Аҽышьашьана: аҽқәа рааӡара иадҳәалоу ақьабзқәеи урҭ рныҳәареи

© Sputnik / Евгений Епанчинцев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАҽқәа
Аҽқәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Аҽы ҧсыр – адәы аҭынхоит, ауаҩы дыҧсыр – иажәа", - абас еиԥш хыԥхьаӡара рацәала аҽқәа ирызку ажәаԥҟа хьыршәыгәқәа рыла ибеиоуп аԥсуаа ражәаҳәа. Ҳажәлар рыҟны аҽқәа рааӡашьеи урҭ ҳаԥсҭазаашьаҟны ҵакыс наџьнатә аахыс ирымоуи уҳәа ртәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Ауаҩы ишьа злоу

Арахәааӡара иахкуп аҽааӡара. Анхаҩы изы аҽы ажәытә иамаз ароль лаҟәхьеит, аха уи иацу ақьабзқәа – аҽааӡара, аҽықәтәара, аҽымаҭәеи аҽыуаҩи ирыдҳәалоу иахьагьы иныҟәыргоит.

Кәтол ақыҭа Жәабран аныҳәа азгәаҭара - Sputnik Аҧсны
Жәабран: Аиҭар инцәахә ду – арахә ирхылаԥшу изку аныҳәара

Адунеи иқәынхо ажәларқәа реиҳараҩык аҽқәа абна илганы, ҩнатә ҧстәыс ианырҵо иалагеит аџьазтә епоха аан. Аҧсны аҽы анырҵо иалагеит II азқьышықәсазы ҳера ҟалаанӡа. Аҧсуаа рфольклор аҟны аҽы акульт аҭыҧ ду ааннакылоит. Уи "арашь" ҳәа азырҳәоит – амҵәыжәҩақәа зманы иҧыруа, ажәҩанахьгьы, адгьыл аҵахьгьы ацара-аара зылшо, ауаҩы ицәажәара заҳауа аҽы ҭоуӷан. Аҧсуа нарҭтә епос аҟны аҳәамҭақәа ишырҳәо ала, Сасрыҟәа иоуп аҧхьаӡа абнаҽы зыбжьаз. Уи Бзоу ҳәа хьӡыс измоу арашь иара даниуаз ициит рҳәоит.

Аҽы акульт шыӷәӷәоу агәра ҳзырго аҿырҧштәқәа иахьагьы иуҧылоит. Иаагозар, аҽхыбаҩ – амагиатә, адоуҳатә мчы аланы ирыҧхьаӡоит, аҵәҩан иахарҧаны ауҭреи амхырҭеи иаладыргылоит, алаҧш ацәыхьчаразы. Иара убас ашәхымс иқәырчаҧоит аҽеимаа, мамзаргьы агәашә, аҩны ашә ихыршьуеит. Абҷы зыхьуа иакәзар, ихәшәуп ҳәа аҽыхш идыржәуан.

Аҧсуаа аҽы, даҽа ҧстәык иаламҵакәа, пату ду ақәырҵоит. Уи ауаҩы ишьа алоуп ҳәа иҧхьаӡаны ажьы рфом. Иара убас уи ауаҩы ицәажәара амоуп ҳәа иршьоит. Џьоукгьы излахарҵо ала, аҽы аваҵарақәа ирылганы, аҩраҿы измырааҧсо "баҩ ҷыдак" алоуп.

Аҧсны ирацәоуп аҽы иадҳәалоу аҭыҧхьыӡқәагьы: Аҽгәара, Аҽышьха, Аҽымҩа, Аҽҩар уҳәа. Аҧсуаа ҳҟны иахьагьы ирҳәоит зҽы иаақәшәаны иҧсуа, иаргьы хир ибом ҳәа.

Иаҳгәалаҳаршәап: Нарҭ Сасрыҟәа иаӷацәа иҽы аниҵыршьаа ашьҭахь иаргьы рацәак ихдмырҵит, мамзаргьы: Абрыскьыл иаӷацәа иҵәырҵәыруа иҟаз ацәқәа рцәаӡақәа рыла агаҿа анхырҟьа, иҽы ашьхантәи даманы урҭ ацәақәа ианрықәҧала, ашьапқәа ықәҵәраан, изықәымгылеит. Уи ашьҭахь, иара икра иаҳа ирзымариахеит.

Изготовление сыра - Sputnik Аҧсны
"Асар рымҩашәа шәыҿиааит": Џьабран – аԥсаса рныҳәара

Ауаҩы мараҳә изы "аҽы хара имцо, ааигәа иузымкуа даҩызоуп" рҳәоит. Ибааҧсуи ибзиоуи анеиҿдырҧшуа акәзар, "аҽи аҽадеи раҟара рыбжьоуп" ҳәа иалацәажәоит. Иҽыжәырҵаз ауаҩы ишькыл зкыз "Ҽынасыҧ шәоуааит!" ҳәа реиҳәоит. Зыхә цәгьоу, ибзиоу акы ахә аныршьо, "ҽлашак иаҧсоуп". Ргәы ззыҧжәаз "Аҽы шьҭахьла иаазгаз" ҳәа иаҽҧнырҳәоит. Ажәакала, аҽы иадҳәалоу ажәаҧҟақәа даараӡа ирацәоуп, урҭ зегьы шьҭа иаҳа ауниверсалтә ҵакы шроухьоугьы.

