Аамҭа иагаз ақьабзқәа рызхьаара

© Sputnik  / Амедиаҵәахырҭахь аиасра137 шықәса зхыҵуа Хьфаф Лашәриаԥҳа аҿар ирымалдоит ҵҩа змам лыԥсҭазааратә ԥышәа
137 шықәса зхыҵуа Хьфаф Лашәриаԥҳа аҿар ирымалдоит ҵҩа змам лыԥсҭазааратә ԥышәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа жәытәнатә аахыс имҩаԥыргон еиуеиԥшым аныҳәарақәа, иныҟәыргон ақьабз бзиақәа. Иарбан ҵасқәоу иахьатәи аамҭаҟынӡа еиқәырханы иааҳгаз, зхашҭра ҳаҿу ыҟоума - абарҭ азҵаарақәа ирыдҳәалоу лгәалашәарақәеи лыгәҭахәыцрақәеи шәыдылгалоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа лматериал аҟны.

Иахьа уажәраанӡа иҟоуп еиқәырханы ҳауаажәлар имҩаԥырго ақьабзтә традициақәа, аха иҟоуп зымҩаԥгара иаҟәыҵхьоу, афольклористцәа русумҭақәа рҿы мацара иуԥыло. Ҳанхәыҷқәаз азҿлымҳара заҳҭоз акәны иҟан ацуныҳәа. Насыԥны, уи иахьагьы еиқәханы иҟоуп. Сара сызхаану аамҭазы ацуныҳәа иахьа иадыргало арыжәтәжәра ыҟамызт, аныҳәаҩ иааникылоз аҩеиқәаҵәа зҭаз аҵәца инаҷыданы.

Празднование одного из старейших праздников абхазов Ацуныҳәа в селе Дурипш - Sputnik Аҧсны
Ацуныҳәа: иацы, иахьа

Ҳара ҳҳабла ацуныҳәа азгәарҭон Дӷамшь аӡиас аԥшаҳәа азааигәара ишьҭаз Лаҳаш ҳәа изышьҭаз адәеиужь аҿы. Уаҟа игылан ҵла дук, убри амҵан аиаҵәара шьҭарҵон, ацуныҳәа иачысхәыз афатәгьы убра идырхион. Ашьтәа ршьуан, нас, ижәны ианалгалак, аныҳәаҩ агәаҵәа аҵәы иахаҵаны дахныҳәон, абысҭагьы хиан уи аамҭазы.

Ацуныҳәа ачанах адыргаломызт, ишьҭаз аиаҵәара иқәын досу рхәы. Уи адагьы, ацуныҳәа аныҟарҵоз аҽырыҩра, ампыл асра уҳәа еиуеиԥшым ахәмаррақәа мҩаԥыргон. Усҟан ацуныҳәа ашьҭахь ижәны зыҩныҟа игьежьуаз дсымбацызт. Аилгара маҷк шагыз, аҵәы иахаҵаны ажьыхәҭақәа зегьы иаҳзыршон.

"Асар рымҩашәа шәыҿиааит": Џьабран – аԥсаса рныҳәара>>

Усҟантәи аамҭазы имҩаԥыргоз ақьабзтә ныҳәақәа рахьтә акыр агьама змаз акәын Жәабран ныҳәа. Исгәалашәоит, ауаџьаҟ ҽҳәыԥссаны, сани сандуи жәабранӡра рҽаназдырхиоз. Схәыҷын аҟнытә, исызгәнымкылақәазгьы ыҟоуп ари ачыс архиара иацу амарҭҳәқәа ртәы, аха маҿак иаҟараз ажәабран ахаара уажәгьы агьамақәа гәнызкыло сыԥсабара иалоуп.

Кәтол ақыҭа Жәабран аныҳәа азгәаҭара - Sputnik Аҧсны
Жәабран: Аиҭар инцәахә ду – арахә ирхылаԥшу изку аныҳәара

Иаҳхысыз ашәышықәса 70-тәи ашықәсқәа ианырсакьаҳәымҭаз, иахьа ашәҟәаҿы мацара иаҳԥыло "Ӡиуауа" мҩаԥыргон. Санду Ҷаҷа Габлиаԥҳа джәытә ԥҳәысын, лара лакәын еиҳарак арҭ ақьабзқәа рымҩаԥгара напхгара азҭоз. Насгьы, нанду агәра лгон уи зегь хәарҭара шалаз, убри аҟнытә хымԥада иҟаҵалатәуп ҳәа дазхәыцуан.

