аныҳәара иахган. Аха иахьцалак иҟаҵатәны иҳадуп, икынхалар ҟалаӡом."

Мимоза Гәынба-Аиба ҳара иаҳлырбеит лара лхаҭагьы аҩны иҵәахны илымоу акыр шықәса зхыҵуа ақәаб хәыҷқәа ҩба.

"Арҭ заҟа шықәса рхыҵуа сеидру, маҷ рхыҵуама, ара са санаанагазгьы иҟан, ахәыҷқәа рабдугьы ихаануп, сара сабхәа. Абас акы алаҟасҵоит, ак нҭасҵоит-егьиуеит. Иажәит, аха акажьра рыцҳасшьоит", — лҳәоит лара.

Ақәаб иара аҵакала жәлар рҳәамҭақәа рҟны амагиатә ҵакы змоу, атрансформациа зыхҭысуа маҭәарны иаарҧшуп. Ҿырҧштәыс иааҳгозар, алакәқәа рҟны ақәаб аҟны еилашуаз аӡы (ахш) инҭаҧалаз аҷкәын рыцҳа дарҧыс заманаха дааҭыҵит. Акельтцәа рфольклор аҟны ақәаб аарҧшуп аҧсҭазаара иашьагәыҭу символны, уи аҿиареи аиҭаҿиареи ирдыргоуп, иара убри аангьы аҧсҭазаареи аҧсреи еиманадоит. Аӡы араҟа "наҟтәи" адунеиахь аиасреи ҿыц аиҭаиреи рсимвол арӷәӷәоит. Ари иугәаланаршәоит аҧсуаа рмифологиатә жәабжьқәа рсиужет: Ӡызлан ахәыҷы (аиҵыбӡа) амца еилашуа иахакнаҳаз ақәаб дҭажьны дбылны дықәҵны лцара. – Ҧсрала ҿыц аира – аҧсабара зегь аҿиара.

Новорожденный ребенок с матерью - Sputnik Аҧсны
Раԥхьатәи анапхыц, раԥхьатәи ахаԥыц: ахәыҷы шықәсык ихыҵаанӡа имҩаԥырго ақьабзқәа

Иазгәаҭатәуп, иара ақәаб акныхра анымҩаҧыргогьы, аритуалтә фатәы иара аҟны ишыҟарҵо.

"Ажьрацәара зегь еизоит, абра инагылоит, ақәаб ааган идыргылоит, аиҳабы дахныҳәоит. Абри ашьтәа иушьуа акәац хынтә ақәаб иҭажәны иҭугароуп, хынтә иҭаужәуеит."

Иахьатәи ҳаамҭазы ас еиҧш аныҳәара мҩаҧызго рыҧшаара уадаҩуп. Ҳара иаҳаҧшааз аҭаацәа есышықәса ари аныҳәара мҩаҧыргон, аха сынтәа рыҩнаҭаҿы иҟалаз агәаҟра аҟынтәи, уи ахыргеит. Дара аҧшәмацәагьы ҳрыҿцәажәеит, аха ргәы ахьалаҟам азы ара иаҳарбом. Акзаҵәык иацаҳҵар иаҳҭаху, аҧшәмаҧҳәыс ишҳалҳәаз ала, убас аибашьра ашьҭахьгьы акыраамҭа икынхалан иҟалан аҧхыӡ збо салагеит лҳәеит "мама, изыкныбымхуеи" ҳәа.

© Фото : Есма ҬодуаԥҳаАқәаб акныхра - ажьрацәара ныҳәара
Ақәаб акныхра - ажьрацәара ныҳәара - Sputnik Аҧсны
Ақәаб акныхра - ажьрацәара ныҳәара
Ажәабжьқәа зегьы
0