Акырӡа иҭбаауп иара убас аҽы иадҳәалоу алексикагьы. Иаҳҳәап, аҽы еиуеиҧшым ақәрақәа рыла ахьӡ амоуп: аҽҵыс, арҟәыдтәы, абжьатә, амархәац, аихаҵхтәы. Мамзаргьы, аҧшшәқәа рыла: аҽыхәа, аҽыз, аҽеиқәа. Аҽымаҭәа акәзар, иамоуп ахьӡқәа хазы. Аҧҳәыси ахаҵеи рҽықәтәашьагь еиҧшым, урҭ рцәамаҭәагьы хазуп.

Ажәытә ауаҩы даныҧслак, иҽгьы ицыржуан. Аҽыбӷаҟаза дахьыҧсуа аҽықәыргылара ҟарҵоит. Азар ашәа рҳәоит – аҽыжәлараҿ ирҳәо ашәа. Арҭ ақьабзқәа иаадырҧшуеит ахаҵа дахьыҟазаалак ҽыда дышхәарҭам, аҽи ахаҵеи еицрыгашьа шрымам.

"Аҽышьашьана, ахәақәызҵа!.."

Аҧсуаа ҳҟны аҽқәа ирынцәахәны иҧхьаӡоуп Аҽышьашьана. Аҽы анырныҳәоз, уи иашьапкуан – "Аҽышьашьана, ахәақәызҵа!.." ҳәа иҩуан аҧсуаа рҽыбӷаҟазара ҭызҵаауаз аҭоурыхҭҵааҩ Гьаргь Амҷба.

Изготовление сыра - Sputnik Аҧсны
"Шьхацани шьхалбаани" – арахәааӡареи уи Анцәахәқәеи

Уи 1969 шықәсазы иҟаиҵаз анҵамҭа ишаҳәо ала, аҽыхьча, ма ауахьад змоу ианизгәаалак, иқәшәиуан "Аҽрынцәахәы уимыргәырӷьааит!" ҳәа. Аиакәым ҟазҵаз "Аҽышьашьана уигааит" ҳәа иршәилон. Аҽы ахьыҧсыз Аҽышьашьана гагаҵас инеиуеит ҳәагьы еиҭарҳәон.

Анкьа аҽныҳәарагьы хазы иҟарҵон, аха уи аныҳәара шьҭа имҩаҧырго убом. Аетнографиатә нҵамҭақәа ишаҳдырбо ала, аныҳәаҩ аҽы асахьа аҭаны иҟаҵаз акәакәар аанкыланы, анцәахәы диҳәон руахьад (аҽқәеи аҽадақәеи) аҿиара роурц.

Акыр азҿлымҳара амоуп ари аныҳәара иазку Шьаликәа Камкьиа идыррақәа. Уи ишиҩуа ала, аӡынразы аҽқәа ахьҭеи аҵааи иамкырц азы аҽҭрақәа ирҭакны ақьар, аҭәа рыҭаны иӷыҵыргон. Ааҧынра анааилак, рыҽҵарақәеи дареи неицҵаны, агаҿа иганы, иаурыжьуан.

Урҭ ашҭа иҭырцаанӡа, "аҧшәма аиҳабы аҽхырҧарҭаҿы иҽқәа ааидыҧхьаланы, асаара азна ақьари аҧши неилаҧсаны, аџьыкахыш наларҳәҳәаны, џьамкы хәыӡла ихырҩаҧшьаа инацҵаны, аишәа инықәыргыланы, "Абна алҧха-агәыҧха шәымазааит, атәым напы шәҟәыблаазааит, агыгшәыг шәцәыхаразааит, ишәзааигәахар, иласбақәазааит, хылҵ-ҧылҵла шәмарымажахааит" ҳәа дныҳәаны, дызхаҧхьаз ианыз аҽқәа ирызшаны ирҿеиҵон, ачаӷьа ззымфоз аҽҵарақәа ахәыӡ ҟьаны ирықәиҧсон".

Аҽыбӷаҟазара

Аҽышьашьана аныҳәара иахьа имҩаҧырымгозаргьы, аҽааӡареи аҽыбӷаҟазареи ажәытәан еиҧш, иахьагьы аҭыҧ ду ааннакылоит. Иуҳәозар, аҽыбӷаҟазара иазку аспорт хкы аҧсуаа ҳҟны егьырҭ аспорт хкқәа зегь раасҭа аҧыжәара амоуп. Аҽырхәмарра злам гәырӷьаратә ныҳәакгьы мҩаҧысуам. Аҽыҩҷкәынцәа ари ахкаҟны рҟазара аадырҧшуеит.