Даараӡа илахҿыху қьабзтә усмҩаԥгатәны исгәалашәо иреиуоуп атеатртә елементқәа зцыз, аарҩара аныҟалоз аамҭазы "Ӡиуауа" аныҟаҳҵоз. Ҳара Бзана аӡиас ахықәан ҳанхон, саб игәараҭаҿоуп уи аӡыхь ахы ахьыҵнахуа, убри аҟынтә "Ӡиуауа" амҩаԥгаразы хара ицатәымызт. Ҳакәша-мыкәша ахәыҷқәа рацәаҩын, ари амҩаԥгатә гәахәарыла рҽаладырхәуан.

Лабак шьҭыхны, касыжәк, ма даҽа кьантыжәк нахарԥаны, ахәыҷқәа раԥхьа снагылон. "Ӡиуауа, ӡиуауа, ӡариқәақәа маркылдышь, аҳ иԥҳа дӡышоит, аҳ иԥҳа дӡышоит, ӡы хәыҷык, ӡы хәыҷык, хәыҷык азы даҳзыҭиуам, дук азыҳәа даҳҭиуеит" ҳәа  нанду ахәыҷқәа иаҳлырҵаз ашәа ҳәо, агәарабжьара ҳныбжьысны, Бзана аганахь ҳҿынаҳхон, нас "Ӡиуауа аӡы дналажьны", ҳазхара аӡы еиқәҭәаны, ҳгьежьуан. Ари анымҩаԥаагоз, адуцәа рҟынтәи нанду заҵәык лакәын иҳашьҭагыланы инеиуаз.

Приготовление абысты. - Sputnik Аҧсны
"Ахнышьыр аҵгара", мамзаргьы аԥсуа хәышҭааразы азгәаҭақәак

СССР иасакьаҳәымҭамзи, ажәытәра иагахьоу акакәны иԥхьаӡаны ӡыргара дук амамызт "Ӡиуауа", убри аҟнытә, нанду лхатә традициақәа дрықәныҟәо ҳара ахәыҷқәа хәмарра ҳасабла иаҳлырҟаҵон. Шықәсык аарҩара ҳақәнахуа ианалага, нанду "Ӡиуауа" ҳлырҟаҵеит аарҩара аԥырызхуа акакәны иԥхьаӡаны, уи иабзоуразу, иабзоурамзу здырхуада, аха ауха ақәаршҩы дәықәлеит. Ус ианыҟала, нанду имҩаԥылгоз саргьы агәра зго салагеит. Санду лдунеи лыԥсахит 80-тәи ашықәс азы, уи ашьҭахь, ари аҩыза ақьабзтә традициа ҳҳаблаҿы аӡәы имҩаԥигогьы сгәалашәом.

Санду лыбзоурала игәныскылаз аус аибашьра ашьҭахь схаҭа аԥсҭазаараҿы ахархәара асҭеит.

Крещение в Богородицком Житенном женском монастыре в Осташкове - Sputnik Аҧсны
"Ҷфу", "ҷфу", "ҷфу": аҭәҳәақәа рыгәра шызгаз

Аҟәа агәаны ҳахьынхо шықәса 20 раԥхьа ахәыҷқәа рацәаҩын. Убасҟан ԥхнык азы аарҩара ҵысит, ашоура бааԥсгьы ҟалеит. Гәылас дсыман Фируза Чамагәуаԥҳа. Ас адунеи ҿажәкуа ианалага, снеит сгәыла лҿы "Ӡиуауа" аиҿкаараҿы адгылара сылҭарц. Лара дақәшаҳаҭхеит. Ахәыҷқәа ааизызган, идсырҵеит санду ислырҵахьаз ашәа "Ӡиуауа, ӡиуауа, ӡариқәақәа маркылдышь…". Ашьҭахь, алаба амаҭәа нахарԥаны, ҳцәаҳа "Ӡиуауа" ҳаманы, Дбар имҩа инанарышәланы, амшын аганахь ҳҿынаҳхеит. Амҩан ҳазбоз ҳџьаршьон, аԥсшьаҩцәагьы аҭыԥантәиқәагьы азҵаауан имҩаԥаҳгоз закәу. "Ӡиуауа амшын данаҳҭа", ҳхәыҷқәагьы ҳаргьы амшын ӡы ҳаҽҭшьны, аӡеиқәҭәа ҟаҵаны, ҳаҩныҟа ҳааит. Ауха, ирацәамзаргьы, ақәа леит, ахәыҷқәагьы ари ахҭыс даара иџьаршьеит.

