Аԥхын алԥха, мамзаргьы акәырбан

© Sputnik / Томас ТхайцукАчаҳаржәқәеи, ацхеи, ахырҵәи
Ачаҳаржәқәеи, ацхеи, ахырҵәи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рашәара 8, ахәашаҽны, Оҭҳара ақыҭан инхо ԥшьы-ҭӡык имҩаԥыргеит аҳәсеи ахәыҷқәеи злахәыз аԥхын алԥха ҳәа хьӡыс измоу Амра аныҳәа. Уи амҩаԥысшьа атәы ҳадылгалоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Аԥсуа жәлар рамзар аҿы иаҳԥылоит ашықәс аамҭақәа реиҭныԥсахлара иазку аныҳәарақәа. Аамҭацыԥхьаӡа иара ахәы арҭоит: ус иҟоуп ҭагалан, аӡын, ааԥын. Убас иаԥылоит ныҳәарала аԥхын ааирагьы.

Празднование одного из старейших праздников абхазов Ацуныҳәа в селе Дурипш - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа жәлар рамзар

Аԥхын ааира иазку аныҳәа есышықәсеиԥш сынтәагьы имҩаԥыргеит Оҭҳара ақыҭа инхо Аираа рҭацацәа ԥшьы-ҭӡык еилаланы. Дара ишырҳәо ала, уаанӡа ари ақьабз мҩаԥызгоз иаҳа еиҳан, аха, ишааиуаз, иаҟәыҵуа иалагеит, зны џьоук алалоит, зны иалҵуеит.

Сынтәа нахысгьы даҽа ҭӡык рхы аладырхәырц рыӡбеит, уажәы урҭ сасцәаҵас иаҭан, ҳаԥхьа хәы-ҭӡык еицымҩаԥырго иҟалоит. Аныҳәара инеимда-ааимдо ҭӡы-ҭӡыла ирыдуп. Ари ашықәс азы аныҳәара мҩаԥылгеит Зита Қаԥшьԥҳа.

Акәакәарқәа, ацәашьы: аԥсуаа имҩаԥырго аныҳәарақәа ирызку згәаҭақәак>>

"Ара ааигәа-сигәа ҳа ҳада ари аныҳәа аӡәгьы иҟаиҵаӡом, иаҟәыҵхьеит, ус егьырҭ ақыҭақәа рҿгьы иҟазҵо ыҟоуп. Абри абас аԥхын алԥха ҳәа акәырбан ҟаҳҵоит. Амра ԥхома, ақәа леиуама, зегьы ҳзыбзиахо ҳәа ҳныҳәоит. Иара (Анцәа – Е. Ҭ.) ихааны, иԥшӡаны ҳашныҟәиго еиԥш, ҳаргьы ихааны иныҟәаҳгоит. Ҳазегьы, Аԥсны иқәынхо зегьы аныҳәақәа рылԥха ҳаманы, аныҳәақәа рыда хьаа ҳамамкәа, Анцәа илԥха ҳаманы, зегьы ԥшӡахо, ихаахо, убас Анцәа ҳҟаиҵааит", - ҳәа раԥхьа иныҳәогьы аныҳәара ахьымҩаԥысуа аԥшәма лоуп. Нас егьырҭгьы "Амин!" ацҳәаны, инеимда-ааимдо иныҳәоит.

Иазгәаҭатәуп ари аныҳәараҿы изыхныҳәо арыжәтә шакәым, урҭ ианныҳәо иааныркыло ацха-ӡҩа, ма ахарҵәы-ӡҩа ауп. Аԥхын алԥха ҳәа, мамзаргьы акәырбан ҳәа ззырҳәо ари аныҳәара иалахәу аҳәсеи ахәыҷқәеи роуп, ахацәа уи рҽаладырхәӡом. Иҟалоит ахацәа рықәшәар, иаарықәныҳәаргьы, аха иара ақьабз амҩаԥгара ахаҭа иалахәӡам.

Акәырбан – аҿаҭахьа шрықәырҵои, уи анагӡашьеи ирызку зҵаарақәак>>l

Ари аныҳәараҿы иадыргало ахаа-мыхаа злоу ачыс ауп. Хадаратәла ара иҟарҵоит ачааҿақәа ихырҷаны, ачаҳаржәқәа, аилаџь, ахарҵәы, ацха. Иара убас шьҭа аишәа иқәырҵоит ҳаамҭазтәи ачыс хаақәагьы. Аныҳәара мҩаԥыргоит ахәашала, шарԥазы, мамзаргьы шьыбжьаанӡа, шәшьырак аҿы аҵлақәа рымҵан аишәа наргыланы, мрагыларахь рхы рханы иныҳәоит.

"Амра ԥхома, ақәа леиуама, иаҳзыбзиахо, адгьыл ҳа ҳзы ихаахо", - абарҭ ажәақәа рҳәоит иныҳәо зегьы. Ишаҳбарҭахо ала, ари аныҳәарагьы адгьылқәаарыхра иазку аныҳәақәа рцикл иаҵанакуеит уҳәар ауеит.

Амра агылара - Sputnik Аҧсны
Аҵхи амши реиҟарара – амра агылара иазку аныҳәа

"Нас аԥхын зны амра ӷәӷәаны ишуеит, зны ақәаршҩы леир ауеит, адыд-амацәыс адыруеит, абри аԥхын алԥха ҳаманы, иаҳзыбзиахо, ҳаарыхрақәа ирзыбзиахо, ҳшәыр хаахо ҳәа акәырбан ҟаҳҵоит. Иаҳзымдыруагь ыҟазар акәхап, иаҳзымдыруа Анцәа ҳаҭаумҵан", - лҳәоит ари ақьабз иалахәу Лиуда Ажьиԥҳа.

Анхацәа ишырҳәо ала, рашәарамзазы аҵхқәа ԥхазар, аарыхрақәа бзиахоит. Ари амза амшқәа зеиԥшрахо еиҧш ауп ҭагалантәи аарыхрақәа ишырныԥшуагьы ҳәа азгәарҭоит дара.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0