© Sputnik / Томас ТхайцукАрдон Гәаланӡиа
Аҽышьашьана: аҽқәа рааӡара иадҳәалоу ақьабзқәеи урҭ рныҳәареи - Sputnik Аҧсны
Ардон Гәаланӡиа

Кәтол ақыҭа инхо аҽыбӷаҟазаразы аспорт азҟаза Ардон Гәаланӡиа дхәыҷаахыс аҽықәтәара бзиа ибон. Иара дрылахәын хыҧхьаӡара рацәала аҽырхәмаррақәа. 1966 шықәсазы аспорт азҟаза ҳәа ахьӡгьы ихҵан.

"Аҽы пату ақәҵаны иныҟәугалароуп. Уи аҽымаҭәа: акәадыр, аӷәра, аҟәынақәа, ашькылеихақәа ҳәа иҟоуп, аҽеимаақәа. Абарҭ зегьы уацклаҧшлароуп. Аҽыҩ шазыҟауҵо еиҧш, аҽыҩҷкәынгьы дазыҟауҵоит. Сара уажәы абри смаҭа Инал аҽы абзиабара исыркын, убри даҿуп. Аҽырхәмаррақәа, аҽырыҩрақәа дрылахәуп. Уигьы есышықәса макьана даиааиуа даауеит. Абри есымша абрахь ақыҭахь даазгалоит, аҽырыҩрақәа ианрылаго аламҭалазы акы изышьны, акәакәарқәа ҟаҵаны, ишәара ацәашьы ҟаҵаны дысныҳәоит", - ҳәа имоҭа ииааирақәа дрылагәырӷьо, уи аҽырыҩра абзиабара шииркыз атәы ҳзеиҭеиҳәеит Ардон Гәаланӡиа.

© Foto / Ардон Гәаланӡиа иархивАрдон Гәаланӡиа аҽыбӷаҟазаразы аицлабраан иҭыхыз ифотосахьа
Ардон Гәаланӡиа аҽыбӷаҟазаразы аицлабраан иҭыхыз ифотосахьа - Sputnik Аҧсны
1/4
Ардон Гәаланӡиа аҽыбӷаҟазаразы аицлабраан иҭыхыз ифотосахьа
© Foto / Центр нартоведения и полевой фольклористикиНарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцент архив аҟынтәи аҽышькыл асахьа
Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцент архив аҟынтәи аҽышькыл асахьа - Sputnik Аҧсны
2/4
Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцент архив аҟынтәи аҽышькыл асахьа
© Foto / Центр нартоведения и полевой фольклористикиНарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцент архив аҟынтәи аҽеимаа асахьа
Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцент архив аҟынтәи аҽеимаа асахьа - Sputnik Аҧсны
3/4
Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцент архив аҟынтәи аҽеимаа асахьа
© Foto / Центр нартоведения и полевой фольклористикиНарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцент архив аҟынтәи аҽеимаа асахьа
Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцент архив аҟынтәи аҽеимаа асахьа - Sputnik Аҧсны
4/4
Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцент архив аҟынтәи аҽеимаа асахьа
1/4
Ардон Гәаланӡиа аҽыбӷаҟазаразы аицлабраан иҭыхыз ифотосахьа
2/4
Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцент архив аҟынтәи аҽышькыл асахьа
3/4
Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцент архив аҟынтәи аҽеимаа асахьа
4/4
Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцент архив аҟынтәи аҽеимаа асахьа

 

Аҽҟаза ишазгәеиҭо ала, аҽ бзиа злыҵуа аҽҵыс уаҩы идыруеит аиҿартәышьала, амаха-шьахала. Иахьа имҩаҧырго аҽырхәмаррақәа иреиуоуп: аҽырыҩра, аҧсуала аҽырхәмарра, аҽымпыл, аҵәыршәра, аҽыҳәҵәы. Аҧсуа қыҭақәа рҟны аҿарацәа аҽықәтәара абзиабара рыларааӡоит, иазыҟарҵоит, аха аспорт клубқәаҵәҟьа реиҿкааразы ацхыраара рҭахуп.

Акәтаӷь шҭәу еиԥш ашьхымзаҭра цхала иҭәааит: Анана – Гәында илыдҳәалоу ақьабзқәа

Аҽыбӷаҟазара аҧсуаа ршьа-рда ишалоу убоит.

Аҽықәтәара аҵак ду амоуп ачарақәа рҟны, аҽықәыргылара ақьабз аҧсрақәа рҟны акәзар – ихазуп. Хазы уазааҭгыларатәы иҟоуп аҧҳәыс лҽықәтәашьагьы, ашькылкра уҳәа ирацәаны. Арҭ зегьы идырҵабыргуеит аҽы аҧсуа итрадициаҟны иааннакыло аҭыҧ.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0