Хәажәкыра – ачгара ду аҵалара

© Sputnik / Томас ТхайцукАхәажәқәа
Ахәажәқәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ачгара ду аҵалараан аԥсуаа имҩаԥырго Хәажәкыра аныҳәа аҵаки акәама-ҵамақәеи дырзааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik
Ачгара ду раҧхьатәи амш азы аҧсуаа имҩаҧыргоит аҩнатә ҧстәқәа рынцәахәы Аиҭар изку аныҳәара. Абри аныҳәароуп даҽакала хәажәкыра ҳәа изышьҭоугьы ҳәа иҩуеит иусумҭақәа рҿы аетнограф Николаи Џьанашьиа. Ахәажәақәа ачгара иатәны ишыҟоу ала ашә ргәыламҵаӡакәа иҟарҵоит. Хәажәкыра ҩнаҭацыҧхьаӡа иазгәарҭоит, аҭаацәа рыцыҧхьаӡа хҧа-хҧа хәажәа ҟаҵаны, иара убас амра асахьеи амза асахьеи змоу ахәажәақәеи, алаҳәареи. Кәтол ақыҭа инхо Раиса Кәакәаа-Гәаланӡиа ишаҳзеиҭалҳәаз ала, лара ианыҟалҵо аҧхьа абарҭ ахҧа дрыхныҳәоит:

Кәтол ақыҭа Жәабран аныҳәа азгәаҭара - Sputnik Аҧсны
Жәабран: Аиҭар инцәахә ду – арахә ирхылаԥшу изку аныҳәара

"Жәабран, хәажәкыра – урҭ еицуп дара. Уи ахәажәақәа ацуп. Уи ахәажәақәа уманы абоураҿ унеины, аҧхьа унагыланы уныҳәоит. Ажә ахаҿы наҟ-ааҟ ацәашьқәа аркны сныҳәоит, ахәажәақәа зегь ҳацыҧхьаӡа ҟасҵоит, нас амра асахьа, амза асахьа, ала абзи. Ала абз ҳәа иҟоу, уигьы сахныҳәаны ала иасҭоит. Нас ауп ҳара ҳтәқәа рахь ҳаниасуа", - лҳәеит лара.

Уи ишҳалҳәаз ала, лыхшара, лмоҭацәа иақәымшәо аныҟалогьы урҭ рыхьӡалагьы ахәажәақәа ықәырҵоит. Ахәажәақәа руак арасаҵәы агәыларҵоит. Аҵыхәтәаны зегьы ианырфалак аҵәы зықәшәаз гәарҭоит. Аҵәы аҟәыд аҟынгьы иалаҳҵон ҳәа ҳалҳәеит лара, аха уажәы ҳаҟәыҵит ҳәа.

© Sputnik / Томас ТхайцукРаиса Кәакәаа-Гәаланӡиа
Хәажәкыра – ачгара ду аҵалара - Sputnik Аҧсны
Раиса Кәакәаа-Гәаланӡиа

Иазгәаҭатәуп, абжьыуаа рҟны аҵәы зықәшәо ачара изыруеит рҳәоит, шьтәоума, рбаӷьума, акы изыршьуеит. Бзыҧқәа рҟны акәзар, аҵәы зықәшәаз ихаҭа иоуп акы ашьа казҭәар акәу рҳәоит. Ашьакаҭәара, акәацфара аныҟарҵо амҽыша аухазы ауп, ачгара амш ааиаанӡа. Аишәа иадыргалогьы ачгара чыс ауп.

Цира Габния - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аетнолог: хәажәкыра ааԥынра ааира, аҿара, аԥсҭазаара ԥхьаҟа ацара иазкуп

Григори Чурсин иетнографиатә материалқәа рҟны ишиҩуа ала, амза акульт иаҳагьы ижәытәуп амра акульт аасҭагьы. Адгьыл ақәаарыхра знапы алаку аиҳарак аҧҳәыс шлакәу ала, амра аҧҳәыс лхаҿы иадыркылоит, уи илхылаҧшуеит ҳәа иҧхьаӡоуп. Убри аҟынтәи жәытәла хәажәкыра аныҳәа анымҩаҧыргоз аҧшәма ахаҵа амра асахьа змаз ахәажәа аашьҭыхны, аҩнаҭа аҳәса наиваргыланы дныҳәон: "Уара, Амра, Аиҭар инцәахә, ҳаӡӷабцәа урхылаҧш, ҳшьамаҟа еизырҳа" ҳәа. Амза акәзар, арахәааӡараҿы аҭыҧ ҷыда ааннакылоит, ауаҩы ицхраауеит урҭ уахынла рыхьчараҿы. Абрантәи иаауеит уи аҩнатә ҧстәқәа рынцәахәы Аиҭар иныҳәара иалаҵаны иахьаарҧшу ҳәа азгәаиҭоит аҵарауаҩ.

