Аҩ иаҩуеит, ах иахуеит, аԥсҭа гәаҩа иҭанаԥсоит: алу анцәахәы Саунау иазку ақьабз

© Foto / предоставлено Эсмой ТодуаАлу
Алу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа иҳадылгалоит алу анцәахәы Саунау иазку ақьабз азы адыррақәа.

Ахатә ритм змаз алу ашәа

Наџьнатә аахыс аԥсуаа рџьаус арманшәаларазы, уи алҵшәа бзиахаразы еиуеиҧшым анцәахәқәа дрымҵаныҳәон. Ажәлар рус иацназгоз аџьашәақәагьы аԥҵаны ирыман. Урҭ иреиуоуп "Алу ашәа", "Аҽагашәа", ақәҵареи асреи раан ирҳәоз ашәақәа уҳәа егьырҭгьы. Арҭ ашәақәа хазы иахьанҵоу адагьы, Нарҭаа репос аҟынгьы иалкаау аҭыԥ рымоуп.

Кәтол ақыҭа Жәабран аныҳәа азгәаҭара - Sputnik Аҧсны
Жәабран: Аиҭар инцәахә ду – арахә ирхылаԥшу изку аныҳәара

Иаҳҳәап, Нарҭаа ран Саҭанеи Гәашьа асра данаҿу илҳәо ашәа, мамзаргьы Сасрыҟәа иабхәараа Аиргьаа раҳҭыԥҳәыс алаҳәараҿы напыла алу ыргьежьуа ахәыӡ аныллаго илҳәоит алу ашәа "Саунау":

"Саунау, Саунау,
Сақә сапыншәа иалагоит,
Џьамхыла ибысҭоит,
Саарахыла ибымсхуеит.
Уаа, улага, улага,
Сақә сапыншәа улага,
Аҩ иаҩуеит, ах иахуеит,
Аԥсҭа-гәара иҭанаԥсоит" (Инал-иԥа, ШЬаҟрыл, Шьынқәба еиқәдыршәаз "Нарҭ Сасрыҟәеи 99-ҩык иара иашьцәеи" аҟынтәи).

Џьоукы Саунау дыԥҳәысуп рҳәоит, даҽа џьоукы дхаҵоуп ҳәа. Аха иара ашәа лымкаала иназыгӡоз аҭыԥҳацәа ракәын анапыла алу аҿы ианылагоз (ача, аԥш). Ҷыдала алагарагьы зусыз аԥҳәыс лакәын. Напыла алагара имариамыз усын, иуадаҩын. Ари аусхкы анагӡара ахатә ритм аман, даҽакы иаламҩашьоз, уи ашәагьы аус аритм иақәшәо иаԥҵан.

"Џаџа – ҳуҭра рџаџа, ҳамхы рџаџа!">>

Алаҳәара ахныҳәара

Алу анцәахәы аӡбахә здыруа аиҳабыратә абиԥараҟынгьы акыр имаҷхахьеит. Уи иазкны имҩаԥыргоз ақьабз имҩаԥыргозу, имҩаԥырымгозугьы зынӡа иҳаздыруам, аетнографиатә нҵамҭақәа рҟынгьы иуԥылаӡом. Аха уи иазкыз аныҳәарагьы хаз ҷыдала ианымҩаԥыргоз ыҟан уҳәаратәы иҟоуп.

© Foto / предоставлено Эсмой ТодуаАбарақьаҭра иасимволны аԥацхақәа, ацақәа, аказармақәа рҟны алаԥҟьақәа кназҳақәо аҭаацәарақәа ыҟоуп.
Аҩ иаҩуеит, ах иахуеит, аԥсҭа гәаҩа иҭанаԥсоит: алу анцәахәы Саунау иазку ақьабз - Sputnik Аҧсны
Абарақьаҭра иасимволны аԥацхақәа, ацақәа, аказармақәа рҟны алаԥҟьақәа кназҳақәо аҭаацәарақәа ыҟоуп.

Ус еиԥш агәаанагара ҳазҭо иреиуоуп Аиҭар-ныҳәаз хәажәкыра иалакны иара иазкыз ахәажәа ҟаҵаны иахьахныҳәоз. Хәажәкыраан амреи, амзеи, ала ахи (абз) ахьыҟарҵоз рнаҩсгьы, аҳампалқәа руак алаҳәара – аши абысҭеи ахьырыҳәҳәоз, иахьырҭәаҭәоз асахьа аҭаны, иргәаҩаны, аклакәытқәа ахаҵаны иҟарҵон. Зегь раԥхьаӡагьы абри алаҳәара акәын аныҳәаҩ дзыхныҳәозгьы, нас егьырҭ аҳампалқәа.

Аиҭар иаҵанакуа Жәабран ныҳәазы ҳара ҳазҭаз Кәтол Гәаланӡиаа рҭаацәара иаҳдырбеит дара ирызгылоу акыр зхыҵуа аӡыӡлагара, хазы ишьҭаҵаны ирымоуп уажәшьҭа хархәара зырымҭо алуқәагьы.

© Foto / предоставлено Эсмой ТодуаИахьатәи аамҭазы хархәара змам алуқәа
Аҩ иаҩуеит, ах иахуеит, аԥсҭа гәаҩа иҭанаԥсоит: алу анцәахәы Саунау иазку ақьабз - Sputnik Аҧсны
Иахьатәи аамҭазы хархәара змам алуқәа

Ахра Гәаланӡиа уи аҭоурых ҳзеиҭаҳәо, иаҳирбеит:

"Абри аӡыӡлагара ҟаҳҵаанӡа, ҳаныхәыҷқәаз, ҳан абарҭ алуқәа рыла напыла иллагон. Алуқәа еихаҵаны, рыгәҭа кылҵәаны аԥш ахьҭарыԥсоз, руак аган аҿы алаба аҭаны иҟан, изладыргьежьуаз. Нас аӡыӡлагара ҳаргылеит, абри ҳҳабла зегьы абрахь алагара иаауан. Аибашьраангьы аӡы анзымлеиуазгьы (нас уигь ҟауҵароуп аӡы атрубақәа рыла ицо ирыцқьаны), абри напыла алу ала илаганы абысҭа луан", - ҳәа ҳаиҳәеит иара.

Напыла алу ацымхәрас аӡлагара, афымцаӡлагара аныҟала, алу ашәагьы уи анцәахәгьы рхашҭуа иалагеит. Аха уи амаҭәахә иахьагьы зыҩнаҭақәа рҟны еиқәырханы измоу маҷҩым.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0