Долгожители из абхазского села Джерда - Sputnik Аҧсны
Илиа Ашәба: жәытәрада аҿатә агьама ацәыӡуеит

"Ӡиуауа" адагьы, сгәалашәараҿы ибзианы инхеит ҳакәтқәа анхымлалак, санду ислырҟаҵоз аусмҩаԥгатә. Ишысҳәахьоу еиԥш, Бзана аӡиас ҳаҩнашьҭахь ииасуеит, ҳгәылацәа Санӡаақәеи ҳареи аӡы ҳабжьысуан, уаҟа ихын ацҳа хәыҷы. Нанду акәытқәа анхымлалак цәгьа даргәамҵуан, нас сыргәыбзыӷны, ислырҟаҵон уи иахәоит ҳәа илыԥхьаӡоз ақьабз. Схы ахчы ықәҵаны, ацҳа снықәсны агәылара сцар акәын абас еиԥш иҟаз ашәа ҳәо: "Сыкәты хымлеит, сыхҵәароуп, сыкәты хымлеит, сыхҵәароуп". Сара ари даара исгәаԥхон атеатртә хәмарра иахьеиԥшызи, иара инаҿыҵганы, агәыларагьы хәмарра саахьаангылоз азгьы.

Санцоз нанду исышьҭалҳәон "ацҳа бырны агәылара баннеилак, быхчы уа иныжьны баа" ҳәа. Нанду лгәаанагарала, ихымлаз акәытқәа аԥшәма ихчы ихы иқәҵаны "сыкәты хымлеит, сыхҵәароуп" ҳәа дышцо рбар, рыԥшәма иаанижьыр ҳәа ишәаны ихылон.

"Ашә тазыла, ахарҵәы мчы": акамбашьқәа рныҳәара Мқамгариа ихьӡала>>

Уанхәыҷу усҟақәак урызхәыцуам, убри аҟынтә, сгәалашәараҿы инхаз инарҷыданы, акгьы анысҵомызт. Исгәалашәоит, нанду еиуеиԥшым аҭәҳәақәа шыҟалҵоз, иара убас, лара аблыхәшәгьы ҟалҵон.

Давид Дасания - Sputnik Аҧсны
Арадио
Дасаниа: ҳҵас, ҳқьабз аҭҵааразы иаҳзыԥҵәоу аамҭа маҷуп, ҳагәжәажәароуп

Аблыхәшә ахәыҷқәа роуп издыржәуаз, еиҳарак аҷқәынцәа. Ирлас-ырлас ҳгәашә иаалагылон аблыхәшә зҭахыз, нас нанду Ҷаҷал абнахь сылгон уи злырхуаз аҵиаа аԥшааразы. Абнараҿы аиаҵәара рацәан, излалдыруаз сыздыруам, аха зқьы хкы ирыллыԥшаауан, адгьыл рацәак иқәмыҳәҳәоз, зыбӷьқәа думыз адәыкрын иаҟараз аҵиаа. Уи ыҵхны ианаалгалак, илыӡәӡәон, нас аиҵарԥхьа ҟалҵон, аӡәгьы имырбаӡакәа.

Аҿҳәара ирылҭоз инақәыршәаны, ахәшә иашьҭаланы иаауан иззыҟалҵаз, аха абраҟа иазгәаҭатәуп, сара сзы аинтерес ду шацыз нанду илырҭоз ахьаҷаҷ. Абнарахьы слыцны сахьцоз азы, хьаҷаҷс илырҭаз ԥаразар, сара исылҭон. Иҟан ахьаҷаҷ аҳасабала ус ҳамҭак анылзааргозгьы.

Ажьамкреи ашьапныҳәеи: ахәыҷы игәабзиара иазку ақьабзқәа>>

Иахьа еиуеиԥшым атехнологиақәа адунеи анрымҽханакуа, схәыҷра иадҳәалаз ақьабзқәа еиҳагьы ихарахоит, инхогьы акыр рҽырыԥсахуеит. Адунеи былгьа иаанаго зегь ҳара ҳзы ихәарҭоума, ақьабз бзиақәа рхаҿра еицамккәа реиқәырхара ҳара егьырҭ амилаҭқәа ҳазлареиԥшым акәгәышьоуп, ҳахшыҩ ишахәҭоу иазаҳашьҭыр.

Ажәабжьқәа зегьы
0