Ажәакала иуҳәозар, Амра аныҳәеи Амза аныҳәеи рышьҭақәа роуп иаадырҧшуа амреи амзеи рсахьа зманы иҟарҵо ахәажәақәа иахьатәи аныҳәараҿы. Анкьа ианныҳәоз ари аҽны амза асахьа змаз ахәажәагьы аанкыланы иныҳәон хазы ахацәа адгыланы: "Уара, Амза, Аиҭар инцәахә, ҳаҩнаҭа ахацәа урхылаҧш. Умч, улшара рыҭ! Ҳарахә-ҳашәахә еизырҳа. Зылаҧш цәгьоу рылақәа ҭых, зыбз цәгьоу – рыбзқәа. Уооцә, уооцә" ҳәа арахә дрыҧхьошәагьы ҟаиҵоит ҳәа иҩуан аетнограф Николаи Џьанашьиа. Иара ишиҳәо алагьы, хәажәкыра аныҳәара злахыркәшахо нымираҳ-лымираҳ – аҿар реинасыҧхара иазку анцәахәы изку ақьабз алоуп ҳәа. Аҿарацәа иҳанасыҧхара деилаҳкаауеит ҳәа иҧшуан. Иара ахәажәа иагәыларҵоз аҵәы – "анасҧаҵә" ахьӡын иҳәоит аҵарауаҩ. Иҟалап араҟа зыӡбахә имоу "анасыҧ-ҵәы акәзар".

Ҳара ҳзыҿцәажәаз Ека Ажьиба иаҳзеиҭалҳәеит данқәыҧшыз лҩызцәеи лареи уи шымҩаҧыргоз атәы.

"Ахәажәақәа аџьыкхыш агәылаҵаны иҟаҳҵон, убри ыфаны ауха аҵх алаф ҳәо кыр иаҳгон. Аӡы ужәыр ҟалаӡом, уи убас иуҵаауеит аӡба уакуеит, аха… Ауха уаныцәалак иунасыҧхараны иҟоу ҧхыӡла аӡы узааигоит рҳәон. Уи ҳаныцәоз ҳхаҿы ҵәыцак аӡы наганы иқәҳаргылон. Аха сара ус ҧхыӡ сымбеит. Алаф алаҳхуан ауп, ҳаччо-ҳахәмаруа аамҭа ҳхаҳгон. Амала иҟоуп ҧхыӡла сзыццараны иҟаз дызбеит зҳәогьы сара издырқәо рахьтә", - ҳәа ҳзеиҭалҳәеит уи.

Хәажәкыра аныҳәа алахҿыхра ацны имҩаҧысуеит иахьагьы иацәыӡыз, иканажьыз аҵасқәа шыҟоугьы. Ҭаацәашәала адагьы аусурҭа ҭыҧқәа рҟынгьы имҩаҧырго иахьалагаз ыҟоуп, есышықәса ус имҩаԥызго рхыԥхьаӡара иацлоит. Убас, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны хәба-фба шықәса раахыс афилологиатә факультет аҟны имҩаҧыргоит ари аныҳәа (егьырҭ афакультетқәа рхаҭарнакцәагьы алахәуп). Ахәажәҵәы зықәшәо иоуп уи амҩаҧгара здугьы. Аҵәы ҟарҵоит ахәажәа аҟын еиҧш, аҩы аҟынгьы.

Шамԥҳа еиҭалҳәеит избан ахәажә ҷыдала арасамаҵә загәыларҵо>>

Сынтәа ас еиҧш аныҳәа аицазгәаҭара еиҿыркааит Sputnik Аԥсны аусзуҩцәагьы. Аныҳәа иаҵоу арахә реизырҳара иазку аритуал иаҳа ахәмарра ҟазшьахьы ишиасуа гәауҭоит. Аха ахәмаррагьы иара аныҳәара иацын еснагь. Хәмаррала иаарҧшуп аҵәырсы (жәабран-мгьал злырхыз) ахәыҷқәа рықәҭәара, ахәажә ҵааны афара уҳәа. Арҭ зегьы дара рхатәы магиатә ҵакы шрыҵац иаанхоит ҳара уи гәаҳамҭозаргьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0