Анаԥреи агырӡныҳәеи: ачымазарақәа раанкыларазы имҩаԥырго аныҳәара

© Sputnik / Томас ТхайцукАныҳәара
Аныҳәара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа иаԥырҵеит еиуеиԥшым ачымазарақәа рынцәахәқәеи рныҳәареи. Урҭ иреиуоу анаԥреи агырӡныҳәеи рымҩаԥгашьа атәы шәыдылгалоит Есма Ҭодуаԥҳа.

Анаԥра

"Ҳцәа иалоу ҳзыбзиахааит" рҳәоит ауаҩы гәамбзиарак даргәамҵуа даналагалак. Аӡәы инапала дхәыҷума, ддуума хәшәыбыӷьшәык анииржәуагьы, "хәарҭас иуоуааит", мамзаргьы "иузыхәшәхааит" ҳәа дақәныҳәан ииҭоит. Ауаҩы игәабзиара шьақәзыргыло иара иҩнуҵҟатәи ицәанырреи уи иациҵо ихшыҩи роуп. Уи иазыҟазаашьа аҵыхәтәантәи аҭыԥ шааннамкыло азгәарҭоит аҳақьымцәагьы. Убри аҟнытә, иаҳҳәар ауеит машәырны иҟамлеит ҳәа аԥсуаа еиуеиԥшым ачымазарақәа рынцәахәқәеи рныҳәареи ахьаԥырҵаз. Ари иаҵоуп ауаҩы ипсихологиатә, иемоциатә дкылара, идунеихәаԥшра.

Ақәаб акныхра - ажьрацәара ныҳәара - Sputnik Аҧсны
Анцәаҳәа, Анцәарныҳәара, Хыхь иҟоу - абшьҭра иатәу аҩнаҭа рныҳәа

Анаԥра – ари амгәа хьаа иазку ныҳәароуп. Иара даара злеишәа цәгьоу нцәахәуп ҳәа ирыԥхьаӡон. Ауаҩы амгәа хьаа даргәамҵуа даналагалак, Анаԥра ихарахеит рҳәон. Уи ихыргарц азынгьы аҿаҭахьа рықәырҵон абас еиԥш: аӡахәа рқьақьа игьежьны иааҟаҵаны, аныҳәаҩ ачымазаҩ хынтә ихигон. Анаԥра зқәу дхаҵазаргьы, дыԥҳәысзаргьы ҟалон. Ачымазаҩ дырныҳәаразы иара иазкны аҟәбар хәыҷы аархәон. Аҵарауаҩ Сергеи Зыхәба ишазгәаиҭоз ала, ажәытәан аҿаҭахьа анрықәырҵоз, аныҳәаҩ жәаба, жәохә капеи ицо араӡын ԥареи манаҭки ачымазаҩ ихы иакәихшон. Нас уи аӡахәа рқьақьеи жәаба, жәохә капеи ицоз араӡын ԥареи рҵәахуан аҩцараҿы ачымазаҩ дызларныҳәашаз аҟәбар аахәаразы. Егьи манаҭк ауаса шьтәа аахәаразы ачымазаҩ дахьышьҭаз ихаҿы ирҵәахуан. Ачымазаҩ даныбзиахалак, ауаса шьтәа шьны, акәакәарқәа ҟаҵаны, аҩцараҿы инаргон, убраҵәҟьа анышә иҵарҵон аҟәбаргьы. Уи нахыс есышықәса Анаԥра ахьӡала убри аҟәбар аҩы ҭарҭәон.

Ашәҟәыҩҩы Баграт Шьынқәба иеизга "Ахьырҵәаҵәа" аҟны Џьарымхан Адлеиба-Шьынқәба илҳәамҭаны 1945 шықәсазы иҟаиҵаз анҵамҭа ишаҳәо ала, Анаԥра чахәажәала акәын ишахныҳәоз. Аҳаԥшьа ахылмыӷә иаҟароу ачамгьал ӡны, ацәа-цәашьгьы нацҵаны идыркуан. Ихала днеины дныҳәон: "Анаԥра, улыԥха сыҭ, угәыԥха сыҭ!" ҳәа. Егьырҭ ирԥырхагахар ҳәа ишәаны ааигәа инеиуамызт, уи аҩгьы ржәуамызт.

Аетнограф Николаи Џьанашьа иҩуеит Анаԥра ахьӡала есышықәса аныҳәара зҭахым абнахь ицаны иныҳәон ҳәа, иара убра ҵлак аҿы иҳаракны арахәыц ҟаԥшь аҵданы аԥырԥита (дощечка-планка. – Н. Џьанашьиа) хыршьуан. Уи нахыс Анаԥра имҵаныҳәара иаҟәыҵуан.

Ачаҳаржәқәеи, ацхеи, ахырҵәи - Sputnik Аҧсны
Аԥхын алԥха, мамзаргьы акәырбан

Анаԥра ҳәа ахьӡ змоу Аԥсны атопонимқәа маҷым. Урҭ иреиуоуп Блабырхәа ақыҭа Наԥра ихәы ҳәа хьӡыс измоу аҭыԥ, иара убас иҟоуп Наԥра ҳәа ашьха ахҿа ахьықәырҵо. Ари ашьха иԥшьоу акы акәны иԥхьаӡан. Амҩасыҩцәа уи ашьапаҿы ахҿа, ма ахы, мамзаргьы аԥара ҿырп аанрыжьуан рымҩа маншәалахаразы.

Агырӡныҳәа

Ныҳәарала ахьаа ихыргон ахыхь бааԥс ҵганы измаз ауаҩгьы – уи агырӡныҳәа ахьӡын. Ари аныҳәарагьы ахацәа, аҳәса ҳәа еилых амаӡам. Аныҳәаҩ, мамзаргьы аҩнаҭа аиҳабы арцына аакны, аика хиҵәон, уи ашьа иалҵуаз ачымазаҩ илахь иахьыршьуан, арцына ахаҭа наҟ иноурыжьуан. Мызкы аҟара анҵлак ашьҭахь зика хырҵәаз арцына шьны, ачашә, ацәашьы ҟаҵаны иныҳәон.

Ҳаицәажәараан Оҭҳара ақыҭан инхо Оҭар Аиба игәалашәеит абас еиԥш иҟаз аныҳәара иара даныхәыҷыз ишизыҟарҵаз:

"Саныхәыҷыз схы лассы-ласс исыхьуан, ахыхь бааԥс сыман. Сан арбаӷь еиқәаҵәа аика хҵәаны ашьа сылахь иахьылшьын, иноулыжьит. Еиқәаҵәазар иаҳа иухәоит рҳәон. Иара иагьсыхәаҵәҟьеит. Уи нахыс иахьагьы ахыхь захьӡу сыздырам", - иҳәеит.

© Foto / из личного архива Отара АйбаОҭар Аиба ашәарыцараан
Анаԥреи агырӡныҳәеи: ачымазарақәа раанкыларазы имҩаԥырго аныҳәара - Sputnik Аҧсны
Оҭар Аиба ашәарыцараан

Џьоукы ишеиҭарҳәо ала, арбаӷь ҿнаҭаанӡа иукыр бзиоуп рҳәоит иззыҟаиҵо рзы. "Абри ихьаа-баа ихыхны, абри иахьсырԥшуеит, Агырӡныҳәа улԥха иҭ, угәыԥха иҭ! Ихы иумырхьын, иԥынҵа умыршьан!" - ҳәа ихы инакәыхшаны, аика хҵәаны иаурышьҭуан. Нас иаргьы аныршьлак ашьҭахь ачымазаҩ ихьаагьы цон.

Иазгәаҭатәуп арҭ аныҳәарақәа агәрагара шрыцу. Иныҳәогьы ирныҳәогьы абри шиашоу, ишрыхәаҵәҟьо ҳәа агәра ргон. Адунеи егьырҭ ажәларқәа (иаҳзааигәоугьы, иаҳцәыхароугьы) рҟынгьы имаҷым абас амагиатә ритуалқәа рыла ауаҩы ихьаа даҽа ԥстәык ахь, ма даҽа маҭәарк ахь ианиарго. Арҭ аритуалқәа ҳаамҭазгьы ахархәара ахьрымоу ыҟоуп ҳаамҭа иашьашәалоу даҽа маҭәарқәак рхархәаралагьы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0